АХҬЫСҚӘА

Аԥсуаа рхәыҷқәа шеиларҳәоз

Жәытә-натә аахыс аԥсуаа дара рмилаҭтә маҭәа ршәырҵон. Уи  амаҭәа аамҭала хымԥада аҽаԥсахуан. Адуцәа реиԥш, аԥсуа хәыҷқәагьы  иӡахны иршәырҵоз амаҭәа иаман иара ахатә ҷыдарақәа, иалкааны иара аформа.

Аӡӷабцәеи аҷкәынцәеи аҩни сасреи иршәырҵоз еиԥшымызт. Џьара ианыргоз, адуцәа реиԥш еиларҳәон, аха излеиԥшмызгьы маҷмызт. Аҷкәынцәа хәыҷқәа ирзыӡахны иршәырҵон акәымжәи акабеи, ирышьарҵон асахҭан еимаа ҟаԥшьқәа, ахҭырԥа ма ахылԥа рхарҵон. Аӡӷабцәагьы  формала  ранацәа рышәҵатәқәа акы ирҿыԥшны ирзырӡахуан. Аԥсуаа рхәыҷқәа ус ианеиларҳәоз аахыс рацәаӡакгьы ҵуам. Уажәгьы ирацәоуп уи аамҭа згәалашәо.

Уажәы зегьы  ашколқәа шәырҭоуп, аҵара шәҵоит, ашколтә формала шәҽеилашәҳәоит. Уи хымԥада иманшәалоу  маҭәоуп. Аха ишәхамышҭроуп  ажәытә  аԥсуаа иршәырҵоз амилаҭтә маҭәагьы. Избан акәзар, аԥсуаа знысхьоу  рҭоурых атәы зҳәақәо ируакуп урҭ . Ус анакәха, ажәытә аԥсуаа рхәыҷқәа реилаҳәашьа аформагьы каҳмыжьроуп, иаадыруазароуп. Ҳара  иаҳҭахуп, абраҟа убарҭ ахәыҷтәы маҭәа формақәа ҳрыхцәажәарц. Ахәыҷтәы маҭәа ҳәа абра зыӡбахә ҳҳәараны ҳаҟоу – жәаба-жәохә шықәса зхыҵуаз аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи иршәырҵоз роуп.

Раԥхьа иазгәаҭатәуп амаҭәа иршәырҵоз злырхуаз. Жәытә-натә аахыс аԥсуа ԥҳәыс ахахареи, асреи, аӡахреи дрызҟазан. Аԥсны абамба аарыхра иалагаанӡа, амаҭәа злырхуаз ақәны акәын. Ақәынлых иалырхуан акҿаҩра маҭәагьы,  ашәҵатәы маҭәагьы. Аш ҵаҟатәи маҭәас иршәырҵон, кәымжәыс ирӡахуан. Еиҳарак ишкәакәаз, мамзаргьы иҟаԥшьны, ма иҩежьны иршәуан. Аҵкқәеи ахарԥқәеи рзы  абырфын рхы иадырхәон. Урҭ амаҭәақәа анырсуаз, зны-зынла  цәаҳәа-цәаҳәала  еиларҵон. Аӡын  маҭәа азыҳәан аԥсуаа рхы иадырхәон акәмызцәа, уи асрагьы ибзианы ирдыруан. Акәымжәи акьаҿи ххьала идырхион. Аххьа  зыхьӡызгьы ахьӡы иӡаашьыз арахәыц еилаԥаны иҟаҵаз акәын.

Аҷкәынцәа рзы амаҭәа хкқәа

Аҷкәынцәа иршәырҵон рӡара инҭашәо иҟаз акьаҿ хәыҷы, аԥхьа  акәымжәы аҟны аиԥш, еибакуа, ахәда  ҭыхны, амаӷра ауны, иҭшәаны. Иаҵан ахарԥ , ахәда ахаргыла аҭаны. Ахарԥгьы акьаҿгьы  аиқәа иҭаҵаны иршәырҵон. Аиқәа ахәымџьар аҵырдон.  Уи ахыхь амаҟа, мамзаргьы шьамхқәыршәҵас акы ақәырҵон. Убарҭ ирыцын ахҭырԥа хәыҷы, мак ахылԥа.  Ирышьарҵон амагә ҟаԥшь хәыҷқәа, ма  ачабыр (асахҭан) еимаа  ҟаԥшьқәеи, аимсқәеи. Ԥштәыла акьаҿи аиқәеи  еиԥшызар акәын.Уи – шкәакәазар, икаҳуаԥштәызар, еиқәаҵәазар, ииаҵәазар, иҩежьзар ҟалон. Ахарԥ аԥштәы – излырхуаз зеиԥшраз еиԥш, ирҭахыз ашәыгақәа рыла иршәуан. Акьаҿи аиқәеи  еиқәаҵәазар, ахарԥ шкәакәазар, ма иҟаԥшьызар еиҳа еинаалоит ҳәа  ирԥхьаӡон. Акьаҿи ахарԥи рыжәҩахырқәа , рџьыба  ҭыԥқәа, рыхәдақәа, рмаӷрақәа рҿы аххьа хырҵон. Аха, амаҭәақәа  еиуеиԥшымызт. Даҽа хкык аҿы аиқәеи ахарԥи еиқәҵаны, амаҟа хәыҷы хыхь иақәҵаны иҿарҳәон. Аблуза амаӷра ауны ирҭбаашәа, ахәда ахагыла аҭаны, аԥхьа рҟьаны,  аҳәынҵәра  еилаҵа ала еибадыркуа иҟарҵон. Аблуз  шкәакәазар, иҟаԥшьызар, ииаҵәазар, иҩежьзар  ҟалон. Аиқәа иара ишақәнаго ала  ииаҵәазар, ма  еиқәаҵәазаргьы алшон.

Даҽа хкык аҿы акәымжәи акабеи леиқәҵаны, аԥсуа еиқәа ацны иршәырҵон. Ахылԥа  қәацә хәыҷы ма ахылԥа ҟьаҟьа рхарҵон. Асахҭан еимаа ма амагә ҟаԥшь хәыҷқәа рышьарҵон. Акәымжәы акыр идыркьаҿуан. Амаӷра ажәҩахырқәа инадыркны  ирҟьаны. Акәымжәы аԥхьа  маҟҿаҳәаранӡа  агәы акыр иҭыхны,  аԥсуа маҟа ақәҵаны. Акаба амаӷра инарҭбааны иҟазар акәын. Акәымжәы аԥхьаҟа  цәаҳәа-цәаҳәа акаба ахәда амаӷра ахьырҟьоу лахьхьынӡа ххьала  ихырҷоуп. Ԥштәыла акәымжәы ҟаԥшьызар, ишкәакәазар,  икаҳуаԥштәызар алшоит. Даҽа хкык ласалыхуп. Аԥхьа агәы ҭыхӡамкәа, ахәда ахаргыла аҭаны, аҳәынҵәра акыр иааҟәазны, аӡара аҟынтәи ахәда аҟынӡа еибадыркуеит. Ԥштәыла еиқәаҵәазар, ииаҵәазар ҟалоит.

Аӡӷабцәа рзы амаҭәа хкқәа

Аҵкы абӷаӡара иҭаршәны, акалҭ ҭбааны ахәдахагыла аҭаны иҟарҵон. Амаӷра  амышьхәылҵ аҟынӡа иҭшәаны, уинахыс  иҭбааны, ирхәаны, ахагыла аҭаны ирӡахуан: иара ауны, аӡараҭа еихаԥҟоуп, акалҭ рҽы-рҽны иҟаҵоуп, амаҟа хәыҷы ақәуп. Аҵкы иацу аиқәа ду – иоуны аӡараҿгьы ашьахәҿа аҟынгьы амхәыҷ аҵдоуп. Уи  аиқәа х-мацәк раҟара аҵкы иаҵыҳәҳәароуп. Аҵки  ақәеи ԥштәыла иҟаԥшьызар, ма ишкәакәазар ҟалоит. Уи  иацуп асахҭан еимаақәа.

Аҩбатәи ахкы. Аҵкы аԥхьа хыхьынтәи ҵаҟанӡа  еихаԥшьуп, агәы ҭыхуп, аӡараҟынӡа. Акалҭ ҭбааны ироуны ирӡахуан. Амаӷра амышьхәылҵ аҟынӡа иҭшәаны иӡахуп, уи нахыс еизаданы инашьҭуп. Аҵкы аԥхьа аххьа  хырҵон. Аҵкы  шкәакәазарц, иҟаԥшьызарц, икаҳуаԥштәызарц  алшоит. Акофҭа  шкәакәазар, ижәҩанԥштәызар  ҟалоит.

Ахԥатәи ахкы. Аҵкы цәаҳәа-цәаҳәа еилоу  абырфын иалхны ирӡахуан. Уи акалҭ ҭбаауп, аӡара еихаԥшьуп. Аԥштәы  цәҩежьуп, ма ицәыҟаԥшьуп. Аҵкы ахыхь  акьаҿ ақәырҵон, изшәызҵоз лыгәчама аҟынӡа  инаӡо, аӡара ԥаны, аԥхьа ачаԥразқәа рыла еибакуа-иатуа иҟоуп. Акьаҿ амаӷра аҵкы амаӷра аиҳа маҷк иҭбаауп.  Ԥштәыла ииаҵәоуп.

Елена Малиа

2012 ш.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image