Аԥсны – аспелеологиа иаҳҭнықалақьны ирыԥхьаӡоит, избанзар араҟа, ашьхеибаркыра Арбаикаҿы ауп иахьыҟоу адунеи аҿы зегь реиҳа иҵаулоу аҳаԥқәа ԥшьба. Актәи аҭыԥ ааннакылоит Веревкина ҳәа изышьҭоу. Иара аҵаулара 2223 метра ыҟоуп.
Аҩбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп Крубер (Ворониа) ишьха ҳәа хьӡыс изауз. Иара 2196 метра ыҟоуп. Анаҩс ицоит Сарма Снежнаиа. Аԥсны иҟоуп еиҭа иҭҵаам аҳаԥқәа, иҟалап еиҳагьы аҵаулара рымазаргьы. Уи ауп адунеи зегь аҟынтә аҳаԥҭҵааҩцәа ҳтәылаҿы аекспедициақәа зымҩаԥырго.
Афон ҿыц – атуристцәа бзиа еицырбо ақалақь хәыҷы. Иара еицырдыруеит иаарту аҳаԥы ала. 1961 шықәса рзы жәаф шықәса зхыҵуаз арԥыс Гиви Смыр шахала дылбааит ажәлар рҿы «Ҵа змам атыша» ҳәа хьӡыс измаз адгьыл аҵаҟахь. Абасалагьы иаартхеит Афонҿыцтәи аҳаԥы, иахьа шықәсык иалагӡаны зықьҩыла асасцәа зҭаауа.
Аҳаԥы аҭаларҭа иара Гиви Смыр игәараҭа азааигәара иҟоуп. Ари аҭыԥ здыруа афонааи аспелеологцәеи роуп. Ааигәа Афонҿыцтәи аҳаԥҭҵааҩцәа рклуб анапхгаҩы Алхас Смыр иааӡамҭацәеи иареи уахь илбааит 65 шықәса раԥхьа Гиви Смыр ишыҟаиҵаз еиԥш.
Алхас Смыр ихаҭа ари аҭыԥ аҟынтә аҳаԥахьы дылбаахьеит аклуб аиҳабыратә гәыԥ ицны. Уажәы аиҵбацәа ираамҭоуп. Иҳәатәуп, аклуб ишалахәу Гиви Смыр иԥацәа ҩыџьа. Уажәы дара раԥхьаӡа акәны раб ишьҭра ихыланы аҳаԥы иҭалоит. Алхас иҳәоит, аԥышәа змоу аспелеолог изы ари атыша уамак иуадаҩымзар ҟалап ҳәа, аха иара иамоуп ахатәы ҷыдарақәа.
«Категориала иугозар, зегь реиҳа ицәгьоу афбатәи ауп. Ари аҳаԥы аҩбатәи ахь иаҵанакуеит. Шаха мацарала улбаауеит 120 метра, иара убасҵәҟьа ухалоит. Аҵа аекскурсиатә зал ахь унанагоит. Шьапыла уныҟәартә иҟоуп, аха џьара-џьара иҭшәоуп», - еиҭеиҳәоит Алхас аҳаԥы аҭаларҭа азааигәара ҳаннеи.
Аҽны амш шәшьын. Агәыԥ ццакуан ақәа алагаанӡа аҳаԥы аҭаларазы. Амш аныцәгьаха, аӡқәа зегьы агәаҩарахь рҿынархоит. Усҟан албаара еиҳагьы ицәгьахоит, ахаҳәқәагьы канаԥсар алшоит. Атыша аҭаларҭа дуун, иҭбаан. Аҵла иадҿаҳәалан ҵаҟа ицоз ашаха. Алхас уа иаанижьит аиҳабыратә гәыԥ иман даныҟаз. Аҷкәынцәа рышәҵатәы ҷыда ала рҽеиларҳәахьан, иаанхаз ашәарҭадаратә шахақәа рҟәынҵара акәын.
«Агәыԥ азыҟаҵоуп. Аҳаԥ хәыҷқәа ирҭалахьеит, ааигәа Ақәҩы ҳаҟан. Хәыҷы-хәыҷла азҳара ҳаҿуп. Нас ашьхарахьгьы аусура ҳалагоит, уахь ацаразы аҽазыҟаҵара цоит. Афон акәша аҳаԥ хәыҷқәа ҳарҭалахьеит. Ӡышраҟа ҳцахьеит. Мчыбжьык аекспедициа уа иҳаман. Еиҭа Анхәа аҩадахьы аекспедиациа ҳгәы иҭоуп. Ҟрымнтәи аҳаԥҭҵааҩы Геннади Самохин Цандрыԥшь аекспедиациа анимаз, ҳаргьы ҳалахәын. Хҩык аԥсуа клуб алахәылацәа Крубера ҳаҟан ҵыԥхи сынтәеи. 700, 1400 метра аҵаулараҿы аус ҳуан», - еиҭеиҳәоит Алхас.
Афонтәи аспелеологцәа рклуб аԥҵан ԥшьышықәса раԥхьа. Иахьа уи еиднакылоит жәаҩык рҟынӡа, еиҳарак урҭ афонаа роуп. Зегь реиҳа еиҵбу Леван Аргәын 16 шықәса ихыҵуеит. Аклуб ахь данааи аабатәи акласс аҿы дтәан. Уажәы Леван аҳаԥы албаара иҽазыҟаиҵоит. Аспелеологцәа-абзиабаҩцәа еидызкыло аклуб шаԥҵахаз атәы еиҭаҳәауа, Алхас Смыр иҳәоит, аханатә Аԥсныҟа аекспедиациа ҳәа иаауаз аҳаԥҭалаҩцәа дышрыцныҟәоз, адгьыл аҵаҟатәи адунеи шигәаԥхаз, аха шықәсык ахьтә ҩынтә аӡә данаауа ҳәа аԥшра шиҭахымхаз.
«Гиви Смыр иԥшәма аклуб аиҿкаара сгәы ишҭоу ласҳәеит, ларгьы уи лыдылкылеит. Аспелеологиа бзиа избо, аԥышәа змоу аҷкәынцәа - Фат Смыр, Стас Коцба, ҳаидгыланы аусура ҳалагеит. Аҿар ааит, урҭ аҳаԥҭалашьа дзырҵашагьы ҟалеит. Абасоуп аклуб ахы шакыз. Аҳаԥҭҵаара аинтерес змоу аӡәыр дҟалозар, ҳарзыԥшуп. Ари спортуп. Аҿар рхы ззыркша рзымдыруа амҩа ианхалаз ыҟоуп, убарҭ агәаԥхара роуны абрахь иааир, иудыруеи, абра хыҵакырҭак рыԥшаар. Даргьы рхы аадырԥшуеит, аартрақәагьы ҟарҵар алшоит», - иҳәоит Алхас.
Аҳаԥы аҭаларазы иаҭаху маҷым, раԥхьа инаргыланы ашәҵатә ҷыда, иара убас ашәарҭадаратә шахақәа, акарабинқәа. Ари зегьы аклуб аҿы аханатә иҟамызт, аха ашықәсқәа ирылагӡаны маҷ-маҷла еизган иаҭахыз зегьы.
«Алагара еснагь ицәгьоуп. Акгьы умамкәа, аԥарагьы ыҟамкәа – еиҳагьы ицәгьоуп. Урыстәылантә иаауа сҩызцәа карабинк аӡәы иааигоит, шахак – егьи. Сара комплектк ашәҵатәы сыман, Фат Смыр аклуб ҳамҭас иеиҭеит 15 метра ашаха, иара убри ала ҳалагеит аусура. Ус хәҩык ирызхаша зегьы еиқәҳаршәеит. Уажәы ҳмазеиуп уҳәартәы иҟоуп. Зегь реиҳа ихадоу – аҭаацәа ҳадгылоуп. Аԥсны анҭыҵгьы аекспедициақәа реиҿкаара ҳгәы иҭоуп. Гиви иаҳаҭыраз аспелеологиа ацентр Афон иҟазар сҭахуп», - ҳәа азгәеиҭоит Алхас.
Аспелеолог Аԥсны аҳаԥқәа рыҭҵаара аус «чымазарак» изаҩызахеит, зегьы дырҭалар иҭахуп.
«Ҩышықәса ҵуеит Снежнаиа аҭҵаара саҿуижьҭеи, схатә хырхарҭагьы сымоуп. Веревкина акәзар, уагьы аусура саҿуп. Сынтәа август азы уа сыҟан. Аҿаргьы згарц сгәы иҭоуп. Ӡышрагьы - Дәрыԥшьаа рышьха, 2600 аҳаракыра змоу, уигьы хышықәса раахыс сааҭымҵӡакәа сҭоуп. Сынтәа аԥхынра 400 метра илазгеит. Иааиуа аԥхынра алагер еиҿкааны уахь зегьы ҳазцар, ибзиахон», - ҳәа игәҭакқәа ҳацеиҩишоит Алхас.
Гиви Смыр иҷкәынцәа руаӡәк Улис 22 шықәса ихыҵуеит. Иара дархеологуп, дмагистрантуп. Улис раԥхьаӡа акәны спелеологҵас ари аҳаԥы дҭалоит. «Саб сиԥоуп, иара иус иацысҵоит, амала иара шаха мацарала абра дылбааит, сара шаҟа сыцраҳәоу жәбоит», –ҳәа длафуеит Улис ишахақәа реиқәҳәалашьа гәаҭауа.
«Аҳаԥы албаараҿы ихадоу умаха-ушьаха аус шауа ауп. Шьаҿакгьы ҟасымҵароуп, анаҩс сахьцо сзымдыруазар. Зегьы ҿырҳәала иҵаны иумоу еиԥш иҟаҵалатәуп. Уи азы иаҭахуп аԥышәа бзиа. Ҳара абнаҿы ҳҽазыҟаҳҵоит. Аҵлаҿы ашахақәа кнаҳаны ахалашьа ҳҵоит. Ҳнапқәеи ҳшьапқәеи реиҭагашьа еилаҳкаауеит. Абнаҿы ибзианы ианаҳҵалак, иаҳа угәы рӷәӷәаны удәықәлоит аҳаԥахьы, амала амашәыр аӡәгьы дацәыхьчам», - иҳәоит Улис.
Иара изы ари аекпедициаҿы зегь реиҳа иуадаҩу ахалароуп.
«Сшылбаауа здыруеит, аха ахалара уадаҩхоит. 120 метра сара сзы зегь реиҳа идууп. Амч сҭаххоит, сыԥсы ҭнахраны сыҟоуп сыкапан иахҟьаны. Ауаҩы данааԥсалак агхақәа рыҟаҵара далагоит. Уи ашәара изцәырнагоит, имч иагхоит. Сымчқәа сзымхар ҳәа сшәоит, аха сҟазшьа аасырԥшыроуп», - ҳәа игәы ирӷәӷәоит Улис.
Иара адгьыл аҵаҟатәи адунеи аԥшӡара атәы ҳәашьа изаҭом, зегь уахь анеира алшара ахьрымам еиҳагьы ари аус дамҽханакуеит.
«Аҳаԥқәа бзиа избоит. Урҭ ирыцу ашәара сгәаԥхоит. Сымч анԥысшәо, сылшарақәа ҵҩа рымамшәа снарбоит. Аԥсра ахықә аҿы уаннеилак, аԥсҭазаара закәу бзианы еилукаауеит. Уи аамҭазы акымзарак акы хра аманы иҟам, хьаас иукым, убри аҭагылазаашьаҿы сыҩныҵҟа даҽа хаҿрак даасыртуеит», - ҳәа ифилософиатә хәыцрақәа ҳрызхьаирԥшуеит Улис.
Агәыԥ ныҟәара ицацыԥхьаӡа аиқәырхаҩцәа рахь адырра ҟарҵоит ргәы иҭоу азы. Уажәтәи рекспедициа атәы ирдырын Фат Смыр. Иара агәыԥ рҽааизганы аҳаԥахьы иандәықәла инаркны иҭыҵаанӡа ҳәа дыԥшызаауеит.
Аҳаԥы аҩныҵҟа ахымҩаԥгашьа акырӡа аҵанакуеит. Ауаҩы уи адунеи дасасуп. Хаҳәык амхны, иамԥҽны агара азин ыҟам. Агәыԥ иалоу зегьы ибзианы ирдыруеит «аҳаԥы аҟынтә изакәызалаак акы ануга, иаргьы акы уцәамгар ҟалаӡомызт». Раԥхьа аҳаԥы дҭалоит Алхас, уи ишьҭахь арԥарцәа, Улиси Азизи Смыраа, Гәыдиса Аҩӡба, Леван Аргәын, Стас Коцба аԥышәа змоу спелеологуп азы аҵыхәтәаны дцоит. Алхас данылбаалак аҷкәынцәа илаԥш рхуп, џьара еиԥҟьарак ҟалар дрыцхраауеит.
Агәыԥ еицырзеиԥшу афото сахьа ааҟаҵаны ашаха ахькыдҿаҳәалаз аҵлахь идәықәлеит. Алхас аԥхьа албаара далагеит, уи дишьҭалеит Улис, аха дгьежьыр акәхеит, еибыҭашьаҿы акы игәамԥхеит. Азиз албаара далагеит, нас – Гәдиса, уигьы рацәак дымцакәа дгьежьит. Гәдиса нас аҳаԥы аҭалара зынӡагьы мап ацәикит. Дшазыхиам еиликааит.
«Сара аҳаракыра сацәшәоит, ҵаҟа саныԥшы, издырит ишсылымшо. Амҩа санықәлозгьы агәҩара сыман, аха схы саиааир сҭахын. Сгәы иалоуп, ҳәарада, иахьа схықәкы ахьсзынамыгӡаз. Шьҭа иаҳа ибзианы сҽазыҟасҵароуп», - ҳәа ҳаиҳәеит Гәдиса.
Егьырҭ аҷкәынцәа зегьы аҳаԥы аҵанӡа аанаӡара рылшеит. Иааидкыланы агәыԥ албаареи ахалареи ирцәагеит жәа-сааҭк. Ҳәарада, иазыҟаҵам изы ари имариоу усым. Аҳаԥы аҭаларҭаҿы иҭбааӡа, уҽеиҵыхны, иуманшәаланы албаара улшозар, нас абахәқәа рыбжьара убас иҭшәахоит, хыхьгьы ҵаҟагьы цашьа умамкәа убжьахашәа уааҟалоит. Ачҳара змам уа ҭыԥ имам.
Афонтәи аспелеологцәа рклуб заҵәык ауп Аԥсны аҳаԥҭҵааҩцәа еидызкыло. Аԥсны адунеи зегьы аҟынтә аспелеологцәа анеизо аамҭазы, ҳара ҳтәқәа рааӡара еиҳагьы хадара злоу акәны ишьатәызар ҟалап.
Альбина Жьиба

