Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Ареспубликатә Аиҭашьақәыргылара-баҩырҵәыратә диспансер шьақәгылоуп 80 шықәса инарзынаԥшуа. Абаҩырҵәыратә диспансер 2019 шықәса раахыс аус азылуеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҳақьым Ҭина Георги-иԥҳа Ҷкадуа.
Лара лыԥсҭазаара зегьы ауаа рыхәшәтәра иазылкит.
«Абаҩырҵәыра дарбанызаалак ауаҩы игәабзиара аиӷьтәра иадҳәалоуп. Адиспансер аҟны аус ауеит аклиникатә лабораториа, адиагностикатә уада, агәабзиарахьчара-абаҩырҵәыра ауада, атерапевт иуада, ахаԥыцҟаҵарҭа, агәҭыхра (акардиограмма) аҟәша, гәырла иахьырхәышәтәуа ауада. Араҟа ргәабзиара дырӷәӷәоит еиҳарак аспортсменцәа, агәыхь, аинфаркт чымазара зхызгахьоу, остеохондроз, сколеоз еиуеиԥшым ахәрақәа змоу уҳәа ауаа. Урҭ ргәабзиара аиҭашьақәыргылара мҩақәырҵоит зус бзианы издыруа, 25 шықәса инеиԥынкыланы аус зухьо аҳақьымцәа. Агәабзиарахьчаратә диспансер аҟны рҽырхәышәтәуеит хәышықәса зхыҵуа ахәыҷқәа инадыркны ԥшьынҩажәа шықәса зхыҵуа абыргцәа рҟынӡа, иара убас Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҟны ахәра зауз аибашьцәа, аҭынч уааԥсырагьы»,– лҳәеит аҳақьым хада.
Аҵыхәтәантәи ашықәс иалагӡаны адиспансер иадҵаало рхыԥхьаӡара хәнызқь рҟынӡа иназоит, аха ззанааҭ бзианы издыруа аҳақьымцәа рус иахьӡоит.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы аусурақәа мҩаԥган ацентр аиҭашьақәыргыларазы. Аҳақьым хада ҳаиҿцәажәараҿы илҳәеит: «Аԥсны аиҳабыра рыцхыраарала имаҷым имҩаԥгоу аусқәа адиспансер аиҭашьақәыргыларазы, иаҳҳәап, Аԥсны абанкқәа хԥа рыцхыраарала ҳамҭак аҳасабала аҩны аԥхьатәи ахәҭа еиҭашьақәыргылан, ашьҭахьтәи ахәҭа шьақәыргылан ақалақь администрациа ацхыраарала, иара убас аресторан «Леон» аиҳабы Чамагәуа Гудиса ЛФК азал атренажорқәа ҩба ҳамҭас иаиҭеит. Иахьазы ҳуадақәа рҟны иҳамам аҵыхәтәантәи аамҭа иақәшәо амаҭәахәқәа (оборудование), агәабзиарахьчара аминистр агәра ҳиргеит ацхыраара шҳаиҭо ала»,– лҳәеит уи.
Аҳақьымцәа аус зларуа амаругақәа иахьатәи аамҭа ишақәымшәоугьы, урҭ еиԥҟьарада аус руеит. Уадацыԥхьаӡа хҩык аметодистцәа ыҟоуп, иаҳҳәап, ЛФК ауада аҟны аус зуа рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп 95 шықәса зхыҵуа аспециалист, милаҭла иоурысу Сигалевич Гарри Владимир-иԥа, Староженко Николаи Рафаел-иԥа, амедеҳәшьа еиҳабы Булиа Инга Шьоҭа-иԥҳа, иара убасгьы иқәыԥшу аҭыԥҳа Ҳагба Алиса Владимир-иԥҳа. Аусурақәа мҩаԥысуеит ашьыжь асааҭ 9:00 инаркны асааҭ 19:00 рҟынӡа. Мышкы иалагӡаны 150-ҩык инарзынаԥшуа ауаа рыдыркылоит. Еиуеиԥшым аԥынгылақәа шрымоугьы аҳақьымцәа рус ламыслеи ԥсыцқьалеи инарыгӡоит.
«Даара ҳус бзиа иаабоит, иахьа аасҭа уаҵәы ҳшеиӷьхо агәра ҳгоит, убри азы ҳколлектив алахәылацәа гәык-ԥсык ала аус руеит. Ииашоуп, еиуеиԥшым акәама-ҵама шацугьы, гәкаҳара ҟамҵакәа ҳус ҳазнеиуеит ауаа ргәабзиара ахьчаразы»,- лҳәеит Ҭина Ҷкадуа.
Ацентр аусзуҩцәа ирзеиӷьаҳшьап аихьӡарақәа рнапы злаку аус аҟны, згәабзиара уашәшәыроу ҳауаажәлар – ашықәс рацәа агәабзиара ацны.
Марҭа Гәарамиа

