Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа, аҵара-ааӡара ус мҩақәызҵо анапхгаҩцәа бзиала шәаабеит раҧхьатәи Аҧсны аҵараиурҭақәа рнапхгаҩцәа реизара ду ахь. Хаҭалатәи ҳаибабара, блала ҳаицәажәара ҳус амҩақәҵараҿы ицхыраагӡаны исыҧхьаӡоит.
Иахьеи уахеи иааиҧмырҟьаӡакәа аус ахьеилашуа иалагылоу шәара шәоуп, шәара шәоуп еиҳа избарҭоу аҵара асистема иамоу аграқәа, шәара шәҧышәеи шәыхшыҩи роуп Аҵараминистрра аусура шьаҭас иамоу. Аҵара асистема аусура мҩақәызҵо зегьы ҳҳәоу еиқәымшәар, ҳусура зызку аҵаҩы аҵара ирҵара, ауаҩы иааӡара ҳақәымҿиар алшоит. Ҳус иаҭахуп аизыӡырҩреи агәреибагареи. Аколлектив аусура агьама азҭо, аусуратә гәалаҟазаара шьақәзыргыло шәара шәоуп. Аҧсҭазаара еснагь аудаҩрақәа ацуп, аха иаҭахуп урҭ рыӡбара, џьара-џьара раиааира, аха ҳусураҿы ҧсҭазаашьа амам агәкажьра. Убри аҟнытә сақәгәыҕуеит иааирту ҳаицәажәара.

