Арра-спорттә зыҟаҵареи апатриоттә ааӡареи рцентр «Абазг» аинструкторцәа жәаҩык Тиументәи аҳәынҭқарратә университет ахь амҩа иқәлеит, уаҟа хымчыбжь рыҩныҵҟа рзанааҭтә дырра шьҭырхлоит.
Аҵара еиҿнакааит арра-спорттә зыҟаҵареи аҿар рпатриоттә ааӡареи рыҿиара ацентр «ВОИН». Апрограмма иаҵанакуеит аа-хырхарҭак, аԥырҩы дызҭам асистемақәа рхархәара, анџьныртә зыҟаҵара, аимадара аиҿкаара, раԥхьатәи ацхыраара аҭара, атактикатә медицина уҳәа.
Ацентр «Абазг» адиректор Денис Соломко иажәақәа рыла, аинструкторцәа рзанааҭтә дырра аизырҳара акрызҵазкуа хәҭаны иҟоуп. Ас еиԥш аҵаратә ныҟәарақәа иааиԥмырҟьаӡакәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.
Ацентрқәа «Абазг», «ВОИН» аусеицура рыбжьоуп, уи азы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит 2026 шықәса нанҳәамза 7 рзы.

