АХҬЫСҚӘА

Аԥснытәи аделегациа Ҭырқәтәылаҟа рцара аихшьаалақәа ирылацәажәеит Ауаажәларратә палатаҿы

Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба ишазгәалҭаз ала, аделегациа аилазаара иалалеит Апарламент, Ауаажәларратә палата, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс, арепатриациазы Аилак уҳәа егьырҭ аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа. Лара иацылҵеит «Аԥсни ҳареи ҳаиҩызара агәыԥ» ишалалаз Ҭырқәтәыла аполитикатә партиақәа жәба рхаҭарнакцәа.

Апарламент адепутат Инар Гыцба еиҭеиҳәеит аныҟәараан ишалацәажәаз аԥсуа документқәа разхаҵара, ишиашоу апассаџьыртә еимадара аиҭарҿыцра, иара убас аиҟәыҭхара аиааира азҵаарақәа.

Аиԥылара алахәылацәа ирҳәеит агәыԥ аԥҵара иадҳәалаз аусмҩаԥгатә хырҳаганы ишымҩаԥысыз. Анаҩстәи аусура азырхахоит иарбоу азҵаарақәа рзы ааԥхьарақәеи ажәалагалақәеи разырхиара урҭ практикала рыхәаԥшра

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image