Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан иҟоу ацқьа Архистратиг Михаил иуахәамаҿы ҩынтәуп имҩаԥыргоижьҭеи алитургиа.
Амеценатцәа рыцхыраарала 2023 шықәса раахыс ауахәамаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит, иара убас уи хаҭала иалахәуп асхиигумен Гавриили (Виноградов-Лакрба) Захариа Лакербаии.
Дәрыԥшь иҟоу ауахәама IX–X ашәышықәсақәа ирыҵаркуа еиҳа ижәытәӡатәиу ақьырсиантә ргыламҭа уасхырс имоуп. XIX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы ажәытә уахәама ахыжәжәарақәа рҭыԥан иргылан амҿтәы уахәама. Ԥыҭрак ашьҭахь, аамсҭа Мырзаҟан Лакрба далархәны, араҟа ахаҳәтә уахәама дыргылеит, уи аныҳәатә ԥшьара мҩаԥысит цәыббрамза 28, 1914 шықәсазы.
Анцәаратә литургиа анхыркәшаха ашьҭахь Лакрба ишьҭра ахьӡала итрадициатәу аԥсуа чеиџьыка рыдгалан.

