АХҬЫСҚӘА

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аминистрцәа Реилазаара алахәылацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит

Аенергетикеи, аҵареи, аиустициеи, атуризми, ақыҭанхамҩеи, аекономикеи рызҵаарақәа ирылацәажәан иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба аминистрцәа Реилазаара анапхгареи апрофильтә министрцәеи алархәны имҩаԥигаз аилацәажәараҿы. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Аилацәажәара аусура рхы аладырхәит аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешбеи.

Аенергетика аусхк аҟны аҭагылазаашьа зеиԥшроу, атәыла былтәыла аиқәыршәара атәы дазааҭгылеит аенергетика аминистр Баҭал Мышәба. Иара иазгәеиҭеит Егрытәи аӡфымцатә сҭанциа аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара иахьазы ҵыԥх аиԥш-зеиԥшу арбага аасҭа ишеиҳау. Аминистр инаҵшьны иҳәеит ианаҭахха ареспублика шазыхиоу афымцамч аахәара.

Баҭал Мышәба иара убасгьы далацәажәеит аенергиа альтернативтә хыҵхырҭақәа рыҿиареи ареспубликаҿы аенергетикатә ҭышәынтәалара аизырҳареи аҿиареи рзы ирыдыркыло ауснагӡатәқәеи ртәы.

Былтәыла аиқәыршәара аҭагылазаашьа далацәажәо аминистр иҳәеит иҟоу абылтәқәа рҭаҵәахқәа уажәтәи аҭахрақәа рзы ишазхо. Убри инаваргыланы иара дазааҭгылеит аахәарақәа рыхәԥса ахьыҳараку иахҟьаны абылтәы ахәы шыҳараку, иара убас макьанагьы иаанхо адәныҟатәи афакторқәа абылтәы аагара анырра анаҭар шрылшо.

Аенергетика аминистрр абылтәы усхк аҟны аиҭакрақәа иааиԥмырҟьаӡакәа ахылаԥшра арҭоит.

Аҵара аминистр Хана Гәынба лықәгылара хацлыркит жәабжь бзиала: Аԥсны ашколхәыҷқәа ркоманда аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит агеографиазы жәларбжьаратәи аолимпиадаҿы. Аицлабрақәа рхы рыладырхәит Урыстәыла, Индиа, Италиа, Бангладеш уҳәа атәылақәа жәпакы ркомандақәа. Аолимпиада ҷыдарас иаиуит адҵақәа зегьы англыз бызшәала иахьынарыгӡоз. Аԥснытәи ашколхәыҷқәа разыҟаҵара аҩаӡара шыҳаракыз аадырԥшит.

Аминистр иара убасгьы адырра ҟалҵеит арҵаратә центр «Машук» аҟны 150-ҩык инареиҳаны Аԥсны аҵаратә усҳәарҭақәа рырҵаҩцәеи рнапхгаҩцәеи рзанааҭтә дырра аизырҳаразы асеминарқәа ишырхысыз.

Хазы Хана Гәынба ашколхәыҷқәа фатәыла реиқәыршәара апрограмма анагӡара дазааҭгылеит. Иахьазы акрыфара еиҿкаауп ареспублика ашколқәа 66 рҿы. Хара имгакәа апрограмма рҽаладырхәуеит даҽа 19 ҵаратә усбарҭа, урҭ рахьынтә 13 Гәылрыԥшь араион аҿы иҟоуп.

Атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа иҳәеит акурорттә сезон хьшәаны ишалагазгьы жә-мзы рыҩнуҵҟа иҟаҵо ахәшьара бзиа аҭазар шауа.

Иара иажәақәа рыла, атуристтә рҩаш аизырҳараҿы акрызҵазкуа ароль нанагӡеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аусура аиҭарҿыцра, иара убас аихамҩатә еимадара — афымцадәыӷба «Диоскуриа»аусура аларгара.

Аминистр иара убасгьы иҳәеит акурорттә сезон ацҵара иазырхоу ауснагӡатәқәа ртәы. Уи азы, инаҵшьны иазгәеиҭеит атуристтә обиектқәа ианаамҭоу разыҟаҵара алыршатәуп, итрадициатәу аԥхынтәи аамҭа анҭыҵ аԥсшьаҩцәа радыԥхьаларазы аҭагылазаашьақәа аԥҵатәуп ҳәа.

 

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image