Ҳажәлар ажәытәӡа аахыс арҿиараҿы аҟыбаҩ ҷыда шрылаз зырҵабыргуа адоуҳатәи аматериалтәи культурақәа рҿырԥштәқәа маҷым. Уи дыршаҳаҭуеит даҽазныкгьы аӡәырҩы аҭыԥантәиқәа реиԥш, анҭыҵтәи аҭҵааҩцәа русумҭақәагьы.
Аԥсуа философ хатәра Олег Дамениа ишазгәеиҭахьоу еиԥш, «ажәлар анжәлару – рхатәы культура анрымоу ауп, жәларыда акультура шзыҟамло еиԥш, акультурада ауааԥсыра зыжәлархаӡом».
Аурыс шәҟәыҩҩы Ф. М. Достоевски «аԥшӡара ауп адунеи еиқәзырхо» ҳәа ииҳәахьаз ихшыҩзцара иацҳҵар ҳалшоит, ауаҩы ҩнуҵаҟала доуҳалатәи ибеиара ауп ҳабзазара аԥшӡара еиқәзырхо ҳәа. Ԥсабарала иҷыдоу акәал злоу, доуҳалатәи иҵаулара шьақәзырӷәӷәо аҟазара хкқәа иреиуоуп асахьаҭыхра.
Аԥсны ахьӡ-аԥша ҭызго ҳаԥсуа қыҭақәа ируаку Аҷандара абшьҭрала изџьынџьу, ҳтәылаҟни уи анҭыҵи еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, актиорцәа уҳәа арҿиаратә интеллигенциа рхаҭарнакцәа рацәаҩуп. Ҳазшаз Анцәа Ду игәаԥхарала урҭ дыруаӡәкхарц иԥхьаӡазаап, быжь-жәашықәсак раԥхьа абаҩхатәра ҟаимаҭ заҭәашьаны иишаз асахьаҭыхҩы дугьы. Уи зҟазара ҳаракы аҟнытә «Аԥсуа Ван Гог» ҳәа ззырҳәоз Заур Кәыҷка-иԥа Аџьба иакәын.
Заур абжьаратә ҵара хыркәшаны, 1973-1976 шш. рзы иҟыбаҩ еизирҳауан А. К. Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҟны. Иԥсҭазаараҿы даара анырра ҟанаҵеит, урҭ аамҭақәа рзы дызхәаԥшыз, адунеи зыхьӡ еицадыруа асахьаҭыхҩы Винсент Ван Гог изкыз афильм. Уи дызгәыланахалаз ихәыцрақәа ирхылҿиааз, иҳараку ҟазарала иаԥҵаз иҭыхымҭа даара иџьаршьеит иҩызцәа реиԥш ирҵаҩцәагьы. Уи нахыс ауп «Ван Гог» ҳәа ахьӡ ҷыда анихылагьы.
Аҵара анхиркәша ҽышәала арҿиаратә усура инапы алакын, изакәытә доуҳатә цәанырра ҵаулоузеи ирыԥшну ҳәа, иқәреи иԥышәеи иаарнушьалартә иџьоушьарын иаԥҵамҭақәа. Урҭ ирныԥшуан игәылҭәаахьаз, иҭышәынтәалахьаз аҟаза инапкымҭа. Ажәакала, иқәыԥшра ашықәсқәа инадыркны наунагӡа ишьҭикааит ашәыгақәа (еиҳаракгьы зыԥшшәы лашоу) иҳараку аккордла «ашәа дырҳәара» ахықәкы, қәҿиаралагьы уи ицааиуан.
Ҟазшьала мыцхәы дҭынчума ззуҳәашаз, зцәажәара рацәамыз, аиаша иацәхьамҵуаз «аԥсуа Ван Гог» иҟазара есааира аӡхыҽҽа иаҩызаха еизҳауан. 1979 шықәсазы Гәдоуҭа имҩаԥысит раԥхьатәи хаҭалатәи ицәыргақәҵа. Уи ашықәсан Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ашҟа дрыдыркылеит. Анаҩс, хара имгакәа, ирҿиара цәыргақәҵан Аҟәеи Санкт-Петербурги (Ленинград) ақалақьқәа рҟынгьы. 1979 ш. далахәын, убасгьы Қәҭешь имҩаԥысуаз асовет ҳәынҭқарра еиуеиԥшым аҵакырақәа рҟнытә, збаҩхатәра ҳаракыз асахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа еидызыԥхьалаз аусмҩаԥгатә.
1985 ш. зыҩаӡара ҳаракыз ацәыргақәҵа «Аԥсны акультура амшқәа – Германиа» аҟны ахәаԥшцәа рыӡбарахь инаган Заур Кәыҷка-иԥа иусумҭақәа маҷымкәа. Уи ашықәс аҽеиҩшамҭазы ихы алаирхәит «атәыла ду» ахьтә асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа еидызкылоз «Художники – флоту» ҳәа хьӡыс измаз, еиуеиԥшым аҵакырақәа рҟны имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатә (апленер). Арҭ зегьы азгәаҭаны 1987 ш. Заур Аџьба асовет ҳәынҭқарра асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла даларҵеит.
1990 ш. аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа акыр рахьтә ашәыгақәа рызҟазацәа жәпаҩык рыла ишьақәгылаз агәыԥ дахәҭакны ҩымз Австралиа, идунеихәаԥшра арҵаулара акырӡа иацхрааит. Уи иалагӡаны далахәхеит, доуҳала зҟазара дазааигәаз, голландиатәи асахьаҭыхҩы ду Ван Гог идунеи иԥсахижьҭеи 100 ш. аҵра ахьӡала имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа.
Аибашьра алагара мызкы шагыз, 1992 ш. иуль 14-23 рзы Санкт-Петербург иалкаау азал хадақәа ируаку «Офицерское собрание» аҟны имҩаԥысит, аҭааҩцәа гәахәара ҳаракыла ирыдыркылаз хаҭалатәи ицәыргақәҵа.
Ирҿиаратә гәазыҳәара еизҳаны идгьыл гәакьахь даныхынҳә мышқәак рнаҩс ауп аибашьра ианалага. Раԥхьатәи амшқәа инадыркны Заур абџьар шьҭихит. Далахәын Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа аҭарцәра, анаҩс диасит Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭахь. Иҽааникыларц иҩызцәеи арра анапхгараҭареи рахьтә изныкымкәа ишиарҳәахьазгьы, уи ихахьы иааигомызт.
Изныкымкәа ахәра заухьаз Заур, аԥсеиҭакра ҳәа аамҭа кьаҿла аҩныҟа данааилоз, хәыцра хьанҭала иҭәыз иаамҭа иҟазарҭа аҟны акәын еиҳарак иахьихигоз. Ирҿиарагьы аҽеиҭанакит, уаанӡа иусумҭақәа рҟны илашоу аԥшшәқәа ԥыжәара ргозҭгьы, уажәы еиҳа ихәашьу алукаауан, насгьы иҭихуаз аԥсабара асахьақәеи, хатәгәаԥхарала иҳавагылази, аҭыԥантәи аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рхаҿытә портретқәеи ракәын, урҭ шамахамзар «арацәа» ала акәын ишаԥиҵоз. Убарҭ ируакуп аҵыхәтәантәи – сентиабртәи ажәылара аламҭалазы иҭихыз, ахәыцра рацәа узцәырызго ихаҭа ипортрет. Уи азы лгәаанагара ҳацеиҩылшеит Заур ихәыҷрашықәсқәа инадыркны дыздыруаз, агазеҭ «Бзыԥ» аредактор ихаҭыԥуаҩ Мариана Габриа: «… однажды, Заур написал автопортрет, что было ему свойственно. Он часто писал себя. В этот раз, картина была написана углем, поэтому черного цвета в ней много. Примечательна она тем, что через всю картину проходит черная полоса. Тогда, на это никто особо не обратил внимания. Но почему-то Заур именно так увидел свой автопортрет. А ведь ничто не предвещало беды, и подводить черту было еще рано. Наверное, художник внутренне прочувствовал это приближение беды». Ааи, ҳажәлар ражәа баша иаламзар акәхап, ԥсабарала иҷыданы иҵаулоу, иуахҭа анааскьо иныруеит ҳәа.
Иҩызцәа зегь реиԥш, дцеит Заургьы аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы ажәыларахь. 37 ш. анихыҵуаз сентиабр 19 аҽны иқәшәеит ахы, аҳақьымцәа ирылшаз ҟарҵон фымш аҟаза иԥсеиқәырхаразы, аха… илахьынҵамызт, уаҳа ихдырраҿы дзымааикәа игәеисра аангылеит сентиабр 25 рзы.
Ҽнак, сентиабр 19 иҭагӡахеит Заур Аџьба ииреи иԥсҭазаара аҿахҵәареи. Ажәлар рфырхаҵаратә ашәа ахьтә ажәақәа «Ҽнак ииз ҽнак дыԥсуеит» рҵакы арҵабыргхаҭеит Заур имҩасшьа. Аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра амш аҽны, аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит ауаҩ гәыҭбаа, абаҩхатәра ҳаракы, аԥсадгьыл аиқәырхаҩ гәымшәа Аԥсуа Ван Гог.
Аибашьра аамҭазтәи иҿцәажәарақәа руак аҟны ишазгәеиҭахьаз еиԥш, Заур Кәыҷка-иԥа иман агәҭакы, аамҭа уадаҩ анҭышәынтәалалак «Аиааира» ахьӡҵаны, зымҽхак ҭбаау аусумҭа аԥҵара, убасгьы, ааха зауз аҭоурых иаҭынхоу аԥшьаҭыԥқәа реиҭашьақәыргылареи, Ҳазшаз иашьапкырҭоу ауахәамақәа рҭыӡҩырақәа рырҿыцратә усурақәа аҽрызкра, аха уара иуӡбо Анцәа иуциӡбароуп рымҳәахьеи?!
Абаҩхатәра ҷыда злаз Заур–Ван Гог ирҿиаратә ҭынха ауаҩы илаԥш иҵашәар алшоит ҳтәыла аҟнеиԥш, аҳәаанырцә – Австриа, Германиа, Франциа, Италиа, Америка уҳәа аҳәынҭқаррақәа ргаллереиақәеи ахатәы коллекциақәеи рҟны. Ирҿиара аӡыргареи игәалашәара амырӡреи ирызкны – 2013 ш. сентиабр 27 рзы, Аҟәа ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаартын хаҭалатәи ицәыргақәҵа. Иара убас, 2016 ш., диижьҭеи 60 ш. аҵра ахьӡала, Гәдоуҭа, А. В. Анқәаб инапхгарала иаԥҵаз аҿар рырҿиаратә хеидкыла «Асаркьал» имҩаԥнагеит асахьаҭыхратә ҟыбаҩ злоу аҿар рцәыргақәҵа «Аҿара аамҭа». Араҟа раԥхьаӡакәны уи аҭааҩцәа идырбан, 80-тәи ашықәсқәа рхырқәшамҭазы Гәдоуҭа иаԥҵаз акабельтә телехәаԥшра иҭнаххьаз Заур Аџьба изкыз адырраҭара.
Сынтәа диижьҭеи 70 ш. аҵра иазкны, Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аламҭалаз, С. П. Дбар ихьӡ зху 1992-1993 шш. рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи амузеи аҟны иаартын иусумҭақәа 38 рыла ишьақәгылаз ацәыргақәҵа, имҩаԥган, убасгьы ицеибашьуаз иҩызцәа, аҟазарауаа, араион Ахадара, ашколхәыҷқәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа злахәыз агәалашәаратә хәылԥазы.
Заур исахьаҭыхымҭақәа хәы змаӡам малуп ҳажәлар рдоуҳатә культуразы. Адунеи зыхьӡ еицадыруа, раԥхьатәи аԥсуа сахьаҭыхҩы ду А. К. Чачба иԥсыбаҩ Аҟәа иааганы анышә амадара аан, Аԥсны жәлар рпоет Б. У. Шьынқәба ишиҳәаз еиԥш «иаԥҵамҭақәа, икеикеиуа ажәҩан иаҵәа иалаланы инеиуа аԥҟа шкәакәақәа реиԥш, ахааназгьы хара инаргалашт ибаҩхатәра ду аӡбахә».
Зықьҩыла зыхьӡ кашәара ақәым ҳҵеицәа ируаӡәку Заур Аџьба аԥсадгьыл ахьчараан иааирԥшыз агәымшәареи ахамеигӡареи рзы ианашьоуп Леон иордени «Агәымшәаразы» амедали. Иҭынхеит иаԥсоу ҵеицәаны ҳажәлар ирылагылоу аԥеи аԥҳаи.
Гә. Мгәыӡба

