Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба инапы аҵаиҩит ԥхынҷкәынмза 21-22, 2026 шықәса рзы Аԥснытәи жәларбжьаратәи агуманитартә форум «Ауаҩы. Аԥсадгьыл. Аԥеиԥш» амҩаԥгаразы аусԥҟа.
Аусԥҟала ишьақәырӷәӷәоуп афорум Анаԥшратә еилаки Аиҿкааратә еилаки реилазаара.
Анаԥшратә еилак аилазаара иалалеит:
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба;
Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут адиректор Арда Ашәба;
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор Алеко Гәарамиа;
Аԥыза-министр Владимир Делба;
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа;
Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Изольда Ҳагба;
Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба.
Афорум Аиҿкааратә еилакы ахантәаҩыс дҟаҵоуп аԥыза-министр Владимир Делба.
Аиҿкааратә еилакы иара убас иалалеит:
Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба;
Аҳәынҭқарра Ахада иԥкаанҵа Аусбарҭа аиҳабы Инна Аџьынџьал;
Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Кама Аӡынба;
Аҳәынҭқарра ахада иҟны иҟоу аҵарауаа ҿарацәа рхеилак алахәыла Линда Амԥар;
Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭаҿы агуманитартә политика Аусбарҭа анапхгаҩы Викториа Бебиа;
Аҵара аминистр Хана Гәынба;
Агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Гәниа;
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет актәи апроректор Роман Дбар;
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут;
Акультура аминистр Даур Ақаҩба;
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба;
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Маиа Цыбулевскаиа;
Аԥсны ахада Иусбарҭа амассатә информациатә хархәагақәа аус рыдуларазы Аусбарҭа аиҳабы Алхас Ҷолокәуа.
Аусԥҟа инақәыршәаны аминистрцәа Реилазаара анапы ианҵоуп афорум азырхиареи амҩаԥгареи ирыдҳәалоу афинанстә зҵаарақәа рыӡбара.

