«Ҭагалан сынтәа иӡысаамҭахеит. Абҵара алагамҭа инаркны амшқәа иаразнак ихьшәашәахеит. Риҵатәи аҳәырԥсарра иахьаҵанакуеи, Аԥсны ашьхаҭыԥқәа акырџьареи уаҩы иааџьеишьартәеиԥш заа асы леит. Сынтәа аҽаҩра аҟалара маҷк ихьшәахеит, избанзар амра маҷын. Ацитрустә шәырқәа абҵарамзазы аҟалара иахьымӡаӡеит, аҩеижьхара иагхеит.
Анхацәа ҽышәала рҽаҩра аингалара рнапы алакуп. Сынтәатәи аҽаҩра беиахеит,ақыҭанхамҩа аԥхасҭа азҭо ахәаҷхкы даара ишырацәоугьы, зегьы акоуп аџьықәреи алаԥҟьара бзиоуп, аԥҳә абырфын еиԥш иҭагылоуп. «Заа амхы лазҵаз заа иҭеигалеит, иҟоуп абыржәы аҿыхра иаҿугьы»,– иҳәеит ақыҭанхамҩа азҵаарақәа дрылацәажәо Лыхны ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Бганба.
Ажәытәӡатәи абырзенцәа рколониа Зуфу ахьыҟаз аҭыԥ иахьатәи Лыхны- Аԥсны ақыҭа дуқәа иреиуоуп. Хсаалала уахәаԥшуазар, иара Гәдоуҭа даара иазааигәоуп, ԥшь-километрак роуп ибжьоу. Ақыҭа аҭоурых ду амоуп, уи аинтерес аҵоуп, араҟа ирацәоуп аҭоурых-культуратә ҭынха. «Ишдыру еиԥш, ақыҭа аԥсы ахазҵо, изырҿио ауаа роуп, џьара-џьара ишыҟоу еиԥш, Лыхны иҳамаӡам ақыҭа ааныжьны ақалақьқәа рахь аиасра иадҳәалоу ауадаҩрақәа»,– ҳәа азгәеиҭеит Асҭамыр Бганба.
Ақыҭа ақалақь иазааигәоуп аҟынтә анҭыҵ аусура зҭахугьы уи азы алшара рымоуп, иакымкәа-иҩбамкәа иныҟәоит ақалақь ахь ауаа мҩанызго амашьынақәа, убри аҟынтә Гәдоуҭа ақалақь аҿы аус зуа ихатәы машьына имамзаргьы ицара-аара маншәалоуп. Ақыҭаҿы зыда ԥсыхәа амам акәны иҟоуп амҩа, аӡы, афымца-арҭ азҵаарақәа рганахь ақыҭаҿы лымкаала иалкааны ауадаҩрақәа ыҟаӡам, афымцалашара аҭагылазаашьа атәыла егьырҭ ақыҭақәа рҿы иаҩызоуп.
Асҭамыр Бганба иҳәоит, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы уаҩы гәахәара изҭаша атенденциа шырбо-ақалақь еиҳа зхы адкыланы иҟаз ақыҭа ауааԥсырагьы анхара-анҵыра иазыгьежьны рхәышҭаарақәа еиҳа напы рыдыркылоит. Ақыҭа аҵакы, аԥсуа ихәышҭаара иҭаацәеи, иабшьҭреи, ижәлеи, иқыҭеи, уи анаҩс иааидкыланы аҳәынҭқарра зегьы азы иамоу аҵакы идеологиак иаҩызан, аиҳабацәа уи аҿар ирыларҵон, ирыларааӡон. Иахьатәи ҳқыҭақәа рҭагылазаашьа зыхҟьаз ҳзымдыруа аума уи атәы ҳшалацәажәо. Аибашьра иахҟьеит Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭаҿы қыҭақәак рҭацәра, зынхарақәа ықәыццышәааз реиԥш зтәқәа еиқәхазгьы аибшьра ашьҭахьтәи аԥсҭазаара хьанҭа иахҟьаны мааҭк ахьдырҳашаз, рҭаацәа зланыҟәыргашаз иашьҭаланы ақалақьқәа рҽырзааигәартәуан. «Иахьа иаҳбо ҳаргәырӷьоит, аҳәынҭқарра Ахада иаԥшьгарақәа жәпакы ақыҭақәа рыҿиара иазкуп. Уи маҷуп ҳәа зҳәогьы ыҟазар акәхап, аха дара ақыҭа агәцаракра шамоу зыршаҳаҭуа шьаҿақәоуп. Ҳәара аҭахума, иагьа проект аԥшьыргаргьы, иагьа цхыраара ҟарҵаргьы уи акгьы аанагаӡом, лҵшәагьы ахылҿиааӡом азыҳаҵҳаҵарада. Имаашьаз, иахьа ихы дахашшаартә дыҟам»,-иҳәеит Асҭамыр Бганба.
Убри аан иара иазгәеиҭеит ҳаамҭазы аԥсабара-аҳауатә ҽеиҭакрақәа анхаҩы иԥсҭазаара анырра ӷәӷәа шарҭо атәы, уи рызкуп ашәырҵлақәа хызшьаауа ахәаҷахкқәа. Анхацәа ирзыршоит ахәаҷақәа рықәхразы ахәшәқәа. Уи анаҩсгьы ахәшә аҩнқәа рыҭӡамцқәагьы ирыдҭәалатәуп, избанзар ахьшәашәарақәа аныҟала ашәаԥыџьаԥ иалатәаз амармалташьтә бты ҽыԥхьакра аҩынқәа рахь еихеит. Ҳәарада, ари зегьы анхаҩы иҭагылазаашьа аруадаҩуеит, избан акәзар, ирацәахеит ԥырхага изҭо, уаанӡеиԥш еиҭаҳаны унаԥырҵыр акгьы ахала иҟалом. Анышә аус адулара анаҩсгьы, аҵиаақәа ахәшәтәра рҭахуп. «Иагьа хәшәы ауаа ирзыршаргьы, ауаҩы даашьозар лҵшәа ҟалаӡом. Уи ззысҳәо уи ауп, ҩыџьа ахьеидынхало аӡәы ихәшәтәит ҳәа акгьы аанагаӡом, уи алҵшәа аиурц азы доусы иара ихкаара иахьаҵанакуа икаиҭәар ауп»,– ҳәа азгәеиҭеит Асҭамыр Бганба.
Ишдыру еиԥш, иарбан қыҭазаалак азы ашкол аусура акыр зҵазкуа зҵаароуп. Лыхны ақыҭахь иаҵанакуеит ашколқәа хԥа. Руак ақыҭа агәаны игылоуп, даҽакы Аџьамҽыӷра, ахаԥатәи –Бомборатәи ауп. «Ақыҭа агәҭаны игылоу ашкол ахыбра уажәы ааигәа акапиталтә ремонт иахыжьын. Иара ԥшь-еихагылак ыҟоуп, ԥшьынҩажәаҩык рҟынӡа ҭоуп ари ашкол. Иаарласны иӡбатәу акәны иаанхеит ахыбра аҵаҟа иҵало аӡы азҵаара. Аха, уигьы уаҩы дызмыхәо акәӡам, иҳаӡбоит»,-иҳәеит Асҭамыр Бганба.
Аҩбатәи Аџьымҽыӷратәи ашкол иҭоуп ҩынҩажәи жәаҩык рҟынӡа ахәыҷқәа. Зегьы иреиҳауп Бомборатәи ашкол, уи быжьшәҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ҭоуп. Аха, ахыбра аҭагылазаашьа атәы далацәажәо, иҳәеит аспортзал аҭагылазаашьа шуашәшәыроу, уи иахҟьаны ахәыҷқәа абаҩрҵәыра аурокқәа уаҟа ишырзымҩаԥымго. Ашкол ахыбра ахаҭагьы акыр шықәса ҵуеит акапиталтә ремонт иахырмыжьишьҭеи. Ари ашкол аҿы аҵара рҵоит Гәдоуҭеи, Лыхни, ааигәатәи егьырҭ ақыҭақәеи рҟынтәи ахәыҷқәа. Бомборатәи абжьаратәи ашкол еснагь алеишәа ахьыҟоу, аҵарадырра аҩаӡара ахьыҳараку ашкол ҳәа иԥхьаӡан. Иахьагьы уи иамоу атрадициа бзиақәа мырӡӡакәа иааргоит.
Нестор Лакоба дахьиз, иналукааша аҵарауаҩ Гьаргь Ӡиӡариа анышә дахьамадоу, жәлар реизарҭа ҭыԥ Лыхнашҭа ахьыҟоу, иԥшьоу ҳабжьныхак ируаку Лых-ных иахьатәарҭоу... ақыҭа иазуҳәаша дараӡа ирацәоуп. Аха, уи зегьы материалк ҭагӡашьа амаӡам! Асҭамыр Бганба иажәақәа рыла, ақыҭаҿы лҵшәабзиала иҿиоит атуризм аусхкгьы. Ишдыру еиԥш, Аԥсны аҳцәа рхаантәи аҳҭнықалақь Лыхны злаҽхәаша маҷымкәа иамоуп. Лыхны ақыҭа Бзыԥтәи Аԥсны иаҭоурыхтә центрны иҟан. Акыраамҭа уи Аԥсны аполитикатәи асоциалтәи ԥсҭазаараҿы иааннакылоз аҭыԥ ҷыдан. Лыхны акәын иахьымҩаԥысуаз амилаҭ рлахьынҵа ахьырыӡбоз аизарақәа 1808-1863 шықәсқәа рзы араҟа иҟан аҳра зуаз Чачаа раҳҭынра. Уи аҭыԥ зны-зынла Аԥсны аҳцәа аӡынтәи раҳҭынра ҳәагьы иашьҭан. Лыхнашҭаҿы иахьагьы игылоуп урҭ рхантәи абаа хыжәжәарақәа. Иара абраҟа игылоуп X-XI ашәышықәсақәа ирыҵаркуа Анцәа дзыхшаз Лылацәеиқәыԥсара ахьӡала иҟоу ауахәама. Ари аныхабаа Аԥсны аҭоурых-культуратә баҟақәа рахь иаҵанакуеит. Ауахәама ргылоуп ибзианы ицәу ԥшькәакьҭак змоу ахаҳәцәқәа рыла. Усҟак идуум аҟәырӷ хаз-хазы игылоу ԥшь-шьаҟак ирықәгылоуп. Лыхнытәи ауахәама иуникалтәқәоу ирхыԥхьаӡалоуп архитектуреи аҭӡынҵақәеи ирыбзоураны, иаанханы иҟоуп ажәытәӡатәи аамҭақәа ирыҵанакуа аҭӡынҵақәа рышьҭақәа. Араҟа иҟоуп иуникалтәу аныхачаԥақәа, урҭ рыбжьара акызаҵәык аԥсышәала иҩу. Аҳ Қьалышь иԥеиҵбы, Сафарбеи Чачба ауахәамаҿы анышә дамадоуп,уи иааигәа - Гаргь Чачбагьы, уи аҵыхәтәантәи аҳра зуаз аҭауад Михаил Чачба-Шервашиӡе иԥа иакәын.
Есышықәса Лыхнашҭаҿы имҩаԥыргоит ҽаҩраҭагалан аныҳәа. Аҵыхәтәантәи хәышықәса уи ацәажәарақәа рацәаӡаны иахылҿиаауеит. Лыхнашҭаҿы аҽаҩраҭагалара аныҳәа азгәаҭара атрадициа 1984 ашықәс азы иалагеит. «Аибашьраани уи ашьҭахьи имҩаԥыргаӡомызт, аха уажәшьҭа жәаф шықәсоуп еиԥҟьарада ари аныҳәа мҩаԥаҳгоижьҭе»,-иҳәеит Лыхны ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Бганба. Аԥышәа иаҳнарбеит уажәтәи амҩаԥгашьа аформа ҳамԥсахыр ада ԥсыхәа шҳамам. Ари ажәлар еидызкыло ныҳәоуп, иара иамоуп ахатәы формат раԥхьа ианхацыркыз иазԥхьагәаҭаз ахь ҳгьежьыр ауп ҳәа иԥхьаӡоит Асҭамыр Банба. Сынтәа имҩаԥысыз аныҳәа анхырқәшаха ашьҭахьгьы уи шымҩаԥсыз азы ацәажәарақәа акраамҭа еихсыӷьуамызт. «Аԥсшьаҩцәа ралархәра ҳалагеижьҭеи аҭагылазаашьа есааира еицәахоит, ари азҵаара шьаҭанкыла иӡбатәуп, уаҳа хырԥашьа амаӡам»,-иҳәеит Асҭамыр Бганба азҵаара далацәажәо. Убри аан иара иазгәаиҭеит Гәдоуҭа араион ахадараҿгьы уи ҿыӷәӷәаала ишалацәажәаз, аус иацхрааша амҩақәа рыԥшааразы аилатәарақәа шымҩаԥгаз. Асҭамыр Бганба игәаанагарала аҭакԥхықәра рхахьы иргароуп аԥсшьаҩцәа арахь иаазго атуристә еилакқәеи, хаҭалатәи аекскурсиақәа рымҩаԥгаҩцәеи. Избанзар,аиҿкааҩцәа ракәӡам урҭ ааԥхьара рызҭо, дара аазго аекскурсиақәа знапы рылаку роуп. Атема ҭбаауп, узлацәажәаша рацәоуп, аха еилкаауп акы-ԥшӡала ҳнеиааит уаанӡа, ҽааны уи аҩыза ҟамларц азы аҭагылазаашьа аԥсахра хымԥадатәуп иҳәеит Асҭамыр Бганба.
«Зеиԥшла аихшьала ҟауҵозар, ашықәс маншәалан. Аԥсабаратә цәырҵрақәак ҳасаб рзумуазар аусура шцац ицоит. Агәра згоит ҽааны сынтәа аасҭа иҵегь ишдырҭбаауа ақыҭа аҿиара иадҳәалоу апроектқәа. Ақыҭа нхарҭа, хныҟәгага ҭыԥуп изҭаху изы»,-иҳәеит Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Бганба аиҿцәажара хыркәшо.
Елана Лашәриа

