АХҬЫСҚӘА

Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

Беслан Бигәаа аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рымш иазкыз аныҳәатә еилатәараҿы дықәгылеит. Иара аусбарҭа хаҭалатәи аилазаареи аветеранцәеи дрыдныҳәалеит, иазгәеиҭеит аԥсуа милициа аҭоурыхтә традициақәа реиқәырхареи абиԥарақәа рышьҭрамадареи аҵак ду шрымоу.

«Амилициа амш аҽны иаҳгәаланаршәоит ҳусбарҭа аҭоурых, уи ашьақәгылара ахыҵхырҭаҿы игылаз ауаа. Иҷыдоу аџьшьара ажәақәа расҳәар сҭахуп аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рветеранцәа», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Беслан Бигәаа.

Иара иазгәеиҭеит иахьа аус шыруа аусбарҭа иреиӷьу атрадициақәа реиқәырхара, аветеранцәа рԥышәа рымдара, рзанааҭтә уалԥшьа хьыӡла-ԥшала анагӡара ишьҭоу аусзуҩцәа рабиԥара ҿыцқәа.

Ахада ихаҭыԥуаҩ аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит есыҽнытәи рмаҵзуразы, атәылауаа рзакәани рзинқәеи рыхьчаразы, ареспубликаҿы аҭынчра аиқәырхаразы.

Ахыркәшамҭаз Беслан Бигәаа аусзуҩцәеи аветеранцәеи ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, ахачҳара, ирзааигәоу рыцхыраара, амаҵзураҿы ақәҿиарақәа, рҭаацәарақәа рҿы аманшәалара.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image