АХҬЫСҚӘА

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аԥҵоижьҭеи 105 шықәса аҵра иазку аныҳәатә еизара мҩаԥысуеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны

Аусбарҭа анапхгареи хаҭалатәи аилазаареи риубилеи рыдырныҳәаларц иааит ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы Дмитри Дбар, апрокурор хада Адгәыр Агрба.

Аусмҩаԥгатә алагамҭазы гәырӷьарала иҩнаргалеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра абираҟ.

Еизаз бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут.

Иара иазгәеиҭеит иахьатәи амш аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рзы баша рыцхәны ишыҟам, уи есыҽны ҳтәыла азакәани, аиҿкаареи, ашәарҭадареи рыхьчараҿы игылоу гәык-ԥсыкала рзыҟазаареи, ргәымшәареи, хацәынмырха рџьабааи ишырсимволу.

«Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа ирымоуп ибеиоу аҭоурых, аԥышәарақәа рыла иӡрыжәу. Ҳара иаҳгәалашәоит ахьыԥшымразы ақәԥара ашықәсқәа раан ҳусзуҩцәа рыжәҩахыр еибыҭаны ажәлари дареи ахақәиҭреи асуверенитети рзы ишеибашьуаз.

Акыр иаԥсоу аветеранцәа, шәара шәԥышәа уажәтәи абиԥара рзы хәы змаӡам ҭынхоуп. Иахьа, аҭынч аамҭазы, ари атрадициа хьӡырҳәага ҳазгәдуны иацаҳҵоит, ҳауаажәларраҿы аҭышәынтәалареи аҭынчреи алҳаршоит. Ииасуа ашықәс азы Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа алҵшәа бзиақәа аадырԥшит. Шәыпрофессионализми шәоперативреи ирыбзоураны ацәгьоурақәа рҿагыларазы ауснагӡатәқәа ҳарӷәӷәеит, азинеилагарақәа рыҩаӡара акыр илаҳарҟәит. Есыҽнытәи шәусура иалнаршоит Аԥсны атәылауаа ҭынч рынхара, ахәыҷқәа рааӡара, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ашьақәыргылара», — иҳәеит Кьиут.

Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит аусбарҭагьы активла жәларбжьаратәи аусеицура шарҿио, аиҩызаратә тәылақәа рҟынтәи рколлегацәеи дареи рԥышәа шеимырдо.

«Уи аҿы иҷыдоу ароль нанагӡоит Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи ҳареи лыҵшәа бзиала ҳаинырра. Аоперативтә информациеи аԥхьагылара змоу аԥышәеи реимдара, иара убас иҳарҭо аматериал-техникатә цхыраара иалнаршоит ашәарҭадара аиҿкаареи ҳусзуҩцәа рзанааҭтә ҩаӡара ашьҭыхреи русхк аҟны иактуалтәу ауснагӡатәқәа хра рыманы рыӡбара. Арҭ аихьӡарақәа зегьы алыршахеит ҳҳәынҭқарра ахада иҟәыӷоу инапхгареи ицхыраареи ирыбзоураны», – иҳәеит Кьиут .

Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа зегьы рыхьӡала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа иеиҳәеит ауаажәларратә шәарҭадара азҵаарақәа ааԥсарак ҟамҵакәа дахьрызхьаԥшуа, ихадоу ауснагӡатәқәа рыӡбара хаҭала дахьалахәу азы.

Ҳара хықәкыс иҳамоу ашәарҭарақәа рықәҿыҭра адагьы урҭ аԥзырҟәҟәаауа асистема аԥҵара ауп, атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рыхьчара аҩаӡара ҳаракы алыршаразы», — иҳәеит Кьиут.

Аминистр аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәеи рветеранцәеи ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аҭаацәаратә маншәалара, азанааҭтә қәҿиарақәа, аҭынч жәҩан.

«Аныҳәа шәыдысныҳәалоит, ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!»- иажәа хиркәшеит Кьиут.

Аныҳәатә еилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҳа зҽалызкааз аусзуҩцәа аҳәынҭқарратәи аусбарҭатәи ҳамҭақәа ранашьахоит, иара убас изаамҭанытәиу иҷыдоу ахьӡқәа рыхҵахоит.

 

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image