АХҬЫСҚӘА

Аԥыза-министр Владимир Делба агәырбӷьы ҵиаақәа рыхьчара ахылаԥшра арӷәӷәаразы аусдҵа инапы аҵеиҩит

Адокумент азырхоуп ашықәс ҿыц аламҭалазтәи аамҭеи 2026 шықәсазтәи аныҳәақәеи раан закәаншьаҭада аԥҟарақәа раԥырҟәҟәаара, иара убас урҭ рыхьчара алыршара.

Абнатә нхамҩа аҳәынҭусбарҭеи, аекологиеи аԥсабарахархәареи рзы Аҳәынҭеилаки, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи анапынҵа рыҭоуп агәырбӷьы ҵиаақәа рыхьчареи, иаку аҳәынҭқарратә бнатә фонди абаҳчақәеи рҿы агәырбӷьы ҵлақәа рыԥҟара аԥырҟәҟәаара ахылаԥшреи дырӷәӷәарц азы.

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы 2026 шықәса ԥхынҷкәынмза 1-31 рзы анапынҵа аҭоуп амзартә мшқәа хԥа рахь знык еиҵамкәа Аԥсны иаларгалаз аԥсаҵлақәа рхыԥхьаӡара иазку адыррақәа, иара убас иарбоу атауарқәа аазго ахаҿқәа рзы адыррақәа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь инарышьҭларц.

Аусбарҭақәеи, аунитартә наплакқәеи, аҳәынҭқарратә наплакқәеи ашықәс ҿыцазтәи аныҳәақәа рымҩаԥгаразы иԥсабаратәым аԥсаӡқәа рхы иадырхәаларц рабжьгоуп.

Ақәҵара анагӡара ахылаԥшра рыдҵоуп: абнатә нхамҩа аҳәынҭқарратә усбарҭа, аекологиеи аԥсабарахархәареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image