АХҬЫСҚӘА

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Амилициа амш азы аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәеи рветеранцәеи дрыдныҳәалеит:

 «Ҳаҭыр зқәу аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәеи рветеранцәеи!

Ишәыдысныҳәалоит Амилициа амш!

Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҿы амаҵзура — ари агәымшәареи, ахачҳареи, апринципреи, аус гәык-ԥсыкала азыҟазаареи зҭаху аҭакзыԥхықәу, ҳаҭыр зқәу миссиоуп.

Ауаажәларратә шәарҭадара аиҿкаара, азинеиҿкаара ахьчара, атәылауаа рзакәантә зинқәеи ринтересқәеи рыхьчара Шәара занааҭтә уалԥшьаны шәызҵоу ауп.

Аԥсны амилициа аҭоурых ҳтәылеи ҳажәлари рҭоурых иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа Аԥсадгьыл ахьчаразы игылеит. Урҭ рахьтә аӡәырҩы Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рхы ақәырҵеит. Ҳара иҭахаз ргәалашәара лаша ҳацуп, ҳаҭырла ҳарзыҟоуп арҭ аԥышәарақәа ирхысыз зегьы.

Иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан амилициа аусзуҩцәа ауаажәларратә зинтә еиҿкаара иахылаԥшуан ҭакԥхықәрала рмаҵзуратә уал нагӡо.

Иахьа аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аҭакԥхықәура ду зцу ари аусура иацырҵоит. Шәнапы злаку иреиӷьу шәмаҵзура атрадициақәа реиқәырхараҿы иҷыдоу ароль нарыгӡоит зԥышәеи, ззанааҭдырреи, рҭоуба ацәхьамҵреи рыла амилициаа ҿарацәа рзы иҿырԥшыгоу аусзуҩцәа рабиԥара еиҳабыра.

Абиԥарақәа реимадара, аусбарҭа аҭоурых ҳаҭыр ақәҵара, ауаажәларра рҿаԥхьа иныҟәырго аҭакԥхықәра аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа лыҵшәа змоу русура шьаҭас иамоуп.

Азинтә ҳәынҭқарра ашьақәгылареи арӷәӷәареи раан Шәара ҷыдала аҭакԥхықәра шәыдуп. Шәара шәдырра, шәыпринципра, амаҵзура ламысцқьала азнеира акыр ауаажәларратә ҭышәынтәалара, атәылауаа ршәарҭадара, ауаа аҳәынҭқарратә институтқәа рахь ирымоу агәрагара иадҳәалоуп.

Аҳәынҭқарра инеиԥынкыланы аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рырӷәӷәара, урҭ рматериал-техникатә база аиӷьтәра, ирыду ауснагӡатәқәа рынагӡаразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа рзаԥҵара аус аднаулоит, уи аԥхьаҟагьы иацҵахоит.

Ари аныҳәамш аҽны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәеи рветеранцәеи зегьы ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, амаҵзураҿы ақәҿиарақәа, ахачҳара, агәымшәара. Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәоит зыԥсҭазаара ҳ-Аԥсадгьыли азакәани рымаҵ аура иазызкыз аветеранцәа.

Анасыԥи ахирра рыгымзааит дасу шәыҩнаҭақәа!»

 

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image