АХҬЫСҚӘА

Аԥсны аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара асистема аусбарҭақәа зымҽхак ҭбаау атактика-ҷыдатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аҽазыҟаҵарақәа ртема-«В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза “Аҟәа” аҿы аҳаирплан атәараан иҟалаз амашәыр иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара ауп».

Аҽазыҟаҵарақәа хықәкы хадас ирымоуп авиациатә ҭагылазаашьа уадаҩ аан Аԥсни Урыстәылеи рмедицинатә маҵзурақәа ҳәоуеиқәшәалара русеицура апрактикаҿы аус адулара.

Аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭон аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба.

Аҽазыҟаҵарақәа реиҿкааратә еилакы аилазаара иалоуп аҩ-тәылак рпрофильтә усбарҭақәа:

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрреи Аҟәа ақалақь амедицинатә цхыраара ласы амаҵзуреи;

В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза “Аҟәа” ;

Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра , аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра , аенергетика аминистрра;

Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә еилаки Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа;

Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистрра , ФГБУ «Н. И.Пирогова ихьӡ зху НМХЦ».

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image