Аԥсуа кәашарақәа рықәыргылара, сара излеилыскаауа ала, усҵәҟьа имариам. Раԥхьаӡа акәны ақәыргылаҩ бзиа имазароуп, иԥсабаратәу абаҩхатәра, уи «иаҳауазароуп» ашәа абжьы, хаҭалагьы иҳәозароуп. Насоуп ашәа иалхны акәашарагьы анықәиргыло. Иҟалоит ҳәарада ашәа ззымҳәогьы, акәашара дазҟазазар, аха уаагьы аритмика имазароуп. Уигьы ыҟамзар икәашашьа оумак иманшәалахом…
Ажәытә ҳабацәа ачарақәеи агәырӷьарақәеи рҿы ианыкәашоз, даҽакала икәашон. Иара иахьагьы ҭынч-ҭынч, аԥсуа ҵасла инаҳәы-ааҳәуа ишьацәхыртәуа, пату ақәҵаны ианыкәашо, изымкәашогьы агәаԥхара инаҭоит.
Аԥсны ахы-аҵыхәа зыхьӡи-зыжәлеи еидкыланы ирҳәоз, аԥсуа жәлар рҟазара иазҿлымҳаз Агрба Едуард Борис-иԥа 22.10.1939 ш., Ҟәланырхәа ақыҭан, Гәдоуҭа араион аҟны диит. Ҟәланырхәатәи ихаҭәаамыз ашкол дҭалеит. Иара ихы идыруа даныҟала нахыс, аԥсуа кәашарақәа дрызҿлымҳан. – Усҟан, иҳәеит Едуард Борис-иԥа, – аԥсуаа агәырӷьара анрымаз, аҭаца данааргоз икәашон. Еицыкәашоз пату еиқәҵаны, рҟазара аадырԥшуан. Иахьа ҳаԥсуа чарақәа урыхәаԥшыр, угәы удырхьуеит. Иаҳтәымыз иҳадаҳкылаз рацәахеит. Аԥсуа ҟазара аиқәырхаразы ахореографцәа рыбжьы дыргароуп. Иахьа ҳбызшәа ааныжьны, даҽа бызшәак ала ацәажәара иалагаз рацәаҩуп. Аиҳабацәа еилыркаароуп, ҳҵеицәа шәҩыла Аԥсны ахақәиҭтәразы рхы ақәырҵеит. Урҭ рыԥсы злоу ҳаԥсадгьыл еиқәдырхаз, аԥсуа бызшәа ықәмыҩуазар, ҳаԥсуа ҟазара ӡырҳамгозар, нас изҭахазеи?! Уахгьы-ҽынгьы урҭ азҵаарақәа сгәы иҵхоит, хьаа дуны исыцуп, - иҳәеит Едуард Борис-иԥа.
Агрба Едуард Борис-иԥа аԥсуа қыҭа Ҟәланырхәа, иарбан аамҭазаалакгьы, афырхацәа шалиаауаз азгәеиҭеит: – Ҟәланырхәаа, иҳәеит иара, - аԥсуа ҭоурых хазырҭәаауаз рыгәҭа игылан. Аԥсуаа «Шәҩыуаа» инадыркны, ареволиуциатә отриад «Кьараз» алахәылацәа ыҟан. 1937-1940-тәи ашықәс еиқәаҵәақәа раан, иреиӷьӡаз рҵеицәа аԥсадгьыл иаӷацәоуп ҳәа 49-ҩык рыҩнқәа индә́ылганы иргеит. Харада ахара рыдҵаны идырӡит. Уи ашьҭахь 1941-1945 Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ианалага 133-ҩык еибашьра ицеит. Урҭ рахьтә 84-ҩык зымхынҳәӡеит.
– Аԥсуа қыҭа Ҟәланырхәа аҭоурыхтә шәахсҭақәа ианылаз маҷӡам. Аҿар анааиҵагыла, 1992 ш. нанҳәамза жәиԥшь рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеит. Ҟәланырхәаа Аԥсны ахақәиҭтәра 29-ҩык аҵеицәа рхы ақәырҵеит. Едуард Борис-иԥа илаӷырӡқәа мчыла иҵәахуа иажәа иациҵеит: – Аибашьра еилгаразы бжьымш шагыз, сԥа еиҵбы дышьны дааргеит. Иара зеижә шықәса ракәын ихыҵуаз…
Агрба Алхас Едуард-иԥа аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәра аан 22.09.1993 ш. фырхаҵала дҭахеит, дҭаацәараӡамызт– Уи данҭаха ашьҭахь, - иҳәеит иаб, - сыԥсҭазаара даҽакхеит. Аҿар рхы зқәырҵаз Аԥсны шәҭларц, иӷьацаларц, иҿиаларц сҭахуп…
Агрба Едуард Борис-иԥа Асовет аамҭазы аҟазараҿы аамҭа дафырхаҵаны дыҟан. Иаркы-ирцә ҳәа аҟазараҿы ицәырҵыз кәашаҩын. Знык инапқәа ааиҵыхны, дшьацәхыртәуа, асцена данаақәлалак нахыс ахәаԥшцәа ршьапқәа ирықәгыланы, рнапқәа изеинырҟьон.
Едуард Борис-иԥа иаб нхаҩы наган. Иан Гәыбаз Вера Ҳаџьараҭ-иԥҳа жәҩык ахшара лхылҵит: Анатоли, Арзадин, Гарри,Џыр, Зурик, Едуард, Марина, Галиа, Бабусиа.
– Саб, - иҳәеит Едуард, - Ҟәланырхәа адгьыл аакылырхааны, анхара далагеит. Ҭаацәала зегьы махәҿала аус аауан. Ахәыҷқәа зегьы шықәсык, шықәсык ҳабжьан. Аиҳабацәа аиҵбацәа ҳархылаԥшуан, иаҳбон…
Ҟәланырхәа ақыҭан Шьаҟрыл Жора ачара иуан. Убасҟантәи ачарақәа рҟны аҟазара дуӡӡа аадырԥшуан. Убраҟа Едуард даныкәаша ашьҭахь Шьаҟрыл Гарри (аҟазара инапы алакын) дааидгылан, аамҭа мгакәан, Гәдоуҭа ақалақь акультуратә Хан аҟны днеирц иеиҳәеит.
Гәдоуҭатәи акультуратә Хан аҟны аԥсуа кәашарақәа разыҟаҵаразы агәыԥ еидикылеит. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны ансамбль еиҿикааит. Акәашацәа ақалақь школқәа рҟынтә иалхны иазыҟаиҵон.
Едуард Борис-иԥа ақалақь Гәдоуҭа асасцәа дуқәа анаҭаалак ихәыҷқәа аҟазара злаиааӡаз, асценахь ицәыригон, ахәаԥшцәа урҭ гәахәарыла ирыдыркылон. Аҵыхәтәан, Едуард Борис-иԥа инапқәа ааиҵыхны асасцәа дырзыкәашон. Аԥсуа ҟазарахь имаз агәбылра иахьагьы ицәа-ижьы иалоуп. Усҟан, Аҟәатәи аҵара-лашаратә ҵараиурҭа еиҳабыс Ҭраԥшь Анатоли Семион-иԥа даман. Едуард икәашара иахәаԥшыз аҵараиурҭахь днарыԥхьеит. Аԥышәарақәа рыдыркылон: Бебиа Едуард, Багаҭелиа Баграт, Ҭраԥшь Анатоли.
Едуард Борис-иԥа икәашашьа, аԥышәарақәа здызкылоз зегьы даара иргәаԥхеит. Нас, аԥсуа ашәак рзиҳәарц идырҵеит, иагьынеигӡеит «Озбақь ахаҵа», Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи ансамбль ахь дрыдыркылеит.
– Аԥсны еицырдыруаз акәашаҩ Џьениа Сусанеи сареи ҳаиццәырҵуан. Ԥшьышықәса инареиҳаны уи ансамбль аҟны аԥсуа жәлар рҟазара ӡырзгон– иҳәеит Едуард Борис-иԥа.
Аԥсуа кәашарақәа рыҩаӡара ҳаракны иахьынеигӡаз азы, Едуард Борис-иԥа, Ленин шәышықәса анихыҵуаз «Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы» ҳәа ахьӡ ҳаракы даԥсахеит.
Аԥсны зҽаԥсазтәыз Аҳәынҭқарратә ашәаҳәареи акәашареи рансамбль Едуард Борис-иԥа ихаан хынтә Қарҭ иқәгылеит, рыхынтәгьы аџьазтә медаль ааргеит.
1972 ш. Қарҭ ақалақь акәашаратә фестиваль мҩаԥыргон. Аԥснынтә х-ҩык акәашацәа нагақәа алахәын: Шамба Закан, Агрба Едуард, Мқанба Едуард. Рыхҩык араӡны медалқәа ранашьан.
Аԥсшьарҭа «Пицунда» адунеи аҟны аҭыԥ ҷыда ааннакылоит. 1973 ш. араҟа аҟазаратә еиԥылара имҩаԥыргоз «Араӡнытә фестиваль» захьӡыз еиҿкааҩыс Аҩардан Шамел даман. Иара убас аестрадатә ансамбль «Аԥсны 67» Германиаҟа аконцертқәа рымҩаԥгаразы ицон. Пицунда имҩаԥыргоз «Араӡнытә фестиваль» ансамбль «Аԥсны – 67» рықәгыларақәа раан азалқәа уаала иҭәын. Ахәаԥшцәа даара гәахәара дула ирыдыркылеит. Иахьцоз ирыцын: Шамба Закан, Мқанба Едуард, Агрба Едуард – рыхҩык асцена дырхыџ-хыџит, ахәаԥшцәа изныкымкәан асценахь ицәырыргеит.
– Аԥсны аԥсуа кәашарақәа рӡыргаразы Бебиа Едуард Уаҳаид-иԥа, даара аџьабаа ибеит. Ирацәоуп ишьақәиргылаз, еиқәирхаз ҳакәашарақәа. Аԥсуа жәлар рыкәашарақәа апрограмма иалеиҵон, иҭиҵаауан, иқәиргылон. Ҳарҵаҩы Ду, – иҳәеит Едуард Борис-иԥа , – аҵарагьы иман, ауаҩрагьы илан. Аҟазарахь имаз агәыблыра ду ҳәаа амаӡамызт.
Агрба Едуард Борис-иԥа еиҳараҩык Милтон ҳәа ауп ишиарҳәо. Аҭаацәара бзиа аԥиҵеит. Изхгәырӷьаауаз рԥацәа ҩыџьа рааӡон. Аибашьра, ӷьара зқәымз ахьаа рзыннажьит. Аха, рмоҭацәа рыла аԥсҭазаара ду амҩа иануп. Едуард иԥшәма Аџьба-Агрба Емма:– Ҳ-Аԥсны зыԥсы ақәҵаны изыхьчаз зегьы фырхацәоуп. Рыԥсы ҭынчзааит, рхы зқәырҵаз адгьыл аԥсуа иԥсадгьылны иаанхааит… лҳәеит.
Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Гәымба Леонид Арзамеҭ-иԥа иҳәахьан: – Едуард Борис-иԥа иаркы-ирцә ҳәа аҟазараҿы ицәырҵыз, ихатәраз кәашаҩын. Иоура-иҭбаара, икәашашьа, ицәырҵшьа аҟазара дахаҿын. Аџьабаа ду асценаҿы ибахьан. Аԥсуа милаҭтә кәашарақәа рықәыргылараҿы илшарақәа рацәан. Уи иарбан нсамбльзаалак иазыҟаиҵоз аихьӡарақәа рыман ҳәа.
Едуард Борис-иԥа аԥсуа ҟазара аҭоурыхаҿы иџьабаа дуӡӡан… Уи еиуеиԥшымз аҭыԥқәа рҿы аус иуан, еиҳараӡак аԥсуа школқәа рҿы: Пицундатәи, Ҟәланырхәатәи, Оҭҳаратәи, Лыхнытәи, Бзыԥҭатәи, Гәдоуҭатәи акультуратә Хан аҟны ансамбль еиҿкааны иман. Уи ансамбль иамаз аԥхьахәқәа рызегьы ихатәы архив аҟны ишьҭоуп.
Ауаҩы зџьабаа ыҟоу, иџьабаа уалацәажәароуп, дызлагылоу ажәлар ирдыруазароуп, ауаҩы дызнысыз амҩа, уи абиԥарақәа ирызнагатәуп, ирзааныжьтәуп.
Едуард Борис-иԥа илагала аҭоурых иазаанижьыз абиԥарақәа еимырдалоит. Дарбанзаалак иқәрахь даннеилак, ишьҭахьҟа дхьаԥшуеит… – Сара сџьабаа акәӡам сзызхәыцуа, дарбанзаалак ауаҩы илшоз ала иԥсадгьыл дазааԥсеит. Уи зҳәо газеҭзаргьы, қьаадзаргьы аҭаацәараҿы инхароуп, – иҳәеит.
Агрба Едуард Борис-иԥа 87 шықәса ирҭагылоу, зыхшыҩ еилкка иҟоу, аԥсуа ҟазара ахәышҭаара есааира аихаҳара, ацхыраара, аӡыргара хьаас измоу ҟазоуп. Аҟазара ацыԥхьқәа аԥсуа ҩнаҭақәа зегьы рыҟны иҟазар ахәҭоуп ҳәа ихәыцуа, уаҩы хатәроуп. Игәы-иԥсы злоу аԥсуа кәашарақәа аԥсҭазаараҿы аԥыжәара амазарц иҭахуп. –Ҳара ҳҟазара азқьышықәсақәа ирылганы иааргаз еиқәырхатәуп. Аԥсҭазаараҿы ҳмилаҭтә кәашарақәа рымҩаду ырҭбаалатәуп. Иахьатәи ҳаԥсуа чарақәа рҟны аԥсуаа иркәашо акәашарақәа ирылацәажәатәуп. Ҳмилаҭтә ҟазара анаҳзеиқәмырха, уи даара ирыцҳара дууп. Ҳбызша, ҳҵас, ҳқьабз, ҳҟазара зегьы еидҳәалазароуп. Усҟан ауп ҳаԥсадгьыл Аԥсны анеиқәх́о,– иҳәеит игәы хьаауа.
– Исҭахуп ҳажәлар зегьы бзиа еибабаларц, зықьҩыла иҭахаз ҳаҷкәынцәа ршьа ҳадгьыл иалоуп. Убарҭ ҳхазыршҭуа хҭыс ҟамлааит, иаҳбаз ҳазхазааит, – иҳәеит Едуард Борис-иԥа. Сыԥсҭазаараҿы схы аиҳа снапы злакыз аҟазара бзиа избон, иахьагьы избоит. Сқәыԥшра аамҭазы аҟазараҿы амҩа сызнысыз хашҭра ақәымкәа сыбла ихгылоуп. Ҳаԥсуа жәлар рыкәашарақәа еиқәырханы иаанхароуп. Аԥсуа жәлар рыкәашарақәа, Кавказаа рыкәашарақәа иреиԥшӡам. Акәашара амилаҭ хаҿы аныԥшуазароуп. Аԥсуаа ахаан еилаԥаҭԥаҭуа икәашаӡомызт. Пату ақәҵаны икәашон, уи даараӡа акраҵанакуеит. Сҿара ашықәсқәа раан, икәашози дызцыкәашози ҳаҭырла реицыкәашашьа сыбла ихгылоуп. Аԥсуа ҟазара иҭамбаӡо ӡыхьуп ҳәа ҳажәлар ражәа иалоуп. Аԥсуа жәлар рҟазара аҳәаақәа ырҭбаауа, аԥхьарца абжьы хаа еиԥш рашәеи рыкәашареи ҳаԥсадгыл Аԥсны иалҩлааит. Ҳажәлар аԥеиԥш ду рымазааит иҳәеит Едуард Борис-иԥа иажәа хыркәшо.
Ҳбызшәа, ҳҵас, ҳқьабз, ҳҟазара зегьы еидҳәалазароуп. Убасҟан ауп ҳаԥсадгьыл Аԥсны анеиқәхо.
Гугуца Џьыкырба

