Аԥсны аҳҭны-қалақь ашколқәа ныҳәа дук еиԥш иазгәарҭеит апатриарх Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵра амш. Иҟам, хымԥада ари амш азгәазымҭаз, гәыла-ԥсыла иахамҵгылаз ҵараиурҭак.Шьыжьнаҵы еилыхаран Б.Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи 1-тәи абжьаратә школ акттә залаҿы. Аҵаҩцәа, рнапхгаҩцәа рыгәҭылакны рҽазыҟарҵон ҳ-Дырмит ду изкыз аиԥылара.