АХҬЫСҚӘА

Бадра Гәынба: «Шьалуа Инал-иԥа иусумҭақәа ҳжәытәра аилкааразы аҵак ду рымоуп»

Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба IV Жәларбжьаратәи Инал-иԥа иаԥхьарақәа ирылахәыз бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит.

«Иахьа ҳара ҳаизеит зусура аԥсуа ҭҵаарадырра аҭоурых аҿы аҭыԥ ҷыда ааннакыло ауаҩы пату иқәаҳҵарц. Шьалуа Денис-иԥа аԥсуа жәлар рҭоурыхтә мҩеи, ркультуреи, ртрадициақәеи, рыбзазареи, рдоуҳатә ҭынхеи рыҭҵаара зыԥсҭазаара зегьы азызкыз аҭҵааҩцәа дреиуоуп. Уи иусумҭақәа ҳжәытәра аилкааразы аҵак ду рымоуп. Иара иҭиҵааит аԥсуаа рҭоурыхи ретнокультуратә ҿиареи, рматериалтәи рдоуҳатәи культура аҷыдарақәа, жәлар ртрадициақәа, рҭаацәаратәи руаажәларратәи еизыҟазаашьақәа», — иҳәеит атәыла ахада.

Иара иазгәеиҭеит Шьалуа Денис-иԥа шықәсырацәалатәи иусура иабзоураны Аԥсны жәлар рыԥсҭазаара иазку ихадоу адыррақәа аҭҵаарадырратә хшыҩзцара шроуз, анаҩстәи абиԥарақәа рзы ишеиқәхаз.

«Ацәанырра ҷыдақәа узцәырнагоит иуаҩытәыҩсатә ҟазшьақәа. Иԥшәмаԥҳәыс адунеи еицырдыруа аҵарауаҩ Хотелашвили-Инал-иԥеи иареи рыԥсы ҭанаҵы иаадырԥшуан Аԥсни, уи аҭоурыхи, акультуреи, рыжәлари инарҵауланы гәык-ԥсыкала ишырзыҟаз. Рҭаацәара апатриотизм иашаҵәҟьа иаҿырԥшыгахеит. Урҭ рхәыҷқәа арҭ аҷыдарақәа рыларааӡеит, уи арҵабыргуеит рыҷкәын Адгәыр Инал-иԥа ифырхаҵара. Данқәыԥшыз инаркны идгьыл гәакьа абзиабареи ижәлар рҿаԥхьа ауалԥшьеи инырит. Адгәыр дышқәыԥшызгьы абаҩхатәра змаз ҵарауаҩын, афизика аганахьала аҭҵаарақәа инапы рылакын, агәыӷра дугьы идырҳәалон, аха аԥышәарақәа раамҭазы Аԥсны ахьчаразы дгыланы иԥсадгьыл ахақәиҭра иԥсы ахҭниҵеит», — ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба.

 

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image