АХҬЫСҚӘА

Иахьа еицырдыруа аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, алитератураҭҵааҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа (жьҭаарамза 20, 1916-цәыббрамза 22, 1995) 110 шықәса ихыҵуан

Шьалуа Денис-иԥа Аԥсны аҭоурыхи аетнографиеи рҿы илагала ахә ашьара уадаҩуп. Ш.Инал-иԥа Аԥсни уи анҭыҵи инарҭбааны деицырдыруеит аԥсуаҭҵаареи Кавказҭҵаареи, аетногенези аԥсуаа ретникатә ҭоурыхи рактуалтә проблемақәа рыҭҵаара иазку ихадоу аҭҵаарадырратә усумҭақәа жәпакы дравторны.

Аҵарауаҩ иусумҭа дуқәа рахь иаҵанакуеит: «Аԥсуаа» «Аԥсуаа ретнокультуратә ҭоурых азҵаарақәа», «Атрадициақәеи иахьатәи аамҭеи», «Асаӡқәа», «Аԥсуа етикет иазку аочеркқәа» уб. иҵ. Ш. Инал-иԥа иусумҭақәа анализ ҵаулоуп, ахархәара змоу ахыҵхырҭадырратә материал хкы рацәала еилоуп.

Аҵарауаҩ иҭҵаарадырратә интересқәа ирыҵаркуан абызшәадырра, алитератураҭҵаара, аетика, афольклорҭҵаара еиуеиԥшым аспектқәа, нарҭаа репосгьы убрахь иналаҵаны.

 

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image