АХҬЫСҚӘА

Ихӡырымгоу афырхаҵа иҭоурых

Аԥсуа-қырҭуатә еибашьраҿы ҳажәлар иргаз Аиааира сынтәа иахыҵит ҩажәи жәаха шықәса.  Арҭ аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа зегьы рыҩнуҵҟа ианҵоу игәыҭшьаагоу аҭоурыхқәа маҷым, аматериалқәа ззыркхьоу аветеранцәеи иҭахази ҵҩа рымам. Аха, зегьы акоуп, иахьагьы зыӡбахә ҳәам, зҭоурых еиҭаҳәам ауаа маҷым.

Зхы аӡыргара бзиа изымбо ауаа, аџьамыӷәа ҳәа ззырҳәо зхызгаҵәҟьаз, аха убри аан иҟасҵаз ҳәа зыбжьы ҭыган зныкгьы изымҳәац ауаа ыҟоуп. Урҭ аҳәынҭқарра аҟынтә ҳамҭакгьы рымам, иҳаундазҳәагьы рхахьгьы имааиц, иагьашьҭамлац. Амала, ус иҟоу ауаа хаҭала ианудыруа еиҳагьы ихьааугоит, зынӡа аибашьра ааигәа иҟамыз џьоукы-џьоукы аҳамҭақәа анранашьоу, изыхәҭаҵәҟьоу, џьаҳаным иахысыз иахьагьы рыӡбахә ахьҳәам.

Убарҭ зыӡбахә ҳәам афырхацәа дреиуоуп иахьатәи сажәабжь хьанҭа зызку ауаҩы. Иара аибашьраан ишьны аԥсышьҭаҵарҭахь  иааргоз аԥсуа еибашьцәеи, аҭынч уааԥсыреи анышә иаиҭон. Иааидкыланы хынҩажәи ҩыџьаҩык анышә иамеидеит ихала, урҭ рахьтә жәеизаҩык рыда, егьырҭ зегьы инапала иҵхны, ирҽеины рҭаацәа ириҭеит аибашьреи аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәеи раан. Уи аибашьра ааилгазар зныкгьы аиҿцәажәара иақәымшаҳаҭхацыз Мераб Авдениа-иԥа Ашәба иоуп.

Мераб Ашәба дыздыруеижьҭеи жәохәҟа шықәса ҵуеит. Изныкымкәагьы исаҳахьан аибашьраан ихигаз атәы. Аха, ихаҭа зныкгьы уи далацәажәо, ма иҟасҵаз исылсыршаз ҳәа  аӡбахә иҳәо ахаангьы исмаҳацызт. Изызӡарызеи, аиҿцәажәара иақәыршаҳаҭхаразы изныкымкәа адгалақәагьы ҟасҵахьан, аха ахаан дақәшаҳаҭхомызт. Сынтәа раԥхьаӡа акәны иара игәаӷьит инарҭбааны иҭоурых аиҭаҳәара. Ажәабжь даара ихьанҭоуп, угәы ӷәӷәамзар уагьзазыӡырыҩуам, уагьзаԥхьом.

Нанҳәмза  14 аибашьра ианалагаз аҽны, Мераб Ашәбеи ицыз  Роберт Кәарҷиеи, Оҭар Ашәбеи Урыстәылантәи игьежьны иааит.  Мераб  Аҳабла Ҿыц аҟны ауадақәа иман, еицыз аҩны инеин  рҽааԥсахны, Ацҳа Ҟаԥшь ахь ицеит. «Абџьар ҳамаӡамызт, аха ҳҩызцәа ахьгьылаз ҳгылан ҳаргьы. Ус ҳшыҟаз ҳдыргьежьит, Араион ҿыц абжьаларҭахьы ҳааргеит, уа ҳдыргылеит. Нанҳәамза ҩажәанӡа Араион Ҿыц аҿы  ҳгылан. Амза ҩажәи акы рзы, ԥҳәыск дааҳадгылан, уажәшьҭа лыхьыӡ сгәалашәом, аха Дышторчуаԥҳаз здыруеит , дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа дсыҳәеит, аԥсуаа шьны аморг аҿы ишьҭоуп,сашьагьы уа дрылоуп иԥшаара шәсыцхраа, аӡәы шәсыцца ҳәа»,-иҳәеит аветеран урҭ ахҭысқәа игәаларшәо.  Аԥҳәыс мап лцәымккәа Мераб сара сбыццоит ҳәа леиҳәеит. Насгьы, иара ибзианы дидыруан аморг аиҳабы Шьоҭа Аксент –иԥа Ӷәырцкаиа. Мераби ари Торчуаԥҳаи даҽа  ԥҳәыскгьы дрыцны аԥсышьҭаҵарҭахь ианнеи,  Шьоҭа Аксент-иԥа изышьҭоу иарҳәеит.  «Иара иҳаиҳәеит ф-ҩык аԥсцәа аарган аԥсышьҭаҵарҭаҿы ишыҟоу, даҽа ҩыџьагьы ааргараны ишыҟоу. Аморг ҳаҩналеит, ҳазцааз лашьа дылбозар ҳәа аԥсцәа дрылан ршьапқәа гәаҭо,избанзар, аԥсцәа ргәаҟны ишьын, џьоукы рхырҿқәа узымдыруа иҟан, убри аҟынтә Торчуаԥҳа лашьа рыцҳа, арра даныҟаз ишьапы ианиҵахьаз аҩыра ала  дылдыруазар ҳәа дишьҭан. Уа ҳшыҟаз издыруаз Ӷәадатә ԥҳәыск дызбеит, лара исалҳәеит Роберт Кәарҷиагьы дшьуп ҳәа. Роберт уажәы дызбазма, сқыҭа датәын, дхәыҷы аахыс дыздыруан. Иаразнак ишьҭаз сылаԥш нархызгеит, аха иара уа  дрылаӡамызт. Ҳцоит ҳәа ҳандәықәла, аморг аиҳабы снаиԥхьан дсыҳәеит уа саангыларц, сицхраарц.  Сҩызцәа ахьцо сцароуп сҳәеит, аха иара аԥсреинҵәаразы иааимуит. Убас ауп сышнанагаз аибашьраан аморгахь»,- иҳәеит Мераб Ашәба.

Ауха иара  аморг аҿы даангылеит, аха џьара ихы ахьықәиҵашагьы ԥшаатәын, ԥхьарҭас иалихуеит аморг аҵаҟа иҟаз ауада. Уаҟа гәабаныжәқәак еилажьын, ауада ахаҭагьы аӡы ҩнажжы иҟан, аха уаҳа царҭа ыҟамызт. «Саангылеит аха, санаангылах акы ҟаҵатәын, Шьоҭа Аксе­нт-иԥа ицхраатәын. Уа аԥсышьҭаҵарҭаҿы дыҟан урыск, аибашьра ду 41-45 зхызгахьаз,  ибылуаз атанк дыҭганы деиқәдырхахьан. Аха, ӷәӷәала дыблын, деиџьны дынхеит, инапқәа цқьа аус руамызт, инацәкьарақәагьы ихәомызт. Уамак илшоз акгьы ыҟамызт, аха дахьхәарҭаз дыцхыраауан. Абри иасҳәеит, иҳаулакгьы  аморг аҟны ишьҭоу аԥсцәа анышә иаҳҭар ауп ҳәа. Ҳашьҭалеит анышәынҭрақәа ахьыҟаҳҵаша аҭыԥ», иҳәеит аветеран. Мераби аурыси аморг аварахь аевкалиптқәа ахьеиҭаҳау, ахәаҿы аҭыԥ алырхит. Иахьагьы уи «Мераб инышәынҭрақәа рҭыԥ» ҳәа иашьҭоуп. Анышә ржырц иалагеит, аха уи ҟаҵашьа амаӡамызт, аҵлақәа рдацқәа урышьҭуамызт. Азҵаара хыгашьа амаӡамызт, иаразнак иӡбатәын,избанзар аԥсцәа рхыԥхьаӡара ессаира еиҳахон. «Сара уа сыҟанаҵы даҽа ҩыџьагьы харгалеит. Урҭ зегьы архьшәашәага  иҭаҳҵеит. Иагьа угәаҟыргьы архьшәашәага ф-ҩык иреиҳаны иакӡомызт. Убри аҟнытә зегьы раркышьа ыҟаӡамызт, анышә иаҭатәын. Аурыси сареи ҳнеин Шьоҭа Аксент-иԥа иаҳҳәеит анышә зжыша атрактор шаҳҭаху. Атрактор арныҟәцаҩ иҭатәыз аԥара сара исыман, исҳәеит уи иџьабааԥса ашәара схахьы ишызго атәы.  Аибашьраан Урыстәылантәи сбизнес ныжьны санаауаз аԥара аазгеит. Ара ихадараз изжуаз иԥшаара акәын. Атрактор ҳаԥшааит, уи ала ажрақәа жын, аԥсцәа анышә иаҭан»,-иҳәеит Мераб Ашәба. Иара иажәақәа рыла, иагьа аамҭа царгьы, аибашьра анеилгалакгьы аԥсцәа рҭаацәа шрышьҭало идыруан. Дымҩашьарц азы астол иқәыршәыз астолқәыршә аарҳәны, иԥҟаны аномерқәа аниҵон, урҭ аномерқәа аԥсцәа ирыцижуан. Насгьы доусы анышә дахьамадоу аҭыԥ аевкалипт ҵла метрала иахьынӡацәыхараз аниҵон. Уи анаҩсгьы, азеиԥш журнал аҟны ианиҵон  доусы шаҟа хҭыԥ иныз, игәанала  шаҟа рхыҵуаз. Аԥсцәа зҭарҵоз  архьшәашәага акәзар хымш рышьҭахь аусура иаҟәыҵит, уаҩы изымычҳауаз афҩы бааԥсы ҟалеит, аҩнуҵҟа аԥсеивгашьа амаӡамызт. «Ус ҳшыҟаз Абзагә Гәыргәлиеи Беслан Џьелиеи ааргеит. Џьелиа иаразнак дыздырит, сара исзымдырыз Абзагә иоуп. Дшызбахьбаз аҟара здыруан, сыбла дыхгылан, аха ихьӡи ижәлеи схахьы иааиуамызт. Рҩыџьегьы рхаҿы цқьаӡа иҟан, аӡәы жәиԥшь егьи жәаха хҭыԥ рнын. Архьшәашәага аус аура иаҟәыҵхьан, аха Абзагә ихы -иҿы аарҳәны, ауаҩы  ашә аҟынтәи дыԥшыргьы дибартә аганахьшәа дыбжьасҵеит.

Борис Алмасхан-иԥа Гәыргәлиа иаҳаит иҷкәын дышҭахаз, дааит аморгаҿы, акраамҭагьы Шьоҭа Аксент-иԥеи иареи еицәажәон. Аморг аиҳабы, Борис Гәыргәлиа ахәылбыҽха даарц иеиҳәеит. «Ара Ашәба ҷкәынак дсымоуп, уи ида аӡәгьы духәом, иара иоуп зегьы здыруа. Аха, иара ҽынла ара дыҟаӡам, саргьы исыздыруам дахьыҟоу»,-ҳәа еиҳәеит. Ахәылбыҽха зыхьӡыз Борис Алмасхан-иԥа аиҳабацәа ԥыҭҩык ицны дааит. Сара иара дыздыруан, саргьы сидырзар акәхап, Ашәааи ҳареи ҳаиуацәоуп ҳәагьы сеиҳәеит. Беслан Џьелиа ара дыҟазар, Абзагәгьы дицуп  иҳәеит иаразнакы. «Сгәы снанагом, с-Абзагә хәыҷы дыҟазар гәашәҭа» ҳәа реиҳәеит ицыз аиҳабацәа. Урҭ сышьҭаланы абжьысырҭа ҳаҩналаны ҳаннеиуаз  ус расҳәеит,  ашә аасыртуеит аха шәара аганахь шәгыл, избанзар, иҩнҟьо аҳауа бааԥсы ахәлагалашьа амаӡам, ихәаҽыгоуп ҳәа. Ашә аасыртын, ашьшьыҳәа ашәхымс азааигәара ишьҭаз аԥсцәа срықәымпалартә снарывс-аарывсны  сныҩналан, аа шәихәаԥш иара иакәзар абра иҭоу ҳәа ацәажәара саҿуп, аха саахьаҳәзар  сышьҭахь уаҩ дгылаӡам, исышьҭалан иааиуаз афҩы анырҿас цәгьала иҟалан, сыԥшызар ана-ара аанда ихшьуп. Борис Алмасхан-иԥа иакәзар, Абзагә ара дыҟаӡам ҳәа иарҳәеит. Иааз нагьежьны ицеит. Абзагә Гәыргәлиа анышә дамаздеит. Џьелиа ҷкәынгьы иҭынхацәа дыргеит. Ус, мышқәак ҵхьан афотоқәагьы ҟалеит, урҭ  аныҟалалак сара ана-ара идсырбон, исышьҭуан Аҳабла Ҿыц ахь издыруада урҭ ирну здыруа ҟалар ҳәа. Борис Гәыргәлиа иаҳәшьа афото лбан, уа ианыз Абзагә шиакәыз лдырит. Борис Алмасхан-иԥа деиҭааит, усҟан иара ирацәаны аҷәкәынцәа ицын. Аԥсы дыҵаҳхуеит ҳәа иалагеит, аха сара сҭымҵкәан дырзыҵымхӡеит. Уи ашьыршьаф дылаҳәан, маҭәажәқәак иқәын, ихаҿы анышә иамгартә иҭаҳәҳәаны иҟаҵан. Абзагә дыҵысхит, иахьынӡасылшоз дсырҽеит, хыхьала амаҭәа ишәҵаны деиласҳәеит, аци­нктә кәыба иааргаз дҭасҵеит. Амала, аб иасҳәеит, иан дааҳгап, лыҷкәан аҵыхәтәан диҿыԥшааит ҳәа. Иара мап икит. «Лхәыҷы ихаҿра еицакрада лгәалашәараҿы иаанхааит, абас данылба зынӡа дыԥсуеит»,-иҳәеит Борис Алмасхан-иԥа.

Мераб Ашәба аиҿцәажәараан агәалашәарақәа дышьҭырԥаауеит. Уажәы-уажәы дқәыԥсычҳауеит, ицәыуадаҩуп аҳәара, аха ихы инапахьы иааганы иажәабжь хьанҭа иациҵоит. «Анаҩс дааргеит Адгәыр Хәарцкьиа. Иара Сосо Ахалаиа иҿы дҭакын, дҟәаҟәан, ишьапы хжәаны иҟан. Уи  дааргаанӡагьы иӡбахә саҳахьан, аха сара дазусҭоу сыздырӡомызт. Аҽны ихала иакәӡам-даҽа ԥшьҩык ицааргеит. Аха, иара иҭеиҭыԥши, еилаҳәашьеи рыла дыԥсны дшыҟазгьы егьырҭ дарылукаауан. Иаргьы ицааргазгьы  анышә иаҳҭеит. Анаҩс, аамҭак азы еиҳа еихсыӷьрахазшәа ианыҟала Џьумка Ҳаџьыми Сымсым хаҵаки  еицны иааит, Адгәыр  Хәарцкьиагьы, Сымсым ҷкәынакгьы ыҵхны ирысҭан Ешыраҟа иргеит», иҳәеит  Мераб Ашәба. 

Аԥсцәа еиҳа-еиҳа ирацәаҩхон, аны­шәынҭрақәа ирзалхыз аҭыԥ ҭәуа ианалага абжьарақәа  ҳәа инижьызгьы жны уаҟагьы анышә рамадара далагеит. «Изжуаз атрактор арныҟәцаҩ данааилак иџьаишьон абарҭ зегьы урҭәхьоума ҳәа дҵаауан. Иааргоз аԥсцәа рыбжьара аӡәы заҵәык иакәын атәылауаҩшәҟәы зцыз, уигьы ача игарц агәаран дшықәгылаз дыршьит. Уаҳа аӡәымзар аӡәы ихьӡ зҳәоз акы ицмызт. «Дкакубаауп» ҳәа ҷкәынак дааргеит, анаҩс ишеилкаахаз ала дагыруан. Дызгоз аӡәгьы данымааи анышә дасҭеит.  Усҟан нышәҭыԥк аҿы ааҩык еицызжит. Ҩымшҟа цахьан,  хаҵак дӷьаҵәы-ӷьаҵәуа дааит афотосахьа кны, сыҷкәын иоуп дыҵхны дсышәҭ ҳәа. Схалаҭ шкәакәа сышәҵаны сылбааит, идсырбеит анышәынҭра ахьыҟаз , иагьрасҳәеит анышә ианасҭозгьы рцәеижь аилыҵра ишалагахьаз, уажәазы ирылымкьысзар шеиӷьу. Аха, аб имуит. Анышә ҭырган илбааит,  аха аԥсы иҭыгашьа рымазма, ирзымычҳакәа ихалеит. Анаҩс, албаара сара исықәшәеит. Аԥсыжырҭа ҵаулан, избанзар аԥсцәа алақәа иҵрымхырц азыҳәан атрактор иҵауланы иажуан, ус еиҳа еиӷьын, азнаҵәҟьа анышә ҳазҭамԥсаргьы зегьы акоуп акгьы знеиуамызт. Уаҩы изымычҳауаз афҩы ҭасуан уԥынҵа, иҵаҳхуаз инаҩсгьы егьырҭгьы ԥыҭҩык ааԥшит. Аб иакәзар, ишьамхы арсны дсыҳәон аԥсыбаҩ акуба аҭаҵара сицхраарц азы. Аԥсы дрыцқьаны акәыба дҭасҵахьан, убра ҳшыҟаз гәыԥҩык абџьар зкыз ауаа анааи, реиҳараҩык Ҷанба имҩаду аҿы инхоз ракәын, рыбжьара дыҟан ибзианы сыздыруаз, саргьы даара издыруаз аӡәы.  Абџьар сықәикын аԥсцәа зҭаз ажра уҭал иҳәеит. Мап скит, сушьыр сҭаҳауеит, мамзар сҭалом сҳәеит. Автомат рхха ашьхәала сыхәда данықәс схышәҭит, аха ажра сыҽҭамыжькәа снапқәа сыҵарсны сҽааныскылеит. Уи ашьҭахь деиҭасысзар акәхап, избанзар уаҳа акгьы сгәалашәаӡом,  сыхдырра сцәыӡит. Сшьарахь санааи аевкалипт ҵла ашьапы сыбӷа адҵаны садтәалан. Зыԥсы дызгоз аб дымцаӡацызт, дысхагьежьуан. Абџьар зкыз рахьтә аӡәгьы дыҟамызт, ари агыруа хаҵа иреиҳәазгьы излакаицазгьы сыздыруам»,-иҳәеит Мераб Ашәба. Даҽазны, ҷкәына қәыԥшӡак дааргеит. «Учаа» ижәлан, даазгаз ирдыруан дазусҭаз, жәибыжь-жәаа шықәса иреиҳаны ихыҵуамызт,  ихы-иҿы еицакра амамызт, дпашәӡа дыҟан, шәашәырак инымызт. Мераб Авдениа-иԥа иажәақәа рыла иҭахымхеит афҩы бааԥс ахьыҩназ, егьырҭ аԥсцәа ахьышьҭаз аԥсышьҭаҵарҭаҿы иааныжьра, дылбааигеит иара дахьыцәоз ауадахь. «Дылбаазган сара сахьыцәоз аморг аҵаҟатәи ауадаҿы даансыжьит. Уахеи уаҵәи дыҟазаргьы, анаҩс дызтәу сыԥшаап ҳәа сгәы иҭаскит. Ихәлеит, саргьы сиваиар акәхеит, уаҳа сабацоз. Арахь, ауада ахаҭа аӡы ҩнан. Исызҳәом ауха сыцәазу сыцәамзу, аха изулак исыршеит. Уи ашьҭахь еиҭа хаха аԥсы сиваион. Зны ишьапахьы схы сырхон, даҽазны сааҳәуан ихахьы. Афҩы  ҵаҟанӡагьы иааиуан, аха уи еиҳа иучҳартә иҟан.  Анаҩс, дызтәыз дрыԥшааит, рыԥсы дыргеит»,-иҳәеит аветеран игәалашәара хьанҭақәа сыцеиҩшо.

Нанҳәамза ҩажәи акы инаркны  жьҭаарамза ҩажәи жәбанӡа,  ԥшьынҩажәа мшы инарзынаԥшуа Мераб Ашәба аморгаҿы дыҟан. Иара  иҳәоит раԥхьаҵәҟьа даннеи  жәибжь мшы инарзынаԥшуа аӡада, уаҳа ҿаҵак афатә иҿахьы ишнаимгаз. Аха, анаҩс еиҳа дашьцылеит, ари аҩыза аҭагылазаашьаҿы ус ҳәашьа амазар.  Афотосахьақәа анҭихлак анаҩс аҟаҵаразы ириҭон, аха афотосахьақәа Мераб ида даҽа гыруа ҷкәынакгьы иҭихуан.  «Павел Аӡынба иԥшәмаԥҳәыси Марина Ԥацациеи афотоқәа аадырԥшуан. Ҳазҿыз зегьы хәылбыҽхала акәын ианыҟаҳҵоз, ҽынла цәырҵшьа ыҟазма. Павел Аӡынба иԥшәмаԥҳәыси Марина Ԥацациеи сназыцҳаша схәык ааргон, ажәабжьқәа сзеиҭарҳәон», – иҳәеит аветеран урҭ ахҭысқәа игәаларшәо.

Мераб Ашәба аморг аусзуҩ иаҳасаб ала аршаҳаҭга изыҟарҵеит. Асудмедексперт Шьалуа Бжаланаӡе ҳәа дыҟан, уи ижәла ауп, мамзар қырҭуарак иламызт, аурысшәа аҷҷаҳәа иҳәон, дҳақьым дырҩын, аибашьра алагара хымш шагыз Урыстәылантәи аусуразы ааԥхьара ирҭан дааны дыҟан, нас аибашьраан ара даанхеит. Уахынла иара иакәын еиҳаракгьы иаанхоз аҷаԥшьара, иара иакәын аԥсцәа аазыртуазгьы, Мерабгьы  уажәшьҭа аԥышәа иман аҟынтә диваиргылон дицхраарц. Хәылбыҽхала аԥсцәа анышә иаиҭон, уахынла аҳақьым дивагыланы ҿыц иааргаз аус рыдулараҿы дицхыраауан. Ҳақьымк иаҟараҵәҟьа  аус иуан, уахык ала жәибжьҩык аԥсцәа анаадыртыз ыҟан.  Мераб  Ашәба игәалашәоит ақырҭқәа рыԥсцәа шырымгоз, иганы ашьха ашьапахьы ишышьҭарҵоз. «Ақырҭцәа рыԥсцәа еиваҵаны, еидымкьысло иааргон, ҩажәи ҩыџьаҩык акуан излааргоз амашьына. Аԥсуаа, еиқәыжьны ишабалак иааргон. Анаҩс амашьына ацраҳәа харҵҵаланы агәгәаҳәа  иалырбганы икарыжьуан», – иҳәеит Ашәба.

Иааидкыланы ханҩажәи ҩыџьаҩык аԥсцәа Мераб Ашәба инапала анышә иаиҭеит. Урҭ рахьтә жәеизаҩык рыда егьырҭ зегьы анаҩс иҵхны изтәыз ириҭеит. «Рызегь сыбла ихгылоуп, исхашҭӡом, аха иҟоуп еиҳа сгәаҵанӡа инеиз.  Сыԥсыжырҭаҿы иаанхаз жәеизаҩык рыбжьара иҟоуп урыс ԥҳәыски лысабии. Иахьеиԥш исгәалашәоит данааргаз. Лысаби лгәы дықәыршәын, ахшара длоуижьҭеи хымш-ԥшьымш  ракәын иҵуаз, Мхедрионаа ааҩык анлылахәмар. Дшьабаны мацара дыԥсит, акраамҭагьы аӡәгьы димбаӡеит. Агәылацәа афҩы бааԥс анраҳа ашә ԥҽны иҩналеит, убас ауп дшырбаз. Анышә дагьасҭеит, лысаби лгәы дшықәыршәыз. Егьырҭ жәаҩык рҟынтә аӡәы хатәгәаԥхарала еибашьуаз иоуп, ҩнызқьи хԥа шықәса рзы иашьа даан, анышәынҭрагьы хкааны иҟаҳҵеит, сашьа иԥсыбаҩ згоит иҳәеит усҟан, аха иахьа уажәраанӡа анышә уа  дамадоуп. Даҽа хаҵакгьы дысгәалашәоит, уи драндатәи дааргеит, ҭеиҭыԥшла аԥсуа диеиԥшын, арра маҭәала деилаҳәаӡамызт. Егьырҭ ааҩык зусҭцәоу ҳәа акгьы сыздыруам, амала рызегь рфотосахьақәа ҟаҵан, аномерқәа рыҭан, анышәа иахьамадоу здыруеит, анаҩс  аинформациа зегьы ашәарҭадаратә маҵзура иасҭеит»,-иҳәеит аветеран.

Ҽнак зны Шьалуа Аксент-иԥа Ӷәырцкаиа диԥхьан уҽеиқәыршәа, абыржәыҵәҟьа уалзыгар ауп мамзар уршьуеит ҳәа иеиҳәеит. Анаҩс ишеилкахаз ала, Мераб ицәгьа рҳәазаап, аԥсцәа рышьҭаҵарҭаҿы ԥсыуак дыҟоуп, аԥсцәа зегьы анышә иамаидоит ҳәа. Шьалуа Акс­ент-иԥа, Мераб «Волга» абагажҭыԥ  дынҭартәаны далигоит. Дганы аурысқәа ахьыҟаз «Алашарбага» аҳаблаҿы арҵәиԥрыга атәарҭаҿы даанижьит. Хымш рнаҩс, Мераб ддәықәҵан Гәдоуҭаҟа. Уахь данцоз анышә иаиҭаз аԥсцәа рфотосахьақәа иманы дцеит. Зыуацәа рхабар рзымдыруаз, игәаҟуаз ауаа идирбон, иртәу аӡәыр дырдыруазар ҳәа. «Аишьцәа Ақырҭаа рфотосахьа ран илбеит, аха илзымдырӡеит убри аҟара еицакын рхаҿы. Анаҩс, ахԥатәи рашьа иоуп издырыз. Ран аибашьра ианцоз аишьцәа ахҩыкгьы еиԥшу амаҭәа ршәылҵазаап, рышәҵатәала мацара идырит»,-иҳәеит иара. Убасгьы, Мераб иаԥшьгарала телехәаԥшрала афотосахьақәа дырбан. Уи ашьҭахь аӡәырҩы рыԥсцәа рыхабар еилыркааит.

Аветеран иҳәоит аибашьра ашьҭахь хәышықәса инарзынаԥшуа ацәаразы ауадаҩрақәа шимаз, дцәырҳаны дшааԥшуаз, дзыцәаӡаргьы еихыхыз аԥсыбаҩқәеи, анапқәеи, ашьапқәеи  дышрылаз. «Иахьагьы агәра ганы сыҟаӡам еиқәсыршәоз амахашьаха зегьы еибатәын ҳәа.  Абри ахьанаало ҳәа сгәы иахьаанагоз аԥсыбаҩ иацызжуан»,-иҳәоит аветеран. Иара игәабзиарагьы шьақәыргылатәхеит, избанзар,  аԥсыфҩы ашҳам ихәлалеит, уи игәабзиара анырра ӷәӷәа анаҭеит. Акраамҭагьы Москватәи ахәашәтәырҭақәа рҿы дышьҭан.

Мераб Ашәба аҳәынҭқарра аҟынтә аҳамҭа имаӡам, ифырхаҵареи ихигази ртәы саналагоз ишысҳәаз еиԥш, ахаан еиҭеимҳәаӡац. «Зыԥсы ҭоу зегьы иҳалшози, иаҳуалзи роуп иҟаҳҵоз. Афырхацәа иҭахаз роуп. Шәара шәазхәыц Беслан Џьелиеи, Абзагә Гәыргәлиеи агәаӷьра иаадырԥшыз  аӷацәа анрыкәша, ишҭахоз шырбозгьы аҵыхәтәанынӡа рхы рырымҭаӡеит, ирҿагылан еибашьуан. Ҳара иаҳуалу убарҭ афырхацәа ргәалашәара амырӡра ауп»,–иҳәеит Мераб Ашәба.

Сажәабжь хьанҭа хыркәшо иацысҵарц исҭаху абри ауп. Ари аиҿцәажәара мҩаԥызгонаҵы ҩ-хәыцрак ҭаха сырҭомызт. Актәи – абри аҩыза ахлымӡаах аиҭаҳәашьа аҭаразы иазысыԥшаара аформа  саргәаҟуан, аҩбатәи схәыцра- сфырхаҵа ихаҭа изкын, абри аҩыза зхызгаз ауаҩы дызлеиламгеи ҳәа азҵаара схы иасҭон. Ауаҩ қьиа ицәаҩа зху Мераб Ашәба еснагьтәи аԥсҭазаараҿы алаф ҵары зҿоу, ачеиџьыка ҭбаа змоу, аӡәы дызлаицхраара иашьҭоу уаҩуп. Иуа-иҭынха рыбжьара пату зқәу, аҭынч ԥсҭазаараҿы зхатәы џьабаала мацара зшьапы иқәгылаз иоуп. Иааӡеит иаԥсоу ахшара, имоуп амаҭацәа.  «Уаҳа еибашьра ҟамлааит. Изызҳаз аҿар рабацәа ирхыргаз аҩыза ахгара Анцәа ирықәимыршәааит», –иҳәеит аветеран иажәа хыркәшо.

Елана Лашәриа

 

Иадҳәалоу астатиақәа

Аредактор хада: Ахра Анқәаб

Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75

Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

Агазеҭ шьаҭаркуп 1919 ш. февраль 27 азы.
Image

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.

Аҭел: +7 (840) 226-89-89

Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Image