Аҧсны Ахада апресс-конференциа иалахәыз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, иазгәеиҭеит дшазхиоу ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак аҟаҵара. Аҧхьатәи азҵаара азкын иаҳхысыз амзазы Аҧсны Ахада еиуеиҧшым араионқәа рҟны имҩаҧигаз аиҧыларақәа хықәкыс ирымаз. Аслан Бжьаниа дазааҭгылеит фымз шыҵхьоу ашықәс ҳҭоижьҭеи, уи аамҭа иалагӡаны Аҧсны араионқәа рҟны инагӡоу аусқәа еиликаарц, аихьӡарақәа ыҟазар ирылацәажәарц шиҭахыз. Иара иазгәеиҭеит иӡбам апроблемақәа шырацәоу, убарҭ аҧхьаҟа рыӡбаразы иҟаҵатәу ишалацәажәоз. Ас еиҧш…

Аҭоурых аҟны ахьӡ

11 Нанҳәа 2022 16:02
Ахәылҧаз, август 3 азы Аҟәа агәаны, Аидгылара амҩаҿы иҟоу абаҳчеибаркыраҿы гәырҕьарала иаартын Аҧсны иналукааша апартиатә, аҳәынҭқарратә усзуҩы, Аҧснытәи обком актәи амаӡаныҟәгаҩ, Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ахантәаҩы Валериан Осман-иҧа Кобахиа (15.05.1929 – 28.08.19929 ибаҟа. Уи аартра иалахәын Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьопуа, акультура аминистр Даур Ақаҩба, Аҟәа Ахадара аиҳабы Беслан Ешба, Кобахиа…

Аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп

11 Нанҳәа 2022 16:00
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Амиран Адлеиба ихиҵеит «Аҧсны Аҳәынҭқарра жәлар рсахьаҭыхҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы. Аҿыханҵаратә ҟазара ашьақәгылареи арҿиареи рҟны илагаламҭа ду азы, изанааҭтә ҟазара ҳаракы азы Адлеиба Амиран Сардион-иҧа ихҵазааит аҳаҭыртә хьӡы «Аҧсны Аҳәынҭқарра жәлар рсахьаҭыхҩы», – иазгәаҭоуп август 5 азы Аҧсны Ахада инапы зҵеиҩыз Аусҧҟаҿы.
Image
Image

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me