Аслан

Аслан

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала, Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟан Аԥснытәи аделегациа, – иаанацҳауеит аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аилак. Аделегациа иалан Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа, Ауаажәларратә палата ахаҭарнак Давид Ԥилиа, Гәдауҭа араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба.

Аделегациа иалаз рхы рыладырхәт Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азынӡа иахырԥаз Қьефқьен еиҿкааз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа.

Иара убас Стампыл ақалақь аҟны имҩаԥысит Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациеи уаҟа еиҿкаау абыргцәа Рхеилаки рлахәылацәеи аделегатцәеи реиԥылара. Ирылацәажәеит ҳџьынџьуааи дара рҭоурыхтә Ԥсадгьыли реимадареи русеицуреи рызҵаарақәа.

Донецктәи Жәлартә Республика ицо аибашьраҿы аҭынч уааԥсыра зҭагылоу агәаҟра, арыцҳара зегьы узеиԥшны иузудкылом.

Маи 24 рзы акультуратә платформа "Гәыма" аҟны имҩаԥысит аԥсуа Жәлар ринструменттә рҳәагақәа ачамгәыр,аԥхьарца,аҩымаа, ахымаа ирызку,излыху,рхы ишадырхәо аҭоурых алекциа аԥхьара. Ари аҩыза аусмҩаԥгатә еиҿнакааит Аԥсны Ахада Иусбарҭа.
Арахь имҩахыҵит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада Иусбарҭа аиҳабы Абессалом Кәарҷиа, аҵара аминистр Инал Габлиа,уи ихаҭыҧуаҩ Ада Кәарҷелиа-ԥҳа,ансамбль "Гәында" анаԥхгаҩы Роза Чамагәуа, амузыка абзиабаҩцәа, аҟазара знапы алаку, ашкол хәыҷқәа астудентцәа.
Аԥсны Ахада Иусбарҭа аиҳабы Абессалом Кәарҷиа иҳәеит, аԥсуаа еснагь иарбан хҭысзаалакгьы рҟны ашәақәа рхы ишадырхәоз. Ауаҩы ахәра аниоуаз,ахәрашәа изырҳәон, убас ирацәоуп аҿырԥштәқәа.
Анаҩс аԥсуа инструменталтә рҳәагақәа ирызкыз аҭоурых аҭааҩцәа ирзаԥхьеит.

2024 шықәса, маи 21 рзы Аҟәа ақалақь аҟны имҩаԥган Кавказтәи аибашьра иалаӡКавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш. Ари амш аҽны иҵит 160 шықәса Аурыс-Кавказтә еибашьра еилгеижьҭеи. Азежәтәи ашәышықәсақәа рзы зықьҩыла аԥсуаа Рыԥсадгьыл аанрыжьыр акәхеит.

Абарҭ аамҭақәа ирҿыҵахәхаз ргәалашәаразы маи 21 аҽны, ахәылбыҽха аусмҩаԥгатәқәа ирылагеит. Аҿар аԥсуа, адыга бираҟқәа, афакелқәа рыманы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иашҭа аҟынтәи рҿынархеит аԥшаҳәа аҟны иҟоу Амҳаџьырқәа Рбаҟа  ашҟа. 

Амҳаџьырқәа ргәалашәара амш азы абаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵарц азы уахь инеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аԥсны Жлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Жәлар Реизара адепутатцәа ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш азы традициак аҳасабала имҩаԥырго агәаларшәаратә цәашьы «Ашьамаҟа» амца аркын. Аусмҩаԥгатәқәа хыркәшан амшын ашәҭ шьыҵәрақәа рыхҵарала.

Иахьа Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рышколқәа рҟны, ахәыҷқәа згәы хыҭ-хыҭуа иззыԥшыз игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы.

Аԥсны аҵара Аминистрра ауаажәларра аҽрымадаразы аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа иажәақәа рыла, сынтәа Аԥсны  иҟоу 153 школ ирылгоит 1900-ҩык аушьҭымҭацәа. Урҭ рахьтә 12-ҩык аушьҭымҭацәа амедалқәа риуразы рыӡбахә ҳәоуп.

Зынӡаск Аҟәа ақалақь аҟны 16 школ ыҟоуп. Уахь иаҵанакуеит ҽынлатәи, латәаралатәи – латәарадатәи ашколқәа.

Иазгәаҭатәуп,   ажәбатәи ажәеизатәи аклассқәа рҟны аԥышәарақәа шымҩаԥгахо маи 30 инаркны ииун  20-нӡа.  

Иахьатәи аамҭаз аԥсуаа рыбзараҿы рхы иадмырхәо ируакуп ауардын. Уи ҟазҵо иԥшаара шыуадаҩхоз здыруан, аха схәыҷра ашықәсқәа раан саб иашьа ауардын ацәқәа аҵакны, ҳақәыртәаны амхы аҭагалара ҳанигоз аасгәалашәацыԥхьаӡа, еиҳагьы сҽазҵәылхны уи сашьҭалон.

«Ауаҩы ажәытәра дшазыҟоу еиԥш ауп икультурагьы шаҳараку», – иҩуан А.С.Пушкин. Ажәлари аҳәынҭқарреи ажәытәра ишазыҟоу, рфырхацәа ахьынӡаҳараркуа ала иубоит иахьынӡаҵаулоу, рԥеиԥш зеиԥшхараны иҟоу.

Лаҵарамза 8 рзы Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант Владимир Аршба иԥсы ҭазҭгьы 65 шықәса ихыҵуан.
«Аԥсны жәлар рзы, Арбџьар Мчқәа рыруаа рзы ари гәалашәаратә рыцхәуп.

Иналукааша аҧсуа актиор, арежиссиор, ашәҟәыҩҩы, адраматург Шәарах Ԥачалиа диижьҭеи 110 ш. ҵит.
Шәарах Абзагә-иҧа Ԥачалиа диит (20.05.1914) иахьатәи Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан (иԥсҭазаара далҵит – 2000 ш. ноиабр азы).

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me