Маи 17 рзы акультуратә платформа "Гәыма" аҟны имҩаԥысит абугенвелиақәа рфестиваль. Абугенвелиа ари шәҭы хкуп,ааԥын инаркны аӡынынӡа ишәҭуеит. Иара аҳҭны қалақь аҟны ана-ара иуԥылоит аҩнқәа рзааигәара.Абар уажәшьҭа фы-шықәса ҵуеит Ольга Пракопова ашәҭ ааӡара лнапы алакуижьҭеи, уи ааӡараҿы длыцхраауеит лыԥшәма. Лара азҿлымҳара алҭоит еиҳараӡак ауадаҿ ирааӡо ашәҭқәа, лымкаала абугенвелиақәа дрызнеиуеит. Ԥшшәы рацәала зыԥшӡара ухнахуа абугенвелиақәа рыбла хыркуан аҭааҩцәа. Ааӡаҩ Ольга лажәақәа рыла,ари…
Маи 17 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҟны имҩаԥысит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟала «Ахьӡ-Аԥша» аорден I, II, III- аҩаӡарақәа занаишьахьаз рнапаҿы рыҭара. Урҭ зынӡа 60-ҩык инареиҳауп. Иалкаахаз иреиуоуп аҵарауаа, арҵаҩцәа, аҳақьымцәа уҳәа еиуеиԥшым азанааҭқәа змоу.
Маи 16 рзы Аҟәа акультуратә платформа"Гәыма" аҿы имҩаԥысит зықәра намӡац ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара зҭакԥхықәу Мактина Џьынџьал-ԥҳаи 18 шықәсанӡа зықәра намӡац ахәыҷқәеи реиԥылара. М. Џьынџьал-ԥҳа ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы ажәахә аԥхьара далагаанӡа, аинтеллектуалтә ҟазшьа аҭаны ахәыҷқәа дразҵаауан,дара аинтерес рыманы аҭак ҟарҵон. Еиҳараӡак ахшыҩзышьҭра аман ахәыҷқәа иарбанзаалак ахҭыс ишазнеиуа,ишазхәыцуа. Убри аамҭазы рхы шымҩаԥыргаша атәы ралҳәон.Ас еиԥш иҟоу аиԥылара еиҿнакааит "Арт-дизаин арезиденциа "Гәыма" ахаҭарнакцәеи…

Login to your account

Username *
Password *
Remember Me