Лаҵара 21, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахадара Аҳәамҭа

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахадара Аҳәамҭа

Ишдыру еиҧш, аҳәынҭқарратә дача «Пицунда» Урыстәылатәи Афедерациа аҭареи уи ахархәашьеи рзы иқәгылоу азҵаатәы аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳауаажәларраҿы еиуеиҧшым агәаанагарақәеи ацәажәарақәеи цәырнагеит. Иҟоуп иақәшашҳаҭу, Урыстәылеи ҳареи ҳаидгылара, ҳаиҩызара иахәо акәны изыҧхьаӡо. Аха иҟоуп уи иақәшаҳаҭым, Аҧсны Азакәан хада – Аконституциа еиланагоит ҳәа иахәаҧшуа.

Аҧны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахадара иалоу излаҳаҧхьаӡо ала, Аҧсны анапхгара ирылшо зегьы ҟарҵароуп абри аус ҳтәыла азакәанқәа ирықәшәо, ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари ҧырхага рнамҭо амҩақәҵаразы. Агәыҕра ҳамоуп уи ҳтәылаҿы ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа аибарххара аҭышәныртәалара алнаршап ҳәа. Азҵаатәы ишәа-иза, иахьынӡахәҭоу иҭҵааны азнеира амҩа анылнахлак, иахьатәи аимак-аиҿак иамадоу ахҟьа-ҧҟьақәагьы еихсыҕьуеит. Ахшыҩеилаҵара аарҧшны, заа аилыркааратә усура аҩаҧгарагьы аус иамыхәозар иаҧырхагам. Араҟа адиалог еснагь ихәарҭоуп.

Аҧсны иаҵанакуа ҳадгьылқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа ҳажәлар еснагь ргәы иҵхоит, хьаас ирымоуп, иреиҷаҳауеит, избан акәзар уаҵәтәи рҧеиҧш адырҳәалоит, иахьа ари аус аӡбашьа уи ҵнашәаарыма ҳәа агәыҩбара рнаҭо иҟамлароуп.

Абарҭқәа ҳасаб рзуны, ҳақәгәыҕуеит, Аҧсни Урыстәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ирҧырхагахарым ҳәа, аҳәынҭқарратә дача азҵаатәы ҳаҧсадгьыли ҳажәлари ринтересқәа ирықәшәо ианыӡбаха.


Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахадара: В.Аҧҳазоу, Д.Наҷҟьебиа, А.Лагәлаа, И.Аҳашба, Г.Аламиа,  Гә. Кәыҵниа, Гә.Сақаниа, А.Мықәба, З.Ҭҳаиҵыкә

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me