Лаҵара 01, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Нестор Лакоба имузеи аҟны

Нестор Лакоба Иҭоурых-мемориалтә музеи аҟны аиҭашьақәыргыларақәа ирылагеит. Аминистрцәа Реилазаара адҵала Нестор Лакоба Иҩны-музеи аҟны арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рзы Аиҳабыра ррезервтә фонд аҟнытә иоушьҭуп 12 829 658 мааҭ.

Аҳәынҭеилахәыра «Аҧсныргылара» аиҳабы Руслан Тәанба иинформациала, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхыркәшара азгәаҭоуп ҳазну ашықәс нҵәаанӡа. «Амузеи аҟны арҽеиратә усурақәа ирылагахьеит. Актәи аихагылаҿы иҟалоит абарҭ ахыбрақәа: авестибиуль, ахьчаҩцәа руада, аусзуҩцәа рзы ахыбра, аҵәахырҭа уҳәа егьырҭгьы. Аҩбатәи аихагылаҿы ацәыргақәҵарҭатә залқәа ҧшьба еиҿкаахоит. Ҳара аус злаауа апроект аинстанциақәа зегьы ақәыршаҳаҭуп. Апроект мазеин 2012 шықәсазы, аха уи аахыс аамҭақәа рацәаны ибжьысит, абри аҟнытә аиҭакрақәа алагалахоит. Сгәы иаанагоит, ҳазну ашықәс азы аусурақәа хҳаркәшап ҳәа» – иҳәеит Тәанба.

Н.А.Лакоба Иҩны-музеи аартын 1983 ш. азы Аҟәа, абри аҭыӡҭыҧ ала: Лакоба имҩа, 32. Абри аҭыҧ аҟны акәын иахьыҟаз аҭуџьар О.И. Бостанџьоҕли иҩны, 1909 ш. азы иргылаз. 1921 ш. азы Аҧсны асовет мчра анышьақәгыла, 1923 инаркны 1936 шықәсазынӡа уа инхон Аҧсны иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ Нестор Аполлон-иҧа Лакоба иҭаацәеи иареи. Амузеи ахыбра ахаа иуит 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me