Лаҵара 14, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аслан Бжьаниа: «Аиааира ҳзымгазҭгьы, иахьатәи аныҳәа ҳзазгәаҭомызт»

Аслан Бжьаниа ажәа иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш иазкыз агәырӷьаратә еизараҿы.

Аҳәынҭқарра Ахада атәыла ажәлари анапхгареи рыхьӡала гәык-ԥсыкала зегьы ирыдиныҳәалеит Аԥсуа ҳәынҭқарра иҿыцӡоу аҭоурых аҟны акырӡа зҵазкуа арыцхәқәа руак – Аԥсны аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш.

«Иара аҭоурыхтә хшыҩҵак ала Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира Амш ашьҭахь ари аҩбатәины иԥхьаӡоуп. Ари амш ҳажәлар рзы, ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы илахьынҵарбагоу аҵакы амоуп», – иҳәеит Бжьаниа.

Уи иргәалаиршәеит Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Аахыҵ-Уаԥстәылеи рхьыԥшымреи рҳәынҭқарратә суверенитети разхаҵаразы 2008 шықәса август 26 азы Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Дмитри Медведев Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩаанӡа имҩаԥысуаз ахҭыс­қәа.

«Ҳтәылақәа рҳәынҭқарратә хьыԥшымреи рсуверенитети разхаҵаразы Урыстәылатәи Афедерациа еихнагаз ашьаҿақәа зызкыз ахатәҳәаақәҵара аганахьала ажәларқәа иузырҟәымҭхауа жәларбжьаратәи рзин анагӡарала Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи рыжәларқәа рыхьчара акәын», – иазгәеиҭеит Бжьаниа.

Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵаны, Урыстәыла иалнаршеит аԥсуа жәлар рабиԥарақәа рыгәҭакы.

«Акыраамҭа аахыс раԥхьаӡа акәны шәарҭарак ҳамамкәа ҳхы ҳбоит, ари иалнаршоит ҳара ҳамч-ҳалшара инхарҭәааны анагӡара. Ҳаҟазаара ашәарҭара ахьацым, алшара ҿыцқәа аанартуеит ауаҩытәыҩса имчилшара ацәыргаразы, аибашьра иаҳнаҭаз ахәрақәа рырӷьаразы. Ишьақәнаргылоит, еиҿнакаауеит зхы иақәиҭу абиԥара ҿа ҩнуҵҟала рымчқәа. Урҭ рҿаԥхьа ишьҭоуп ртәыла арҿиалара, аҳәынҭқарра арӷәӷәалара», – иазгәеиҭеит Ахада.

Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар зегьы рыхьӡала инарҵауланы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Дмитри Медведев иҟаиҵаз, агәаӷьра злаз аӡбамҭазы.

Уи иара убас жәлары зегьы рыхьӡала Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ареспублика ахьыԥшымра азхаҵахаанӡагьы, уи ашьҭахьгьы ԥсахрада Аԥсны иаиҭо адгыларазы.

«Азхаҵара аҳәынҭқарра ҿыц аԥнаҵаӡом. Иага ус акәзаргьы, уи жәларбжьаратәи азин иахылҿиаауа алшарақәа цәырнагоит, аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ҳаамҭазтәи рсистемахь иианагоит, насгьы хкы рацәала алшарақәа аԥнаҵоит асоциал-економикатә, аполитикатә, акультуратә рҿиаразы.

Ахьыԥшымра азхаҵаразы аӡбамҭа машәырымхеит, мамзаргьы ҭагылазаашьақәак рцәырҵра иахылымҿиааит. Ари – атәыла аполитикатә рҿиара изакәанеиуаршәоу аихшьала ауп, аԥсуа жәлар акыраамҭа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара, агрессор иҿагыланы аибашьраҿы аиааира ирылҵшәоуп», – иҳәеит Бжьаниа.

Бжьаниа иқәгылараҿы ҷыдала иаликааит Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых аҟны актәи, аҩбатәи ахадацәа – Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаԥшьи иналукааӡаша рроль.

«Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ахақәиҭразы ажәлар зегьы ргәаҳәара, рыгәҭакы алыршаразы хьаҵрада ақәԥара даԥхьагылан, аџьынџьтәыла аԥышәарақәа зегьы ирылигеит. Уи инапхгарала аԥсуа ар, ахатә­гәаԥхаратә гәыԥқәа, Аԥсны аҩызцәа еиҟарамыз, иуадаҩыз ржәыларақәа рыла Аԥсны ахьыԥшымра алыршахеит.

Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵаразы ақәԥара, ажәлар ргәаҭахрала, Аԥсны аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь инапаҿы иҟа­леит. Уи аамҭак ала аибашьра ашьҭахьтәи аргылара, Аԥсны аҳәынҭқарратә интересқәа рыхьчара иқәшәеит…

Рхы мшаҭакәа, ҳԥызацәа амилаҭтә идеиа анагӡара алдыршон. Урҭ рахьтә дарбанзаалак ажәлар рыгәҭакы алыршаразы ихатәы мҩа уадаҩ данысит, урҭ рахьтә дарбанзаалак инхарҭәааны иуалԥшьа наигӡеит», – иазгәеиҭеит Бжьаниа.

Бжьаниа иажәақәа рыла, Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара асоциал-економикатә, аполитикатә рҿиаразы цхыраагӡа ӷәӷәаны иҟалеит.

«2008 ш. сентиабр азы анапы аҵаҩын аиҩызареи, аусеицуреи, наҟ-ааҟ аицхыраареи рзы Аиқәышаҳаҭра, уи ишьаҭанаркит Урыстәылеи Аԥсни рҳәынҭқаррабжьаратә еиҩызара амҩақәа, иара убас Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьарҵаз жәабала аҳәынҭқаррабжьаратә, аиҳабырабжьаратә, аусҳәарҭабжьаратә еиқәышаҳаҭрақәа ирнырԥшыз ахырхарҭақәа. 2014 шықәсазы ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа шьақәырӷәӷәан аидгылареи стратегиала аиҩызареи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи Реиқәышаҳаҭрала», – иҳәеит Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада агәахәара шинаҭо иҳәеит Аԥсни Урыстәылеи реиқәышаҳаҭра – зинтә шьаҭа ахаҭабзиара, аҿиара, дагьақәгәыӷуеит уи ҳаԥхьаҟагьы арӷә­ӷәара.

Ахада аҵак ду аиҭоит аусхкқәа жәпакы рганахьала иазыҟаҵоу акадрқәа рааӡараҿы аусеицура. Урыстәыла иреиҳау аҵарадырратә усҳәарҭақәа рҟны аҵара рҵоит ҳаԥхьаҟатәи аспециалистцәа – Аԥсны атәылауаа.

«Иазгәасҭарц сыхәҭоуп, Урыстәылатәи Афедерациа хәызмаӡам ацхыраара шҳанаҭоз ахьыԥшымра азхаҵахаанӡагьы. Ииасыз 15 шықәса рыҩнуҵҟала уи асистематә ҟазшьа аанахәеит, аҵарадырраҿы акырӡа зҵазкуа ахырхарҭақәа амҽханакуеит», – иазгәеиҭеит Бжьаниа, иагьациҵеит Урыстәыла иҟанаҵо ацхы­раарада Аԥсны ишзалымшоз еиуеиԥшым аусхкқәа рганахьала аспециалистцәа разымхара аҭыԥ ақәҵара.

«Урыстәылатәи Афедерациа ахы иаднаҵеит Аԥсуа ҳәынҭқарра жәларбжьаратәи апозициақәа зегь рыла арӷәӷәара. Изыхәҭоу арбарақәа азгәаҭоуп Урыстәыла адәныҟатәи аполитика Аконцепциаҿы, иара убас «Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟаполитикатәи ахырхарҭа анагӡара аусмҩаԥгатәқәа рзы» Урыстәыла Апрезидент В.В.Путин Иусԥҟаҿы.

Зҭыԥ иқәҵатәу ауснагӡатәқәа рхыԥхьаӡара иналаҵаны атәыла Ахада иҳәеит Урыстәыла дуӡӡаҿы аидгылатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара, амилаҭтә зинтә шьаҭеи аҳәынҭқарра анапхгараҭара ахаҭабзиареи реиӷьтәра.

Бжьаниа иқәгылара ахырқәшамҭаз иҳәеит: «Ҳарҭ еицазгәаҳҭоит ахьыԥшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра. Ари мҩаԥысуеит атәыла иҿыцӡоу аҭоурых аҟны акырӡа зҵазкуа арыцхә – Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30 шықәса ахыҵра аламҭалазы. Лабҿаба уаҩы ибоит, ҳажәлар ирзаԥшьыргаз аибашьраҿы аиааира ҳзымгазҭгьы, иахьа иаҳзазгәаҭомызт аныҳәа. Абарҭ аҭоурыхтә хҭысқәа рыҩбагьы наҟ-ааҟ еиԥшьуп, еимадоуп.

Ҳара ҳҳәынҭқарра рхы ақәҵа ирыхьчон, уаҩы игәаламшәауа аамҭақәа инадыркны абиԥарақәа зегьы еицдырҿион. Ҳабдуцәа реиԥш, иахьа аамҭак иҳацанугьы, абри аҳәынҭқарра рыхьчалоит ҳара ҳхылҵшьҭрақәагьы.

Даараӡа ҭабуп ҳәа раҳҳәоит еснагь иҳавагылоу ҳҩызцәа, ҳлахьынҵа ҳацеиҩызшаз, Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара, аҿиара, уи ахьчара, иара ашәарҭадара алыршара рганахьала хәызмаӡам алагаламҭа ҟазҵаз ҳҩызцәа. Абри еснагь иаҳгәалашәалоит. Ҳаԥхьаҟагьы ҳгәы иҭоуп аӡәи-аӡәи ҳаизыҟазаашьақәа рганахьала уаҩы дҳақәгәыӷыртә еиԥш аҟазаара.

Ишәыдысныҳәалоит аныҳәа, ҳаԥхьаҟагьы абасеиԥш иҟоу аиааирақәагьы шәзеиӷьасшьоит».

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me