Лаҵара 14, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аныҳәатә концерт

Аҧсны Ахьҧшымра азхаҵара 15 шықәса ахыҵра инамаданы август 25 рзы акультуратә платформа «Гума» аҟны Москва ахадара рыбзоурала еиҿкаан аныҳәатә концерт.

Аҧсны иҟоу «Москва Аҩны» анапхгаҩы Александр Бигәаа еизаз зегьы дрыдныҳәало Москватәи аминистрцәа Реилазаара иалоу, Москватәи адәныҟатәи аекономикеи, Жәларбжьаратәи аимадарақәеи Рдепартамент анапхгаҩы Сергеи Черемин иааишьҭыз адныҳәалара даҧхьеит.

«Аҧсны Ахьҧшымра амш азгәаҭара символс иамоуп аҧсуа жәлар доуҳала реиҭаҿиара, рзакәантә зинқәа хьчаны, рхала аҿиара шрылшо аарҧшны, ишьақәгылаз ҳәынҭқарраны жәларбжьаратәи азин иасубиектны иҟалеит. Жәохә шықәса рыҩнуҵҟа Аҧсны анысит даара имариамыз амҩа аҳәынҭқарра аргыларазы. Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара анапы рыҵаҩуп ихадоу акыр аиқәышаҳаҭрақәа, ахәҳаахәҭра-економика, анаука, акультура, аҵарадырра, агәабзиарахьчара уҳәа ахырхарҭақәа рыла», – ҳәа азгәаҭан адныҳәалараҿы.

Анаҩс аҳәынҭқарратә ашәаҳәаратә капелла инарыгӡеит еицырдыруа аҧсуа, аурыс ашәақәа. Иара убасгьы аҳәаанырцәтәи акомпозиторцәа рашәақәа.

Ш. Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me