Уаҟа анышә иамадоу атәыла аҩбатәи Ахада игәалашәара ҳаҭыр ақәиҵарц.
Аҳәынҭқарра Ахада, Аиҳабыра иалоу, Жәлар Реизара адепутатцәа, Афедерациа Ахеилаки Аҳәынҭдумеи рделегациақәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәлар рхаҭарнакцәа Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь инышәынҭраҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь ихьӡ наунагӡа иамадоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара, иаҳҩызоу Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ атәылақәеи рҟны аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара.