Лаҵара 07, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ҩ-сааҭк агәахәара

Аԥсныпресс. Аԥшьаша, рашәарамза 15 рзы Р.Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониаҿы еицырдыруа Урыстәылатәи аскрипкарҳәаҩы Виктор Абрамиан-Ешба иконцерт мҩаԥысит.

Ахәылԥаз аартуа, амҩаԥгаҩ Есма Џьениа амузыкант активла имҩаԥиго агастрольтә, арҵаҩратә иусуреи, Аԥснытәи артистцәеи иареи русеицуреи ртәы еизаз ирзеиҭалҳәеит. Ишьақәгылаз атрадициа ала, аскрипкарҳәаҩы ҳреспубликаҿы иқәгылараан аконцерт рхы аладырхәуеит Аҳәынҭқарратә филармониа артистцәа ҿарацәеи аԥышәа змоу анагӡаҩцәеи. Убасҵәҟьа иҟалеит иацы имҩаԥысыз аконцертгьы. Араҟа иқәгылеит Нана Черқьезиа (сопрано), Кристина Ешба (сопрано), Елена Ҳагба (арфа), Емилиа Терзиан-Ҳагба (аскрипка), Алеқсандр Аҩӡба (альт), Светлана Сариан (афортепиано), Лана Адлеиба (афортепиано). Апрограмма еиуеиԥшым аепохақәа ирыҵанакуа аклассикатә музыка ала ишьақәгылан: Бах иҟынтәи Роберто ди Марино иҟынӡа. Аконцерт даара игәылҭәаахеит, уи ҩ-сааҭк рҟынӡа имҩаԥысуан. Акомпозиторцәа Чаи­ковски, Брамс, Креислер, Сен-Санс шьахәла инагӡаз рсолотә рҿиамҭақәа рнаҩс, Виктор Абрамиан-Ешба афилармониа асолистцәа дрыцны ансамбль аилазаарала дықәгылеит.  Убас, иара Емилиа Терзиан-Ҳагба длыцқәгыло, инаигӡеит Бах ирҿиамҭақәа рыла ре-минор аконцерт, Елена Ҳагԥҳаи Алеқсандр Аҩӡбеи дрыцқәгыло – Габриель Форе исиуита. Амузыкатә хәылԥазы рықәгыларала идырԥшӡеит ашәаҳәаҩцәа Кристина Ешбеи Нана Черқьезиеи, урҭ Вивальди, Штраус, Масне, Маскани уҳәа рырҿиамҭақәа рыла еиуеиԥшым ариақәа нарыгӡеит.

Иара убас Акамертә оркестр арфахәмарҩы, иҵаулоу, иԥшӡоу сопрано змоу Елена Ҳагба Шуберт еицырдыруа икомпозициа «Ave Maria» налыгӡеит. Москватәи аконсерваториа аҩбатәи акурс астудентка Лана Адлеиба авокалистцәеи аскрипкарҳәаҩцәа рыцҳәара адагьы, аопера «Трубадур» аҟынтәи Верди-Лист иконцерттә парафраз зеиӷьаҟам ала иналыгӡеит. Алеқсандр Аҩӡбеи Светлана Сариани инарыгӡаз ҳаамҭазтәи Италиатәи акомпозитор Роберто ди Марино ирҿиамҭа «Chronos» даара игәыҟаҵагаха азыӡырҩцәа ргәаҵанӡа инаӡеит.

Ахәылԥаз ахыркәшамҭаз Виктор Абрамиан-Ешба виртуозла инаигӡеит Едвард Елгар ирҿиамҭа шьахә иара убас Брамс ирҿиамҭа «Венгриатәи акәашара». Аконцерт ашьҭахь Аԥсны акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смыр, Виктор Абрамиан-Ешба «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьаразы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҭижьыз Аусԥҟа даԥхьеит.  

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me