Лаҵара 15, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа амедицинатә усзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп: «Акыр иаҧсоу аҩызцәа! Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – амедицинатә усзуҩы Имш! Шәара шәнапы алакуп агәыҳалалра зҵоу, ахамеигӡара, азыҟаҵара ҳаракы зҭаху азанааҭ. Шәара – ҳара ҳфырхацәа, ҳаиқәырхаҩцәа, шәара ауаа ргәабзиара ахӡыӡаара, рыҧсҭазаара аиҷаҳара иацхраауа усзуҩцәоуп. Лассы-лассы шәхы-шәыҧсы зегьы ахҭынҵара шәазхиоуп уҳәартә еиԥш хамеигӡарада имҩаԥыжәго аус Аҧсны атәылауаа рганахьала аҳаҭыр ду, аџьшьара ду иаҧсоуп. Ҳара ҳаззыгәдуу ҳамоуп, ҳахәшәтәырҭақәа рҟны аус руеит зус иазҟазоу, здырра ҳараку, аҧышәа ду змоу ауаа.

Иара убри аангьы, хықәкыла аус здаҳулашагьы ыҟоуп. Амедицинатә ҭҵаарадырреи атехнологиақәеи рыҿиара еснагь аҵареи, аҧышәа аизырҳареи, арҿыцреи рҭахуп, шәдыррақәеи шәԥышәеи есқьынгьы актуалра, алҵшәа бзиа рымазарц. Атәыла анапхгара шәара шәыцхыраарала агәабзиарахьчара аусхк аҟны алҵшәақәа реиӷьтәразы иалшо зегьы ҟарҵоит. Ҳҿаҧхьа иқәгылоуп ахәышәтәреи ачымазараҭҵаареи рзы аметод ҿыцқәа аус рыдулара, амедицинатә усбарҭақәа ҳаамҭазтәи амыругақәа рыла реиқәыршәара, амедицинатә усхк аԥхьаҟагьы арҿиара зылшаша аспециалистцәа ҿара­цәа разыҟаҵара иазку ауснагӡатәқәа.

Ҳәарада, абри инаваргыланы, ҳәоуеиқәшәарала аусеицура ҳтәылауаа зегьы зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә цхыраара рыҭара аус иацхраауеит. Абри аныҳәамш аҽны гәык-ҧсык ала ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, анасыԥ, аихьӡарақәа. Имариам шәусура абзабаа ацзаааит, ишәхәышәтәуа шәчымазцәа рлакҭа хаа шәыгымзааит. Даҽазныкгьы ишәыдысныҳәалоит иахьатәи шәныҳәа, акыр иаҳзаԥсоу амедицинатә усзуҩцәа!»


Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны ахьчара Аҳәынҭқарратә маҵзура аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит. Уаҟа иазгәа­ҭоуп: "Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура Амш. Ахьчара Аҳәынҭқарратә маҵзура еиҿыркаажьҭеи 31 шықәса ҵит, абри аамҭа иалагӡаны аусзуцәа ирылшеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых адаҟьақәа иналукааша ахҭысқәа рыла рхарҭәаара. Азанааҭ адырра, иҷыдоу аҭагылазаашьа ианаамҭоу ақәҿыҭра, ҭакԥхықәрала амаҵзура азнеира, инарҵауланы амаҵзура аҵакы аилкаара реиԥш иҟоу аҷыдарақәа рыла рҽалыркаауеит ахьчара Аҳәынҭқарратә маҵзура аусзуҩцәа. Ргәалашәара ҳацуп змаҵзуратә уалԥшьа анагӡаараан иҭахаз аусзуҩцәа. Аҳәынҭқарреи аԥсуа жәлари рыхьӡала иаадырԥшуаз ахачҳареи ахамеигӡареи хашҭра рықәӡам. Аԥсны ахьчара Аҳәынҭқарратә маҵзура аусзуҩцәеи аофицарцәеи рыжәҩа иқәуп аус ҷыда – ҭакԥхықәрала рмаҵзура азнеира, аҳәынҭқарреи анапхгареи ршәарҭадара ахьчара.

Шәзанааҭтә ныҳәа аҽны иҭабуп ҳәа шәасҳәоит набыцра амамкәа имҩаԥыжәго аусуразы, Аԥсны Аҳәынҭқарреи ауаажәлари рыхьчаразы. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, шәусураҿы аихьӡарақәа!"

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me