Хәажәкыр 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсуа жәлар еиқәзырхо – аҧсуара ауп

Ааигәа Аҧсны ауаажәларратә еиҿкаара «Ахеиқәырхара» имҩаҧнагеит апресс-конференциа амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа алархәны. Уи аиҿкаара рҽала­дырхәит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Ирина Басариа, аматематикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алеқсандр Чамагәуа, ауаажәларратә усзуҩцәа Иура Кәыҵниеи Шамиль Аӡынбеи.

Иззааҭгылоз азҵаара хадақәа ируакын аҧсуа бызшәа иахьатәи ҳаамҭазы, уаҵәтәи ҳҧеиҧш азы амырӡра.

Аҧхьа ажәахә ҟазҵаз дреиуоуп ауаажәларратә усзуҩ Иура Кәыҵниа. Уи дазааҭгылан иҳәеит, аҧсуа жәлар рпроблема хадақәа ируакны ишыҟалаз аҧсуа бызшәа аиқәырхара. Аҧсны ахақәиҭраз иқәҧоз зегьы, раҧхьаӡа иззықәҧоз аҧсуа жәлар рбызшәатә культура арҿиаразы шакәыз. Аха иахьатәи ҳаамҭазы зегь раасҭа игәыгәҭажьны иаанхаз ҳәа ииҧхьаӡо аҧсуа бызшәа шакәу. Дырзааҭгылеит ахәыҷааӡаратә процесс, анацәа рхәыҷқәа еиҳа аҧыжәара рыҭаны аурыс бызшәахь иахьдырҧшуа. Иара убас иахьатәи ҳаамҭазы асоциалтә даҟьақәа рҿы лассы-лассы иуҧыло ауаҩы данииз идныҳәалара урысшәала, даныҧсыз, иаҳҳәап ашәаџьҳәарақәа урысшәала рыҟаҵара, аҭыҧхьыӡқәа урысшәалеи атәым бызшәақәеи рыла рыҩра. Уи зегьы ацклаҧшра, аҭакҧхықәра здыда - ҳәа агәаанагара имоуп. Уи иажәахә аҿы иҳәеит: «Аҧсуа бызшәа еиқәзырхо – аҧсуа жәлар роуп» ҳәа. Анаҩс иазҧхьа­гәеиҭеит аҧсуа бызшәа зегь раасҭа иҵаулоу, адунеи иақәлоу шбызшәоу.  Аха аҧхьаҟа абиҧара еиҵагыло уи рзымдырыр, пату ақәрымҵар, рхатәы бызшәала имцәажәалар, абызшәақәа ирылаӡуеит.

Анаҩс ажәа иман аматематикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Алеқсандр Чамагәуа. Иара иазгәеиҭеит, дара аполитика аганахь ишыҟам, партиак ишадҳәалам, дара – зхала иҟоу еиҿкаароуп. Избанзар, агәаанагара имоуп, аҧсуа бызшәа еиқәымхар, аҧсуа ҳәынҭқаррагьы ҟалом, аҧсуа милаҭгьы ҳәынҭқаррак аҳасаб ала адунеи ишаныӡаауа. Иара убас дазааҭгылеит иахьатәи ҳаамҭазы ишҳамоу, аҳәынҭқарра иныҟәнаго Аҧсуаҭҵааратә институт, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет, акультура иаҵанакуа ахырхарҭақәа зегьы, ахеидкылақәа, ателехәаҧшра, акьыҧхь, Аҧсуаҭҵааратә академиа, абызшәазы азакәан шыҟоу. Аха кыр шықәса раҧхьа хыхь еиқәыҧхьаӡоу зегь шыҟамызгьы, аҧсуа бызшәа еиҳа аҧыжәара аман. Иахьатәи ҳаамҭазы аҧсуа бызшәа ацәыӡра аамҭа иҭагылоуп ҳәа азгәеиҭоит уи. Иара иҳәеит, адунеи зегьынџьара аибашьра ахьцо зыхҟьо амилаҭ бызшәа шакәу.

Иара убас ажәахә ҟалҵеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Ирина Басариа. Уи абызшәа даналацәажәоз, ҿырҧштәыс иаалгеит Ҭамара Платон-иҧҳа Шьаҟрыл астудентцәа алекциақәа данырзаҧхьоз илҳәоз: 1. «Аҧсуа бызшәа ҳәынҭқарра бызшәас измоу ауп аҧсуа ҳәынҭқарра захьӡу». 2.«Аҧсуара шьаҭас иззышьҭоу ауп аҧсуа ҳәынҭқарра захьӡу». 3. «Аҧсуа бызшәа ҳәынҭқарратә бызшәас измоу, аҧсуара шьаҭас иззышьҭоу ауп аҧсуа ҳәынҭқарра захьӡу». Абарҭ ацәаҳәақәа зегьы зырҵабыргуа аҧсуа конституциа иануп, аха рыцҳарас иҟалаз иахьатәи ҳаамҭазы ахарахәара ахьамоуз ауп. Уи лгәаанагарала, ауаажәларра зегьы зхатәы бызшәа бзиа избо, уи мыӡроуп ҳәа згәы иаанаго зегьы, дара ирылшо зегьы ҟарҵароуп уи анагӡаразы. Уи инаҷыдангьы аҧсуа школқәа рҿы иалагалазар ахәҭоуп аҧсуа ҭоурых аҧсышәала.

Анаҩс ажәа иман ауаажәларратә усзуҩ Шамиль Аӡынба. Ветеранк иаҳасаб ала иажәа даналагоз, даара игәы инархьуа дазааҭгылеит иахьатәи ҳаамҭазы абызшәа аҭагы­лазаашьа. Иахьа Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи 30 шықәса аҵра Аиааира азгәаҭара ҳгәы ишҭоугьы, аҧсуа бызшәа аҿиара ҧхьаҟа имцаӡеит, избанзар еиҵагыло рхатәы бызшәала ицәажәом. Иара зны-зынла игәы иаанагоит ҧыҭҩык ауажәларра абызшәа рҭахӡам ҳәа, еиҳаракгьы анацәа ашколқәа рҿы уанааҭгыло, зегьы абызшәа здыруагьы иззымдыруагьы урыс бызшәала иахьцәажәо, уи даара угәы шунархьуа. Анаҩс иҳәеит, абызшәа арҿиаразы, уи амырӡразы ажәлар рҟынтә ацхыраара, адгылара шаҭаху.

Излацәажәоз азҵаарақәа рхықәкы хада акәын, абиҧара еиҵа­гыло, аҧхьаҟатәи аҧеиҧш, рбызшәа бзиа ирбаларц, рхатәы бызшәала ицәажәаларц, аҧсуа бызшәа дмырӡырц азыҳәан иҟаҵатәу.


Стелла Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me