Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны – Урыстәыла Москватәи аиҧыларақәа

Ииуль 14 азы Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Москвамҵантәи ирезиденциа "Горки – 9" аҟны имҩаҧысит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Медведеви реиҧылара. Бжьаниеи Медведеви инҭкааны ирылацәажәеит еиуеиҧшым аусхкқәа рганахьала ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа, – иаанацҳауеит Аҧсны Ахада ипресс-маҵзура.

Дмитри Медведев иазгәеиҭеит Аҧсны аҿиара ишаҿу, жәларбжьаратәи апозициақәа шарҕәҕәауа. Урыстәыла инхарҭәааҵәҟьаны инанагӡоит аидгыларатә хыдҵақәа, Аҧсны асоциал-економикатә рҿиара иацхраауеит, иалнаршоит уи ашәарҭадара. Аганқәа иазгәарҭеит Аҧсны асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа шҭышәынтәалаз Урыстәылатәи Аҧснытәи аҳақьымцәа русура еиқәышәшәа иабзоураны. Жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа иазкны агәаанагарақәа реибыҳәара аан, Аслан Бжьаниеи Дмитри Медведеви хшыҩзышьҭра ҷыда азыруит Украина Урыстәыла имҩаҧнаго арратә операциа ҷыда. Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ ҭабуп ҳәа ахиҳәааит Донецктәи Лугансктәи жәлартә республикақәа рхьыҧшымра азхаҵаразы, урҭ рҟны адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы Аҟәа ирласны иаднакылаз аӡбамҭа.


Ииуль 28 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Москва диҧылеит Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Дмитри Козак, –иаанацҳауеит Аҧсны Ахада Иусбарҭа  апресс-маҵзура.

Аиҧылара иалахәын аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟны арегионбжьаратә, акультуратә еимадарақәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Иусбарҭа аиҳабы Игор Маслов, аекономикатә рҿиара аминистр Мақсим Решетников, аекономикатә рҿиара аминистр ихаҭыҧуаҩ Дмитри Вольвач.

Аганқәа рылацәажәеит Аҧсни Урыстәылеи русеицура азҵаарақәа, ахәҭакахьала Аҧсны ҳаирла аимадара аиҭарҿыцра, 2022-2025 шықәсқәа рзы Аҧсны асоциал-економикатә рҿиара апрограмма анагӡара.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me