Аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа дырҧшӡеит Аҧсны атәылахьчара Аминистрра аоркестр рыцны Аҧсуа драматә театр аҿаҧхьа инаркны амилаҭтә бираҟқәа рхашәыршәыруа аҽыуаа рныҟәара. Урҭ рҿынархеит Сергеи Багаҧшь ихьӡ зху ашҭа ашҟа. Уа ианнеи, аҽыуаа иркыз абираҟқәа еиҵыхны ашҭа иакәшеит. Аныҳәатә усмҩаҧгатә мҩаҧызгоз актиор Кьасоу Ҳагба аҭоурыхтә бираҟқәа рҵакы рзеиҭеиҳәеит. Ашҭа иқәыҩуан Аҧсны Аҳәынҭқарратә гимн.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа аҧсышәала еизаз зегьы ирыдиныҳәалеит Аҳәынҭқарратә Бираҟ Амш. "1992 шықәса ииуль 23 азы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Владислав Григори-иҧа Арӡынба ихантәаҩрала, ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы, ишьақәнарҕәҕәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра асимволика – Аҳәынҭқарратә Бираҟи Аҳәынҭқарратә Герби. Ари арыцхә аҳәынҭқарра ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы акырӡа зҵазкуа ируакуп. Аҳәынҭқарратә Бираҟ хаҿра рызнауеит ҳтәыла асуверенитет, ахьыҧшымра, уи аҭоурых ду, иарҕәҕәоит абиҧарақәа доуҳала реимадара, еиднакылоит милаҭрацәала еилоу ажәлар. Ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа абираҟ иаҵагыланы еибашьуан аҭынчреи рыдгьыл гәакьа ахақәиҭреи рзы. Уи ҩычоуп 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы афырхаҵарақәеи Аиааиреи рыла. Акырӡа зҵазкуа ахҭысқәа, аиҧыларақәа мҩаҧыргоит Аҳәынҭқарратә Бираҟ иаҵагыланы. Уи ҳацхраауеит аамҭа ашәарҭарақәа ишахәҭоу аиҧш рҿагылараҿы", – иҳәеит Ахада.
Аслан Бжьаниа зегьы ирзеиҕьишьеит аҳәоуеиқәшәара, аинҭәылара, ашәҭыкакаҷра. Аныҳәа хыркәшахеит арҿиаратә коллективқәеи аҧсуа естрада артистцәеи злахәыз аконцерт ала. Иара убас еиҿкаан ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа. Аҟәаа аӡәырҩы аныҳәахь инеит амилаҭтә маҭәақәа рышәҵаны. Ақәыҧшцәа Аҧсны абираҟқәа кны аҧшаҳәаҿы инеиааиуан. Имҩаҧысуаз даара интересла иахәаҧшуан аҳҭны-қалақь асасцәа.
Иара убас ҳажәлар Аҳәынҭқарратә Бираҟ Амш рыдиныҳәалеит Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба.