Ашықәсбжазтәи аусура аихшьалақәа: Аҧсны араионқәа рҟны аиҧыларақәа

 

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа араионқәа рахь иныҟәара хациркит Очамчыра араион ала. 2022 шықәса актәи ашықәсбжазы имҩаҧгаз аусура еихишьалеит Очамчыра араион ахадара аиҳабы Беслан Бигәаа. Уи иажәақәа рыла, Очамчыра араион абиуџьет ахашәалатә хәҭа нагӡоуп 145% рыла. Иззыҧшыз ахашәалақәа 73 миллиони 258 нызқь мааҭ рахьтә араион абиуџьет иаланагалеит 105 миллиони 923 нызқь мааҭ, ари иззыҧшыз аасҭа 32 миллиони 660 нызқь мааҭ рыла еиҳауп.

Иара убас ахадара аиҳабы дрылацәажәеит еиуеиҧшым ашәахтәқәеи ахшәаатәқәеи раҳасабала актәи ашықәсбжазы иаланагалаз: ахашәалазы ашәахтә – 70 миллиони 64 нызқь мааҭ. Аҟаҵарбақәа инарыцҵаны рынагӡара зхылҿиааз аҧсыӡкразы аквотақәа рыцҵара ауп. Планла иазгәаҭаз 25 нызқь тонна аҭыҧан иркит 37 нызқьи 849 тонна. Иара убас амуниципалтә хатәмал аҿы иҟоу амазара аҭира иаанашьҭыз ахашәалақәа идыртәеит 49 нызқь мааҭ. "Абиуџьет иаланагалаз адгьыл ашәахтә ишьақәнаргылеит 1 миллионки 970 нызқь мааҭ. Абарҭқәа зегьы дәықәҵан Очамчыра араион абиуџьеттә усхкқәа рхарџьқәа рахь", – иазгәеиҭеит Бигәаа.

Араион ахадара аиҳабы иҳәеит аҧсабаратә рыцҳарақәа ирыхҟьаны Очамчыра араион ауааҧсыра Ахада ирезервтә фонд аҟнытә 1 миллионки 803 нызқь мааҭ шрыҭаз.

Беслан Бигәаа иқәгылара ашьҭахь, Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит ахадара аиҳаби уи иусзуҩцәеи ацифрақәа зегьы рдыруазарц шрыхәҭоу. "Абасҟаҩык аус руеит ҳәа шәаналацәажәауа, шәара ишәдыруазароуп шаҟаҩы усурҭада иҟоугьы, аус здырулауа адгьылқәа рхыҧхьаӡарагьы. Урҭ зегьы ҳара ҳалшарамчқәа роуп, ҳхы иаҳархәалароуп. Иаадыруазароуп иааидкыланы агәабзиарахьчараҿы, аҵарадырраҿы, аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҿы аусқәа зеиҧшроу, проблемақәас иҟоу. Иҟаҵоу рацәоуп, аха еиҳагьы ирацәоуп иҟаҵатәқәо". Досу иус ахы шикуа идыруазароуп. Ҿырҧшыс, сара сзы алагамҭақәа ирылагамҭоуп Аҧсны Ахадас саналырхыз. Сара ауаа рҿаҧхьа аҳасабрба ҟасҵоит атәыла напхгара асҭонаҵы, абраҟагьы убас иҟалароуп. Шәара анхамҩа шәахагылеит, абиҧарақәа рҽыҧсахра аамҭа анааилак ишәҳәароуп иҟашәҵаз, ишәзыҟамҵаз", – иҳәеит Ахада.

 Аиҧылараҿы атәыла Ахада иҟаз иреиҳәеит ргәы иҵхо азҵаарақәа ирҭарц. Убас аҳәынҭқарра Ахада Ҧицундатәи аҳәынҭдачақәа ирлахьынҵахоузеи ҳәа азҵаара ирҭеит. Аслан Бжьаниа убри аобиект иамадоу аҭагылазаашьа инҭкааны еиҭеиҳәеит. "Сара суалҧшьа – аиаша шәаҳәара ауп, алкаақәа ҟашәҵа шәара. Агитациагьы сҽазыскуам. Шәареи шәинтересқәеи рымаҵ зуеит. Аҵыхәтәан убри азҵаара сшахәаҧшуа шәзеиҭасҳәоит. Апенсиақәеи абиуџьетуаа руалафахәқәеи шәзеиҭасҳәеит. Очамчыра аспортзал аус ауама? Уи акәша-мыкәша еснагь аимак-аиҿакқәа цоит. Изтәыда уи злаҳаргылаз аҧарақәа? Акыр иаҧсоу аҩызцәа, шәара ижәдыруеит 2008 шықәса азынӡа Қырҭтәыла аҳәааҿы имҩаҧысуаз, шаҟаҩ ҭахахьоу, апартизанцәа гәаата-бҕата ишалаз, Қырҭтәыла амаҵзура ҷыдақәа аус шыруаз, Гал араион иахьаҵанакуа атерактқәа адиверсиақәа шаҟа мҩаҧысуаз. Аибашьра ашьҭахь ҳтәылауаа 400-ҩык раҟара ҭахеит, иазгәаҭатәуп Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа 100-ҩык раҟара шҭахаз руалҧшьақәа анынарыгӡоз. Ари ҭоурыхтә фактуп. Исҭахын урҭ ртәы жәдыруазарц", – иажәа хиркәшеит Ахада.

Иара убри аҽны Аҧсны Ахада Бжьаниа дырҧылеит Тҟәарчал араион актив. Аилацәажәара иалахәын Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Зураб Қаџьаиа, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьопуа, аекономика аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭеимураз Амқәаб, атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Нодар Аҩӡба, Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа, араион ахадара анапхгаҩцәа.

Тҟәарчал Ахадара аиҳабы Исидор Дочиа араион асоциал-економикатә ҭагылазаашьеи 2022 шықәса 6 мзы рыҩнуҵҟала аусура аихшьалақәеи ирызкыз ажәахә ҟаиҵеит.

Уи иажәақәа рыла 2022 шықәса актәи ашықәсбжазы Тҟәарчал араион аҟны аус руан анаплакқәа 154 урҭ рахь аҳәынҭқарра иатәу 13, ҩба – аҳәынҭқарра иатәым. Актәи ашықәсбжазы аарыхра азеиҧш мҽхакы иартәеит 23, 2 миллион мааҭ, планла иарбаз 28,2  миллион мааҭ аҭыҧан, даҽакала иуҳәозар 82,2%. Араион аҟны аусура знапалаку рхыҧхьаӡара иартәоит 1503-ҩык. Бжьаратәла ауалафахәы – 12 118 мааҭ. Исидор Дочиа дрылацәажәеит араион абиуџьет ианагӡашьоу.

"Аекономика арҿиареи ашьҭыхреи рзы фактор хаданы иҟоуп аинвестициақәа. Ҳазну аамҭазы араион аҟны аҳәаанырцәтәи аинвесторцәа радҧхьаларазы аусурақәа мҩаҧысуеит. Аинвестициатә проект хадақәа рхыҧхьаӡарахь иаҵанакуеит Тҟәарчалтәи арацәаҵхырҭа аус адулара, ҧасатәи азауад "Аргонавт" абазала аҭаҭын аалыҵқәа рҭыжьразы афабрика аиҿкаара", – иҳәеит араион ахада.

Аслан Бжьаниа ахадара аиҳабы диазҵааит араион аҟны аусурҭадара аҩаӡара зеиҧшроузеи ҳәа. "Иахьазы 2 нызқьҩык раҟара аусурҭа рымам", – аҭак ҟаиҵеит Дочиа.

Актив рҧылараҿы еиуеиҧшым азҵаарақәа шьҭырхуан. Аха хра злоу зҵаараны иҟалеит Ҧицунда аҳәынҭдачақәа рыкәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа. Тҟәарчал инхауа Белла Аршба зегьы дрыҧхьеит аҳәынҭдачақәа рҵыхәала ацәажәарақәа рҿы амаршәаркра аадырҧшларц. "Абри азҵаара аус адырулозароуп атәыла анапхгаҩцәа, адеутатцәа, Ауаажәларратә палата. Урҭ хымҧада ииашоу мҩак рыҧшаауеит", – лҳәеит лара. Иара убас лара интересс иҟалҵеит уажәы абри азҵаара зықәгылаз. Аслан Бжьаниа аҭак ҟаиҵеит ари азҵаара иахьа ишцәырымҵыз, уи шықәгылахьаз 10  шықәса раҧхьагьы. Атәыла Ахада инҭкааны далацәажәеит уи азҵаара аҭоурых. "Иҳалшома ҳара ҳаинҭәыла, ҭынч ҳанхо-ҳанҵуа Урыстәыла адгыларада? Уи иаваҳаргылаша даҽакы ҳамоума? Иҳамоума иҳадгылаша агәылацәа? Иаадыруа ҳгәылеи ҳареи аибашьра ахықә ҳхықәгылоуп, абри харшҭшьас иамоузеи? Ауаажәларратә усзуҩцәақәак  ирзеилкаауам, мамзаргьы ирзеилымкаауашәа ҟарҵоит, мраҭашәара ҳацхраара аҭахушәа ихәыцуеит. Ари иашаӡам. Аӡәы дҳацхраарц иҭахызҭгьы, ҳара ҳазхарҵахьазаарын. Ҳтәыла азхаҵара аиуазма, Урыстәыла дуӡӡа раҧхьатәи ашьаҿа ҟанамҵазҭгьы? Урыстәыла убри адача амаиур акымзарак ахьӡом, аха ҳара ҳзынхарыма Урыстәыла иҟанаҵо адгылара ада, ари зҵаара дууп", – иажәа хиркәшеит аҳәынҭқарра Ахада. Жәлар Реизара адепутат Беслан Емрыхәба аҳәындача ахыбрақәа Урыстәыла аҭара дадгыланы дықәгылеит. "Аӡәырҩы ирҳәоит, аҳәынҭдача рҭиуеит ҳәа, аха Жәлар Реизарахь инеиз адокумент аҟны уи аҩыза арбаӡам, амц рҳәоит", – иҳәеит Емрыхәба.


Ашьжьымҭан ииуль 21 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыҧшь араион актив рҟны анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаҧигеит. Аиҧылара иалахәын Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Зураб Қаџьаиа, аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭа нхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Нодар Аҩӡба, Аҧсны Ахада иабжьгаҩцәа.

2022 шықәса актәи азбжазы русура аихшьалақәа ҟаиҵеит араион ахадара аиҳабы Аслан Бараҭелиа. Араион абиуџьет ахашәалатә хәҭа нагӡоуп 106,4%  рыла, планла иарбаз 96 миллиони 454 нызқь мааҭ рҭыҧан иаланагалеит 102 миллиони 580 нызқь мааҭ. Абиуџьет ахарџьқәа рыхәҭа хада ақәшәоит аҵара аус, – иҳәеит Бараҭелиа. Ахада ирезервтә фонд аҟнытә араионтә биуџьет ахь иаланагалеит 2 миллионки 398 нызқь мааҭ. Урҭ дәықәҵан аҧсабаратә рыцҳара ааха знаҭаз Гәылрыҧшь араион ауааҧсыра ацхыраара рыҭаразы.

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит ажәахә аҟны иаагоу адырраҭарақәа зегьы аусқәа рҭагылазаашьаҵәҟьа ишақәшәауа. Абри инаваргыланы, аҳәынҭқарра Ахада иаҵишьит араион ишаҭаху иҟоу ахыхь аинвестициақәа ралархәра. Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит В.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баҕәаза "Аҟәа" ахархәарахь рыҭаразы активла аусурақәа шымҩаҧысуа.

"Ихыркәшахоит аҭҵааратә усурақәа, апроект анапаҵаҩуп. Ҳгәыҕуеит 2024 ш. азы аҳаиртә баҕәаза аусура иаларгахап ҳәа", – иазгәеиҭеит Ахада. Бжьаниа иара убас дазааҭгылеит араион аҟны агәамеизгарҭа аргылара акырӡа шаҵанакуа, избанзар абзазаратә црыҵ кьакьақәа рпроблема акыр шықәса раахыс иӡбамкәа иаанханы иҟоуп. "Ари ҳаамҭазтәи адҵақәа ирықәшәауа обиектхоит. Ааигәа уа сыҟан, избеит аусурақәа рымҩаҧысшьа", – иҳәеит Ахада. Иара убас иациҵеит апроектқәа жәпакы аҧсҭазаараҿы рынагӡара ишалнаршауа зқьы рҟынӡа аусуратә ҭыҧқәа рхыҧхьаӡара ишазҳауа. Аҳәынҭқарра Ахада Агәыӡера аҳаблан Николаи Смецкои идендропарк алахьынҵа аганахьала азҵаара ирҭеит. Ахада иҳәеит абри азҵаара аҭыҧ ақәҵара ишаҿу знапы иану аусбарҭақәа. "Имҩаҧысуеит апрокурортә гәаҭара, уи анхыркәшахалак аҭак ҟаҵахоит", – иҳәеит Ахада.

Гәылрыҧшь араион ауааҧсыра Ахада иҵегьы иацәажәарц, азҵаарақәа ирҭарц рҭахын, аха ауаажәларратә усзуҩ Џьансыхә адлеиба икәша-мыкәша ицәырҵыз ажәала аиҿыхарақәа ирыхҟьаны, араион ахадара аиҳабы Аслан Бараҭелиа аиҧылара хиркәшеит.


Ииуль 21 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа араион актив алархәны анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаҧигеит. Уи иалахәын Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Зураб Қаџьаиа, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭа нхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Нодар Аҩӡба, Ахада иабжьгаҩцәа, Жәлар Реизара адепутатцәа.

Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа 2022 шықәса 6 мзы рыҩнуҵҟала имҩаҧыргаз аусуразы аҳасабрба ҟаиҵеит. Аҟәа араион абиуџьет иартәоит ахашәалақәа рыла 159,3 миллион мааҭ. Ашықәсбжа аҩнуҵҟала араион абиуџьет иаланагалаҵәҟьаз иартәеит 69,9 миллион мааҭ, мамзаргьы 128%. Араион аҟны ауалафахәы бжьаратәла мызктәи афонд – 13,7 миллион мааҭ. Бжьаратәла ауалафахәы 30,6 – нызқь мааҭ. Араион аҿы аусура зылшо ауааҧсыра 6 708-ҩык ыҟоуп. Араион анаплакқәеи аҳәынҭусбарҭақәеи рҟны аус руеит 826-ҩык.

Хықәкылатәи апрограмма инақәыршәаны, ақыҭанхамҩа Аминистрра ибзиоуп ҳәа рыхнаҳәааит 4,8 миллион мааҭ зыртәо апроектқәа 13. Урҭ рынагӡара азгәаҭоуп 2022 шықәсазы.

Араион ахадара аиҳабы иқәгылара ашьҭахь, атәыла Ахада интересс иҟаиҵеит ақыҭанхамҩа Аминистрра ала араион аҟны шаҟа проект нарыгӡауа. Алхас Ҷыҭанаа иазгәеиҭеит аобиектқәа зегьы аус шыруа. Еиҿкаауп иҟоу ахыхь аусурҭатә ҭыҧқәа 18, хықәкылатәи апрограмма апроектқәа ирыҵаркуеит 3 гектарк адгьыл.

Иара убас, Аслан Бжьаниа интересс иҟаиҵеит Аинвестпрограмма инақәыршәаны шаҟа проект нарыгӡаз. Алхас Ҷыҭанаа иҳәеит Аҟәа араион аҟны 2020-2022 шықәсқәа рзы Аинвестпрограммала иарбоу аусмҩаҧгатәқәа 5 рахьтә 4 шынагӡоу. "Сара сазхиоуп шәызҵаарақәа рҭак аҟаҵара", – иҳәеит Аҧсны Ахада. Ашьха ақыҭа Ҧсҳәы инхо атәыла Ахада иахь аҳәара ҟаиҵеит абри аҩыза аизара мҩаҧгазарц Ҧсҳәы. "Сара уа сыҟан хадас сҟалаанӡа. Еиҭах снеиуеит. Иҭабуп ааҧхьара ахьсышәҭаз азы", – иҳәеит Ахада.

Аҟәа араион ахадара аиҳабы атәыла Ахада диҳәеит аҳәынҭдача "Ҧицунда" аҭагылазаашьа деилиркаарц.

Аслан Бжьаниа абри аҳәынҭдача Урыстәылатәи Афедерациа аҭара азҵаара аҭоурых далацәажәеит, иара убас иахьа уи акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьагьы. Иазгәеиҭеит адгьыл аҭира аӡбахә шыҟам, ҟалашьагьы шамам, избанзар Аҧсны адгьыл аҭира ауӡом. Зыӡбахә ҳамоу Аҧсны аҩыза, адгылаҩ Урыстәыла хатәмалны аҭара ауп" – иаҵишьит иара.


Ииуль 22 азы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Гәдоуҭа араион аҟны анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаҧигеит. Аҳәынҭқарра Ахада аҵыхәтәантәи хымш рыҩнуҵҟала дызҭааз ахәбатәи араион ауп. Аилацәажәара иалахәын Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьопуа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Жәлар Реизара адепутатцәа, ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩцәа.

Гәдоуҭа араион Ахадара аиҳабы Баграт Боџьгәуа 2022 ш.  актәи ашықәсбжазтәи русура иазкны аҳасабрба ҟаиҵеит. Актәи азбжазы араион ахашәалақәа идыртәеит 271 миллиони 523,4 нызқь мааҭ, ари иартәоит 144%.  Абиуџьет ахатәы лагалақәа – 109 миллиони 851,1 нызқь мааҭ, ареспубликатә биуџьет аҟнытә 99 миллиони 32, 9 нызқь мааҭ, Ахада ифонд аҟнытә иаланагалеит 62 миллиони 039, 1 нызқь мааҭ.

Анаҩсан араион ахада аиҳабы хазы-хазы дырзааҭгылеит ақыҭаҿы, ақалақь аҿы имҩаҧгоу аусурақәа ртәы.

Араион аҟны имаҷуи ибжьаратәуи абизнес цәыргоуп аекономика аусхкқәа зегьы рҟны, аха анападкылаҩцәа реиҳараҩык рнапы злаку ахәаахәҭреи акурорттә усхки роуп. Араион аҟны еиҭашьақәыргылоуп, аус руеит асанаториа-курорттә комплекс аобиектқәа ҩба.

Араион Ахада иаҳасабрба ашьҭахь, ауааҧсыра ргәы иҵхо азҵаарақәа шьҭырхуа иалагеит. Убарҭ ируакуп аӡхыҵрақәа раан аҩнқәеи аҭыӡҭыҧтә дгьылқәеи аӡы рыҵалара. Ахадара аиҳабы иҳәеит 30  шықәса раахыс идымрыцқьацыз ақалақь аҿы акәарақәа руак шыдрыцқьаз. "Егьырҭ аусурақәа рзы ҧарала аиқәыршәара азхом", иҳәеит Боџьгәуа. Ауаа агәынамӡарақәа рҳәон амхқәа рыцәаҕәаразы атехника ахьазымхо азы. Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Гуыгуыца Џьыкырба далацәажәеит амузеи апроблема – 33 нызқь аекспонатқәа аешьыкьтқәа ишырҭоу.

Атәыла Ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Аинвестпрограммала 2019 инаркны 2022 шықәсазынӡа Гәдоуҭа араион ишақәшәо 584 миллион мааҭ.

Ареспубликатә унитартә наплакы "Аҧснымашьынамҩа" ҧасатәи анапхгаҩы Леонид Лолуа аҳәынҭдача "Ҧицунда" атема шьҭихит. Ишдыру еиҧш, аҵыхәтәантәи аамҭазы уи акәша-мыкәша аимакқәа мҩаҧысуеит, "Асовет Еидгыла ҧасатәи ареспубликақәа зегьы рахьтә Урыстәыла заҵәык ауп Аҧсны ахьыҧшымра азхазҵаз. СССР анеилаҳа ашьҭахь зегьы ықәҵит, рдачақәа аанрыжьит. Сара сгәаанагарала, ҳхьыҧшымра азхаҵара иадырганы убри адача Урыстәылатәи Афедерациа аҭара иаҧсоуп. Абра дыҟоуп Жәлар Реизара Аиҳабы, исҭахын убри ажәалагала адепутатцәа ахәаҧшырц", – иҳәеит уи.


Амш аҩбатәи азыбжазы Аслан Бжьаниа Гагра днеит араион актив рҟны анҭыҵтәи аилацәажәара амҩаҧгаразы. Уи иалахәын Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьопуа, адәныҟатәи аусқәа рминистр, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа, Жәлар Реизара адепутатцәа, ауаажәларратәи аполитикатәи аусзуҩцәа.

Гагра араион Ахадара аиҳабы Иури Ҳагәышь ҳазну ашықәс 6 мзы рыҩнуҵҟала русуразы аҳасабрба ҟаиҵеит. Актәи ашықәсбжазы Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала финансла аиқәыршәара амалқәа ҳасаб рзуны, Гагра араион абиуџьет ахашәалатә хәҭа иартәеит 256 миллион мааҭ. Ахашәалақәа зегьы рганахьала ашәахтәи, ишәахтәыми алагалақәа идыртәеит 184,5 миллион мааҭ. "Абиуџьеттә харџьқәа реиҳарак зықәшәо аҵареи, амедицинеи, акультуреи, аспорти, анхарҭа-коммуналтә нахамҩеи роуп. Абарҭ ахырхарҭақәа рганахьала ахарџьқәа идыртәеит 277,4 миллион мааҭ", – иазгәеиҭеит ҳагәышь.

Араион ахадара аиҳабы иажәақәа рыла, абиуџьеттә малқәа рныхраҿы иаҳа аҧыжәара рыҭоуп ауалафахәы, ҳаамҭазтәи арҽеиратә усурақәа, ауааҧсыра асоциалтә цхыраара рыҭара.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит 2023-2025 шықәсқәа рзы Аинвестпрограммаҿы ишарбоу 1 миллиардки 500 миллион мааҭ, убрахь иналаҵаны араион аҟны амҩақәа рыҟаҵаразы – 800 миллион мааҭ. Ишьҭыхын атәыла газла аиқәыршәара азҵаарагьы. Атәыла Ахада аҭак ҟаиҵеит ари апроект ахыркәшара ишаҿу, ашықәс нҵәаанӡа ишымазеихо. Апроект ахә - 80 миллион мааҭ.

Гагра инхо иазгәеиҭеит Цандрыҧшь ақыҭан аҧсуа школ шыҟам. "Ҳамчқәа рыла уи аҟаҵара ҳақәшәоит, аха уи аамҭа аҭахуп", – иҳәеит Аслан Бжьниа. "Ҳтәыла ашәарҭадара алҳаршоит ҳара ҳҩыза – Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳамчқәа рыла. Убри аганахьала ҳара иҳалымшауа Урыстәылатәи Афедерациа ахы иаднаҵоит. Ибзианы ишыжәдыруа аиҧш, аекономикатә, арратә лшарақәа рганахьала ҳара ҳаиҧшым. Абри аҟнытә, Аҧсны иахьаҵанакуа абжьбатәи арратә базеи Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭақәеи абра рыҟазаара Аҧсны азы аиҧш, иара убас Урыстәыла аладатәи аҳәаақәа рыҟны ашәарҭадара аганахьала уаҩы дзықәгәыҕша аҭагылазаашьа бзиаӡақәа аҧырҵоит", – абри атәы иҳәеит Аслан Бжьаниа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me