Мшаҧы 24, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Абаҩхатәреи абжьы хааи анеицу

Аестрадатә шәаҳәаҩы, Аҧсны жәлар рартист, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Лиудмила Гәымба ахәаҧшцәа дырдыруеижьҭеи шьарда ҵуеит. Мшаҽнеиҧш, ишьҭылкааз аҟазара абзиабара лыцуп.

  Хынҩе­ижәижәаба шықәса зхыҵыз ашәаҳәаҩ, аханатә еиҧш, лнапы алакуп аестрада. Уи есааира дагәы­ланахалоит, лара лзы лыҧсҭазаара ҵакыс иамоу аҟазара ауп.  Ауаҩы дызҿу аус игәы аназҭоу, илагала бзиа аҟаҵарагьы анилшо, ахәаҧшцәа рыбзиабара иҽанаҧсеитәуа иеихьӡарақәа еиҳагьы агәацҧыҳәара ирҭоит.

Ашәаҳәаҩ, арҵаҩы-ааӡаҩ Лиудмила Хьыҵкәыр-иҧҳа Гәымба А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилолгиатә факультет  далгеит. Аха аснагь дзызхьамҧшуаз, бзиа илбоз аестрадахь  лгәы лыхон. Иреиҳау аҵараиурҭаҿы игәарҭахьан Лиудмила аҟыбаҩ ҷыда шлылаз. Убри аҟнытә еиуеиҧшым ахәылҧазқәа рҟны еиуеиҧшым ашәақәа налыгӡон Иури Гериа иаҧиҵаз астудентцәа рестрадатә ансамбль далахәны.  Л. Гәымба авокал-инструменттә ансамбль «Аҧсны – 67» ахь  ахкынагӡаҩс днарҧхьоит.  1967 шықәсазы уи еиҿикааит Аҧсны жәлар рартист Шамиль Аҩардан.

Ансамбль апрограмма иалаз еиҳарак аҧсуа ашәақәа ракәын.  Аҧсуа композиторцәа раҧҵамҭақәа баҩ­хатәрала иналыгӡон.

1980-тәи ашықәсқәа раан ансамбль «Аҧсны-67» ҧыхьатәи СССР ацентртә телехәаҧшра адырраҭарақәа  «Ашәа еицаҳҳәап аҩызцәа», иара убас «Шире круг»  лассы-лассы дрылахәхон.  Аспорт­комплексқәа «Динамо», «Олимпиискии» рҟны Урыстәылатәи аҳәаанырцәтәи аестрада Агала-концертқәагьы  дрылахәхахьан.

Л. Гәымба абжьы хаа лхоуп, аҧсуа естрада бзиа избо дыхнахуеит. Ҵабыргны, уи иналыгӡо ашәа аҧсы ахалҵоит. Лашәақәа аҧсуа цәа шрыҟәну  лынагӡашьа иаҵубаауеит. Илҳәо ашәақәа лара лҟазшьа ианаалоит, лдунеи­хәаҧшра иазааигәоуп, убри азы акәхап  излы­қәҿиогьы.

Ансамбль «Аҧсны-67» инанагӡахьеит шәкы инареиҳаны ашәақәа. Урҭ рахьтә ҩеижәижәаба алалеит «Аҧсны-67» ахьтәы коллекциа», уи ҭыжьын 2007 шықәса рзы, апроект авторс дамоуп Л. Гәымба лхаҭа.

Ашәаҳәаҩ аусура ду мҩаҧылгахьеит аҿар рыҩнуҵҟа абаҩхатәра злоу ралҧшааразы. Лассы-лассы еиуеиҧшым ажиуриқәа дырхантәаҩуп, мамзаргьы дрылахәуп. 1988 шықәса рзы акәзар, Лиудмила Гәымба Витебск имҩаҧысуаз аполиак ашәа Жәларбжьаратәи афестиваль далаураетхоит. Уи нахыс Польшаҟа днаҧхьан аконцертқәа дрылахәны. Агаст­рольқәа мҩаҧылгахьеит Германиа, Кампучиа, Германиа-Асоветтәи Кампучиа-Асоветтәи еиҩызарақәа ргәыҧқәа рнаҧхьарала, қәҿиаралагьы дықәгылеит. Зныкымкәа дықәгылахьан Балтика иаҧну атәылақәа, Азербаиџьан уҳәа ҧыхьатәи Асовет Еидгыла егьырҭ ареспубликақәа рсценақәа рҟны.

Ашәаҳәаратә ҟазараҿы иаалырҧшуаз аихьӡарақәа рзы  Лиудмила Гәымба илаҭәашьоу аҳаҭыртә хьӡқәа, хымҧада, дрыҧсоуп. Аҧсуа милаҭтә ҟазараҿы  еиҳау ақәҿиарақәа  лзыҧшызааит.


В. Ажәанба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me