Аредактор хада: Ахра Анқәаб
Аҭел: 26-15-94 Адкыларҭа: 226-15-75
Аелектронтә адрес: apsnygazeta@mail.ru

«Апснымедиа» адиректор хада: Џьопуа Р.Р.
Аҭел: +7 (840) 226-89-89
Аелектронтә адрес: apsnymedia@gmail.com

Адәыӷбааҭгыларҭа «Аӡҩыбжьа» аҿы аихамҩа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа хыркәшахеит.
300 метра рҟынӡа инаӡо аучасткақәа ҩба рҿы (аихабетонтә шпалқәа рҿы) арельс-шпалтә еихыршь аҿыц ала иԥсаххеит. Убас ала, Аҟәа-Очамчыра еимаздо ихадоу ахырхарҭа ала маҷк ада амҿы иалху ашплақәа зегьы аихабетон ала иԥсаххеит. «Аԥснытәи аихамҿы» ишазгәарҭаз ала, 2022 шықәсазы иарбоу аҭыԥ аҟны 2 км рҟынӡа инаӡо аихамҩаҿы қәыԥсаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган. Ареспубликатә унитартә наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» ҳазҭоу ашықәс азы аушьҭратә лшара аизырҳаразы иахәҭоу аусурақәа зегьы рымҩаԥгара иацнаҵоит.