Инарҭбаау аилатәара

Аԥсныпресс. Апарламент аҟны имҩаԥысит Аҳәынҭқарразинтә политиказы аилак инарҭбаау аилатәара.  Аԥсны Жәлар Реизараҿы адепутат Кан Кәарҷиа иаԥшьгарала имҩаԥысит аҳәынҭқарразинтә политиказы аилак инарҭбаау аилатәара. Уи азкын Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳа­быреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу аобиект ахатәтәразы Урыстәылатәи Афедерациа аҭареи уи ахархәаразы аԥҟареи ирызку Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра азҵаара. Аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба имҩаԥигаз аилатәарахь дааԥхьан Аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Беслан Кәыбраа.

Аилатәара иалахәын Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, Апарламент аҟны иҟоу Ахада ихаҭарнак Анри Барцыц, аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи ахатәтәреи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Михаил Ладариа, ауаажәларра, амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа.

Аилатәараҟны ажәахә ҟаиҵеит Аилак иалоу Кан Кәарҷиа. Уи дрылацәажәеит Урыстәылатәи Афеде­рациа Аиҳабыра Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра аҳәынҭқарратә експорттә кредит аҭаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи 2010 ш. ԥхынҷкәынмза 24 азы анапы зҵаҩыз Аиқәшаҳаҭра азҵаарақәа ирыдҳәалоу аматериалқәеи аналитикатә лкаақәеи, Аҟәа адгьылҵакыраҟны иҟоу ԥасатәи арратә гәабзиарачаԥарҭа қьырала аҭареи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу аобиект (аҳәынҭдача «Пицунда») ахатәтәразы Урыстәылатәи Афедерациа аҭареи уи ахархәаразы аԥҟареи ирызку Аиқәшаҳаҭра азакәанԥҵара ақәнагареи ртема. Иҟаз ацәажәара рҽаладырхәит аилатәарахь иааԥхьаз, ишьҭыхыз азҵаарақәа рзы ргәаанагарақәа рҳәеит, адепутатцәа рызҵаарақәа рҭак ҟарҵеит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me