Леон аспорт адагьы иҵараҿы иаарылукааша ҵаҩуп. Исҭахуп сазыхынҳәырц абоксаҿы илиршахьоу аамҭа кьаҿк иҭагӡаны. 2021 шықәсазы Пицунда имҩаҧысуаз абоксазы Жәларбжьаратәи XXVII атурнир Григори Блаб игәалашәара иазкыз аҟны Леон Лагәлааи, Артур Чепниани зегьы ираҧыргеит, аҩбатәи аҭыҧ ааникылеит Анри Зарданиа. Разыҟаҵаҩцәа, аҧышәа ду змоу Б.Адлеиба, Д.Аҩӡба, С.Смыр. Атурнир мҩаҧысуан 6 мшы иҭагӡаны, уи иалахәын хышәҩык инреиҳаны Урыстәылеи Аҧсни рҟнытә аспортсменцәа ҿарацәа.
Исҭахуп сазааҭгыларц Ашықәс ҿыц аламҭалаз Леон иигаз аиааира ҿыц. Ноиабр мзазы Дон ихықәгылоу Ростов имҩаҧысуаз абоксазы атурнир «Кубок Дружбы» аҟны Аҧсны абоксиорцәа иааныркылеит аҧхьатәи аҭыҧқәа, еиуеиҧшым акапантә категориақәа рҿы: Дауҭ Гындиа, Оскан Мурадиан, Дмитри Мартиросиан, Барцикиан, абраҟа Леон Лагәлаа 70 кг иҟаз рыбжьара актәи аҭыҧ ааникылеит. Рыхҩыкгьы ахьтәы медалқәа ранашьан. Леон Лагәлаа дазыҟаиҵоит Давид Аҩӡба, егьырҭ абоксиорцәа азыҟаиҵоит Едуард Депелиан. Ҳәара аҭахым, ҳҿар иаадырҧшуа ақәҿиарақәа, аиааирақәа дара русура ду, рҧышәа бзиа иалҵшәоуп. Ҳазҭалаз 2023 ашықәсазы абоксиор қәыҧш Леони иара иҩызцәа аҿарацәеи ирзеиҕьаҳшьарц агәамч ҕәҕәеи, иҵегьы Аҧсны ахьӡ злаҭыргаша аиааирақәеи.
Наира Сабекиа