Мшаҧы 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Беларуси Урыстәылеи Реидгыла аизараҿы

Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба инапхгарала Аԥсны Апарламенттә делегациа рхы рыладыр­хәит Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара 63-тәи аилатәара аусмҩаԥгатәқәа. Абри атәы рылеиҳәеит Апарла­менттә Еизара Ахантәаҩы Виачеслав Володин.

Аԥсны Жәлар Реизара аделегациа иалоуп адепутатцәа Ҭемыр Беиа, Вахтанг Голанӡиа, Жәлар Реизара Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.

Аилатәара мҩаԥысит Апарламенттә Еизара Ахеилак ишьақә­нарӷәӷәаз амш аусхәаԥштә инақәыршәаны. Аилатәара мҩаԥигон Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара Ахантәаҩы, Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин.

Апарламенттә Еизара адепутатцәа русура аҽалархә­разы инаԥхьан Ареспуб­лика Беларуси Урыстәыла­тәи Афедерациеи рминистр­­рақәа, русҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа, Апарламенттә Еизараҿы Аидгылатә ҳәынҭқаррақәа Еснагьтәи Реилак ахаҭар­накцәа, еснагьтәи анаԥшыҩцәа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me