Мшаҧы 23, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аиқәышаҳаҭра инапы аҵаиҩит

Урыстәыла Апрезидент Владимир Путин инапы аҵаиҩит 2022-2025 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә рҿиара Аҳәынҭпрограмма анагӡаразы Аиқәыша­­ҳаҭра, – иаанацҳауеит РИА Новости.

Изыхәҭоу адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҟны.

«2014 шықәса ноиабр 24 азы Шәача рнапы зҵарҩыз аидгылареи стратегиала аиҩызареи рзы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара Аиқәышаҳаҭра арҿиара инамаданы, иҳабжьаҵан жәларбжьаратәи аиқәышаҳаҭрақәа. Урҭ рызкын ареспублика аекономика аиҭашьақәыргылареи уи ауааԥсыра рыԥсҭазаара аҩаӡара ашьҭыхреи рганахьала зегь рыла адгылара», – иарбоуп аилыркааратә нҵамҭаҿы.

Аилыркааратә нҵамҭа авторцәа ражәақәа рыла, Москва 2022 шықәса август 4 азы 2022-2025 шықәсқәа рзы ареспублика асоциал-економикатә рҿиара Аҳәынҭ­қарратә программа анагӡара­зы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсни рыбжьара Аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩын.

Аиқәышаҳаҭра ҟалароуп Аҳәынҭпрог­рам­­ма аусмҩаԥга­тәқәа рынагӡа­разы афинанстә цхыраара азҵаарақәа зырман­шәалауа иаку ҳәынҭқарраб­жьаратә еиқәышаҳаҭ­раны. Раԥхьаӡа иргыланы, уи азкуп ареспублика аекономика аусхкқәа рыдгылара, акредитҟаҵара асистема арҿиара, Аԥсны ашәахтәқәҵара асистема аԥҵара, «иара убас аиқәышаҳаҭра иахылҿиаауа Урыстәыла­тәи аган асоциалтә харџьтә хыдҵақәа ԥарала реиқәыршәара, атәылахьчареи, ашәарҭада­реи, азинлеи­шәа алыршареи рганахьала ахыдҵақәа аалхны», – адырраҭара ҟаҵоуп аилыркааратә нҵамҭаҿы.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me