Михаил Мишустин иахь

Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Рхантәаҩы Михаил Мишустин жәлар ракзаара Амш идиныҳәалеит.

Ҳаҭыр зқәу Михаил Владимир-иҧа, гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит жәлар ракзаара Амш – аҭоурыхтә дацҧашә ҵаулақәа змоу Урыстәыла аҳәынҭқарратә ныҳәа.

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзтәи ахҭысқәеи иааидкыланы жәларбжьаратәи аҭагылазаашьеи шаҳаҭра руеит акыр шәышықәсақәа уажәаҧхьа аиҧш, аџьынџьуаа ракзаара иахьагьы шаҟа аҵакы ҕәҕәоу.Урыстәыла аешьаратә жәлар акырӡа зҵазкуа абри аныҳәа рыцеиҩшауа, ҩаҧхьа ишьақәсырҕәҕәоит аидгыларатә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара Аҧсны Аиҳабыра ируснагӡатә хаданы ишыҟоу. Ҳарҭ ҳаҧхьаҟагьы ҳамч-ҳалшара адаҳҵоит урҭ аганқәа зегь рыла рырҿиара», – иазгәаҭоуп адныҳәалараҿы.

Анқәаб Мишустин ҳаҧхьаҟагьы ақәҿиарақәа изеиҕьишьеит Аџьынџьтәыла амаҵзураҿы, Урыстәылаа зегьы ракәзар – аҭынчра, аизҳазыҕьара.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me