Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа – 25 шықәса

А

ҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи ҩымз ракәын иҵхьаз, аибашьра иаҳзыннажьыз ахәрақәа мҕьацызт, ақалақь аибашьра амца иацәынханы акрызҵазкуаз ахыбрақәа хыблаа-ҿыблаа, еилаҧыххаа, ааха ҕәҕәа рыҭан. Аха аҧхьаҟатәи  аҧеиҧш иазхәыцтәын. 1993 шықәса декабр 12 рзы Жәлар Рҧыза, Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет аҟны Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аиҿкааразы Ақәҵара инапы аҵеиҩит. Уи даара ибзианы еиликаауан аҳәынҭқарра аҿиараҿы аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҭыҧ ду шааннакыло, уи шьаҭас ишамоу.

Аибашьра ашьҭахьтәи акыр иуадаҩыз аамҭазы имариамызт иааинырсланы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҧҵара, ауадаҩрақәа ирыхҟьаны В.Г. Арӡынба уи аҧҵаразы инапы зҵаиҩыз аусҧҟа аус ауртә еиҧш амч анаиуз хышықәса рышьҭахь 1997 шықәса жьҭаара 30 рзы еиҿкаан Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа раҧхьатәи аилазаара. Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа раҧхьатәи апрезидентс далхын еицырдыруа абызшәадырҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Шоҭа Ҟасҭеи-иҧа Арсҭаа. Ҳәарада, ари акрызҵазкуаз хҭыс дуун Аҧсни аҧсуа жәлари рзы. Уи нахыс, 1997 шықәса жьҭаара 30 рзы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҧҵара иамшны ишьақәгылеит.

Иахьа Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа анапы алакуп аҭҵаарадырратә хырхарҭақәа жәпакы, аус руеит аҟәшақәа хҧа: агуманитартә, асоциалтә ҭҵаарадырра, афизика-математикатә, атехникатә ҭҵаарадырра, амедицина-биологиатә, ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадырра, Адгьыл азы аҭҵаарадырра. Урҭ рнапаҵаҟа иҟоуп хазы-хазы ирыҵаркуа ала аҭҵаарадырратә усҳәарҭақәа.

Раҧхьатәи аҟәша иаҵанакуеит Аҧсуаҭҵааратә институт, анаҩс – Азини аекономикеи ринститутқәа; аҩбатәи – Аҟәатәи афизика-техникатә институт, Агидрофизикатә институт, иара убас, Аекологиа аинститут; ахҧатәи – аексперименттә паталогиеи атерапиеи ринстиут, Аботаникатә институт, Ақыҭанхамҩатә институт, иара убас А.Кәыџба ихьӡ зху акурортологиеи итрадициатәым  амедицинеи рцентр.

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҟны иҟоуп 15-ҩык академикцәа, 11-ҩык алахәыла-корреспондентцәа, 19-ҩык – ҳаҭыр зқәуи, аҳәаанырцәтәи алахәыла-корреспондентцәеи. Академиа анапаҵаҟа иҟоу аусҳәарҭақәа рҟны аус руеит 400-ҩык инареиҳаны аҭҵааҩцәа. Убарҭ рахьтә 29-ҩык аҭҵаарадырратә докторцәа ыҟоуп, аҭҵаарадыррақәа ркандидатцәа – 93-ҩык:

25 шықәса оумак ирацәам, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа даара иқәыҧшу еиҿкаароуп, аха 25 шықәса рыҩнуҵҟала аҳәынҭқарра арҿиараҿы ҳбызшәа ҳҭоурых, ҳҵас, ҳқьабзқәа уҳәа егьырҭ атәыла анҭыҵ аӡыргара, дырдырра аҟны ҳаҭҵаарадырратә усзуҩцәа, ҳҵарауаа ирылшаз рацәоуп.

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа 25 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаҧгатә хацыркын абҵарамза 2 рзы, иагьхыркәшан абҵара хәба рзы.

Уи еиҿкаан еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла, раҧхьатәи амш азы, Аботаникатә институти Ақыҭанхамҩатә Институти рҿы имҩаҧган аспирантцәеи аҵарауаа қәыҧшцәеи злахәыз аҭҵаарадырратә конференциа.

Аҩбатәи амш азы, ари аҭҵаарадырратә конференциа иацҵан хыхь зыӡбахә ҳәоу аинститутқәа рҿеиҧш Аҧсуаҭҵааратә институт аҿгьы.

Абҵара 4 рзы, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа 25 шықәса ахыҵра иазкыз агәырҕьаратә еилатәара ахь ииасаанӡа,  ашьыжь асааҭ 10 рзы ашәҭқәа шьҭарҵеит уи аҧҵаҩы, аиҿкаара зыбзоуроу Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба анышә дахьамадоу имемориалтә комплекс аҟны.

Анаҩс, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа 25 шықәса аҵра иазкыз агәырҕьаратә еилатәара хацыркын. Уи ааиртит 2013 шықәса раахыс Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахадас иҟоу афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик Зураб Џьота-иҧа Џьапуа. Уи ашьҭахь, иарҳәан Аҧсны Агимн. Анаҩс, агәырҕьаратә еилатәарахь имҩахыҵыз саси-аҧшәымеи идырбан 25 шықәса рыҩнуҵҟала Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа имҩаҧнагаз аусура нарҭбааны изныҧшуаз авидеофильм.

Агәырҕьаратә еилатәара аҟны Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада З. Џьапуеи аколлективи аиубилеи  рыдныҳәало Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа имариамыз амҩа ишанысыз, иалнаршазгьы шырацәоу, иқәгылараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит: «Уи аҧҵара зыбзоуроу, Аҧсны раҧхьатәи Аҳәынҭқарра Ахада Владислав Арӡынба шьахәла еиликаауан ҭҵаарадыррада Аҳәынҭқарра аҿиара, аҧеиҧш шаимуаз» – ҳәа.

Иажәа хыркәшо иҳәеит, аҭҵаарадырра аусзуҩцәа имҩаҧырго аус акыр шаҵанакуа, агәрагьы шиго, урҭ еиҵарааӡо аҿар рус ишацырҵо, ишеихарҳауа. Рлагала ҿыцқәа рҿгьы ақәҿиарақәа шырзеиҕьеишьо.

Аҳәынҭқарра Ахада инапы зҵаиҩыз Аусҧҟақәа дрыҧхьеит уи Иусбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба. Аҭҵаарадырратә усзуҩцәа аӡәырҩы иранашьоуп ахьыӡ ҳаракқәеи «Ахьӡ-Аҧша» аордени. Урҭ иреиуоуп: Аслан Аҩӡба, Петр Кәыҵниа, Леонид Саманба, Заур Шьалашьаа, Нелли Аршба, Марина Барцыц, Руслан Қапба, Сергеи Бебиа уҳәа убас егьырҭгьы.

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аиубилеи рыдиныҳәалеит: Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, уи иқәгылараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ихадоу аҭыҧ шааннакыло Аҳәынҭқарра аекономика аиҭашьақәыргылараҿы, аҿиараҿы, уи аганахьала аҭҵаарадырратә усзуҩцәа рлагала шырацәоу, аҵарауаа қәыҧшцәагьы шеиҵарааӡо.

Ирацәаҩуп, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аиубилеи рыдызныҳәалаз аҵарауаа. Урҭ рахьтә хыҧхьаӡара рацәала  Урыстәыла еиуеиҧшым ареспубликақәеи ақалақьқәа рҟнытә аиубилеи рыдныҳәало иқәгылеит: Аҧсны даара бзиа избо, ианыуадаҩыз аамҭақәа рзы иацхраауаз, аҧсуа жәлар згәы рзыбылуа, хаҭала Аҧсны Аҳәынҭқарра Раҧхьатәи Ахада В.Г.Арӡынба иҩызаз, иахьагьы Аҧсни аҧсуа жәлари ирҩызоу Аҵареи, аҭҵаарадырреи, аҟазареи, акультуреи Жәларбжьаратәи р-Словиантә академиа апрезидент Сергеи Бабурин, Аҵарадырра Урыстәылатәи академиа апрезидент ихаҭыҧуаҩ Геннади Онишьченко. Аҭҵаарадыррақәа Урыстәылатәи Ракадемиа Никиттәи аботаникатә баҳча Амилаҭтә ҭҵаарадырратә центр аиҳабы Иури Плунатар, Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Ҟабарда-Балкариатәи аҭҵаарадыррақәа рцентр анапхгаҩы Залимхан Нагоев уҳәа убас ирацәаҩны.

Урҭ зегьы акыр ажәа ҧхақәа рҳәеит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи уи анапаҵаҟа аус зуа аҭҵаарадырратә усзуҩцәеи рыхьӡала иара убас, иазгәарҭеит, иацназго тәыла шыҟам, аҧсуаа згәы ҭбаау, зысасдкылара ҳараку ракәны ишырбаз.

Аиашазы, агәырҕьаратә еилатәара ишаҧыз еиҧш имҩасит, уи иацын агәалаҟазаара  бзиа, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аусура ахәшьара бзиа аҭауа, аҳамҭақәа ранашьан. Ҳәарада, аҭҵаарадырратә усзуҩы изы иреиҳау ҳамҭоуп, уи иџьабаа анеилыркаауа, изыҧсоу ала ахә аныршьо. Агәырҕьаратә еилатәара ахыркәшамҭаз аӡәырҩы аҭҵаарадырратә усзуцәа, хаҭала, аҵарауаа ҿарацәа, русураҿы иаадырҧшыз аихьӡарақәа рзы иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәа.

Алиса Ѓәажә-Ԥҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me