Мшаҧы 25, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Жәлар рныҳәа "Лыхнашҭа"

Октиабр 30 рзы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан имҩаҧысит традициала ишьақәгылахьоу аҽаҩра аныҳәа "Лыхнашҭа". Жәлар рныҳәа иалахәын Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Беслан Џьопуа, Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра Реилазаара иалоу, ауаажәларра.

Хыҧхьаӡара рацәала уахь инеиз дрыдныҳәалеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа:

"Ажәлар шәхаҵкы! Шәеибабара, шәеиқәшәара еснагь абзиа иазҳәазааит. Лыхнашҭа - Аҧсны аҳ иаҳҭынра ахьыҟаз, Аҧсны жәлар ргәы иҵхоз азҵаарақәа иахьрылацәажәоз, иахьырыӡбоз ҭыҧуп. Лыхнашҭа шаҳаҭра ауеит Аҧсны имҩаҧысхьоу ахҭыс дуқәа, ҳахаанны, иаҳдыруа ҳаҧсадгьыл азы иҟамлац агәкаршәра. Иахьагьы адунеи аҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа жәбоит. Еснагь еиҧш иахьагьы иаҳҭахуп аидгылара, аилибакаара.  Ҳәоуеиқәшәарала, патула, ҳаҭырла ҳанеибаба, уаҵәтәи амш еиҳагьы еиҕьхоит. Ус сара сазхәыцуеит. Иахьа аныҳәа ҳаиднакылеит, анхацәа шәчеиџьыка шәнапы иқәыргылан асасцәа шәырҧылоит. Иҭажәгало гәырҕьа-чысла инышәхлааит! Ҽаанбзиала!".

Гәдоуҭа араион Ахадара аиҳабы актәи ихаҭыҧуаҩ Валери Аҩӡба иакәзар, араион анапхгара рыхьӡала аҽаҩра аныҳәа рыдиныҳәалеит. Ажәлар рлахьыҵа иамадаз аусқәа еснагь иахьрылацәажәоз, иахьырыӡбоз араҟа акәын. Еснагь абзиара иатәу аусқәа рзы аиқәшәара раҭәеишьеит ари аҭоурыхтә ҵакы змоу аҭыҧ аҟны. Атрадициа бзиа змоу аныҳәа ҩаҧхьа амҩаҧгара аҧшьгоуп. Гәдоуҭааи Афонҿыцааи реиҧш, уахь инеит ҩеижәа қыҭа рҟынтәи. Аныҳәахь инаргеит аҽаҩра - хкы-хкыла аҿамаҿа, ашәыр, ауҭраҭых, аҭаҭын, ажь, аџьықәреи, аҧсуа уатка, аҩы, аџьынџьыхәа, уахьынаҧшуаз иубарҭан ишеибгаз  аҵәы иахаҵаны ирӡуаз ацә. Абарҭқәа зегьы агәахәара бзиа рнаҭон аҭааҩцәа, аныҳәа иалахәыз. Агәаҳәара змаз, досу днеины ииҭахыз аҧсуа чеиџьыка агьама ибон, Аҧсны  аҭынчреи аинҭәылареи рзы аныҳәаҿа ркуан. "Лыхнашҭа" ицәыргақәҵан жәлар рнапкымҭақәеи аҧсуа ҭаацәарақәа ржәытә фотосахьақәеи. Ишаҧу еиҧш, ашәақәеи акәашарақәеи рыла аныҳәа алахҿыхра иацырҵон. Аныҳәа иазкны еиҿкаан аконцерттә программа, Гәдоуҭа араион арҿиаратә коллективқәа алархәны. Аҽыбҕаҟазацәа ракәзаргьы рҟазара ддырбеит.

Саси ҧшәымеи рзы агәалаҟара бзиа зцыз жәлар рныҳәа иалахәыз агәҭахәыцра шьахәқәа рзыннажьит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me