Аԥышәаратә ԥырра

Иахьа, февраль 7 рзы Аԥсны жәлар 30 шықәса инареиҳаны иззыԥшыз ахҭыс ҟалеит.
Абарҭ аминуҭқәа рзы В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза "Аҟәа"аҟны аԥышәаратә ԥырра мҩаԥызгоз аҳаирплан тәеит.

Уи шьҭыԥрааит Урыстәылатәи Афедерациа ақалақь Москва аҳаиртә баӷәаза "Внуково"аҟынтә.Аҳаирплан аԥышәаратә ԥырра ареис иацааит Аԥсны ахадарахьы акандидат Бадра Гәынба, урыстәыла аҵара зҵо Аԥснытәи астудентцәа
2023 ш.ноиабр азы Урыстәылатәи, Аԥснытәи аганқәа В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза "Аҟәа" аиҭашьақәыргылара аҳәынҭқарра -ахазхатә еиҩызаразы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит жәларбжьаратәи авиаеимадара аиҭарҿыцразы. Ҳазну аамҭазы ашьҭыԥраарҭа,атәарҭа цәаҳәақәа рзы аусурақәа хыркәшоуп. Қәҿиарала имҩаԥыргахьеит аԥышәарақәа, ахархәарахь ирыҭоуп аԥыррақәеи аимадарақәеи радиотехникала реиқәыршәаразы адгьылаҿтәи ахархәагақәа.
Аԥсны аҳаиртә баӷәаза ҩаԥхьа аиҭашьақәыргылара даараӡа аҵак ду амоуп аԥсуа жәлар зегьы рзы. ‎

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me