Мшаҧы 20, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Денис Гончар: "Аҧсни Аахыҵ-Уаҧстәылеи азхаҵаны, Урыстәыла ахы иаднаҵеит урҭ ршәарҭадареи рҧеиҧши рыхьчара"

"2008 шықәсазы "Аҧсни Аахыҵ-Уаҧстәылеи азхаҵаны, Урыстәыла ахы иаднаҵеит урҭ ршәарҭадареи рҧеиҧши рыхьчара". Абри атәы иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ИАР атәылақәа Аҧшьбатәи рдепартамент аиҳабы Денис Гончар РИА Новости иаиҭаз аинтервиу аҟны.

"Урыстәылатәи аган активла иацхраауеит ареспубликақәа рҳәынҭқарратә ргылареи рсоциал-економикатә рҿиареи, убрахь иналаҵаны изыхәҭоу аинвестициатә программақәа инарықәыршәаны, иарҕәҕәоит урҭ жәларбжьаратәи рпозициақәа. Иазгәаҭатәуп, абарҭ атәылақәа руааҧсыра реиҳараҩык иара убас Урыстәылатәи атәылауаҩра шрымоу, даҽакала иуҳәозар, Урыстәыла аганахьала Аҧсни Аахыҵ-Уаҧстәылеи мҽхакы ҭбаала рфинанстә цхыраара – ари ҳара ҳџьынџьуаа рыцхраарагьы ауп", – иазгәеиҭеит Гончар.

Урыстәылатәи адипломат Урыстәыла Украина имҩаҧнагауа арратә операциа ҷыда Аҟәеи Цхинвали иарҭаз адгылара "аидгыларатә еизыҟазаашьақәа ҷыдала иаазырҧшуа акоуп" ҳәа азиҳәеит, убрахь иналаҵаны Донбасс ауааҧсыра агуманитратә цхыраарагьы рыҭара.

"Ҳәарас иаҭахузеи, амчра ахырҳара змоу аинститутқәеи ҳаамҭазтәи аекономикеи раҧҵара – имариоу усым, ҿҳәара рацәала аҿиара аинтересқәа рганахьалагьы рацәак ирылаҵәаны аӡбамҭақәагьы лассы-лассы рыдкылара аҭаххоит. Аха иузамакуам, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩнуҵҟала Аахыҵ-Кавказтәи ареспублика қәыҧшқәа рыҩбагьы акыр ақәҿиарақәа шалдыршаз", – иазгәеиҭеит Гончар, иааигеит иажәақәа шьақәзырҕәҕәаша ацифрақәа жәпакы.

Аҵыхтәантәи жәаҩа шықәса рыҩнуҵҟала Аҧсны иааизакны аҩнуҵҟатәи аалыҵ амҽхак иазҳаит ҩынтә рыла – 2009 шықәсазы 15, 6 миллиард мааҭ рыҟнытә 2021 шықәсазы 37, 7 миллиард мааҭ рҟынӡа. Иара убри аамҭала адәныҟахәаахәҭратә еикәыршара хәынтә рыла ишьҭыҵит – 7, 1 инаркны 35, 92 миллиард мааҭ рҟынӡа, аекспорт акәзар – фынтә рыла, 0,88  инаркны ф-милиардк рҟынӡа. Аҳәынҭбиуџьет ахь алагалақәа шьҭыҵит: 2008 шықәсазы 1,7 миллиард мааҭ аҟнытә 2021 шықәсазы 9,111 миллиард мааҭ аҟынӡа.

Гончар иажәақәа рыла, ҳаҧхьаҟагьы хадара аманы ишыҟац иаанхоит 2014 шықәса ноиабр 24 азы "Урыстәылатәи Афедерациеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аидгылареи стратегиала аиҩызареи рзы" Аиқәшаҳаҭра анагӡаразы аусура ацҵара.

Адипломат иажәақәа рыла, акырӡа аҵанакуеит Урыстәыла алархәны аус зыдулаз 2022-2025 шықәсқәа рзы Аҧсны асоциал-економикатә рҿиара аҳәынҭқарратә программа, иара убас 2020 шықәса ноиабр азы ишьақәырҕәҕәаз Урыстәылаҿы иаҳзеиҧшу асоциалтә, аекономикатә қәыҧшылара ашьақәыргылара иазку апрограмма анагӡара.

Иааидкыланы Аахыҵ-Кавказ абри арегион аҟны иҟоу аҭынчра, ареспубликақәа рыҿиара иамоу ақәҿиарақәа ишьақәдырҕәҕәоит 2008 шықәсазы Урыстәыла знылаз амҩа шиашаз.

Аахыҵ-Кавказ аҟны аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи ирызку Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа реиҭарҿыцра азҵаара дазааҭгылауа, Денис Гончар иҳәеит: "Ҳара зныкымкәа иаҳҳәахьеит мзы рацәала Женеватәи аформат аус ахьамуа аҵыхәала иҳамоу агәҭынчымра. Уи иабзоураны аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аахыҵ-Кавказтәи арегион аҟны аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи алыршан. Зегьы хацыркхеит ҳазну ашықәс март анҵәамҭазы иазгәаҭаз џқ-тәи араунд амҩаҧгара ишьаҭаркымкәа мап ахьацәыркыз ООН-и ОБС-и ЕС-и рҟнытә "хҩык" ацхынтәаҩцәа. Уи азынӡа мчыбжьқәак шыбжьаз аиҿкааҩцәа адырра ҟарҵеит иазгәаҭоу аҿҳәарақәа рыла аиҧылара ҟалом ҳәа. Убри аан уи зыхҟьаз ҳәа акагьы цәыррымгеит,аделегациақәа реиҳарак араунд ахь ишнеиуа атәы рҳәахьан. Абри аҭыҧан Мраҭашәаратәи апартниорцәа рҟнытә уаанӡатәи арежим ала аусқәа рымҩаҧгара залшом ҳәа ҳаҳауан"

Мраҭашәара абри алогика уаҩы дықәныҟәозар, Гончар иажәақәа рыла, Швеицариа Женеватәи аицәажәарақәа рымҩаҧгара проблеманы иаақәгылоит.

"Берн Урыстәыла иаҿагылоу асанкциақәеи, егьырҭ адискриминациатә ҧкрақәеи аҽрыҧнашьызар, иара убас аурысцәа рцәымҕра рылаҽызар, Швеицариа џьаргьы иадзымцәыло аиҿцәажәарақәа ирҭыҧны изыҟалашам. Убри иахҟьаны, ҳара азҵаара шьҭаҳхит араундқәа даҽаҭыҧк ахь риагаразы.

Ацхантәаҩцәа рҟнытә ҳазыҧшуп ҳара ишьҭаҳхыз азҵаарақәа еилыхха уаҩы еиликаартә еиҧш аҭак ҟарҵап ҳәа", – иазгәеиҭеит Гончар.

Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аҧшьбатәи адепартамент анапхгаҩы акырӡа аҵанакуеит ҳәа иҧхьаӡоит Аахыҵ-Кавказ аҟны аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи ирызку аусура ацҵара.

"Раҧхьаӡа иргыланы, ҳазлацәажәауа ақырҭуа-аахыҵ-уаҧстәылатәи аҳәааҿы, аиланхарҭа Ергнеҭи аинцидентқәа раҧырҟәҟәаареи рхаҵгылареи рзы Амеханизм аилатәарақәа шымҩаҧысуа ауп. Ҳазну ашықәс азы аиҧыларақәа ҧшьба мҩаҧысит, анаҩстәи азгәаҭоуп сентиабр 23 азы. Алахәылацәа зегьы рзеиҧш гәаанагарала аҳәааҿы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа ахәшьара аҭоуп. Шьҭа иаанхаз – Гал, ақырҭуа-аҧсуа ҳәааҿы убри аусура аиҭарҿыцра ауп. Ҳазҧшуп убри аусура аиҭаларгаразы иҳаҩсыз ашықәс анҵәамҭазы Аҟәа ажәалагалақәа аофициалла рҭак ҳауп ҳәа ООН аҟнытә ацхантәаҩцәа рҿала", – идеилиркааит Урыстәылатәи адипломат.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me