«Урыстәылеи Белорусиеи Реидгылатә ҳәынҭқарра зҽадызҵарц зҭаху егьырҭ аҳәынҭқаррақәа реиҧш, абри аҩыза алшара ҟалар, ҳара гәахәарыла ҳадгылон убри аидеиа, насгьы убри аҳәынҭқарра азин наӡа змоу лахәыланы ҳҟалон. Аидгылатә ҳәынҭқарра аидеиа ҳара иаҳзааигәоуп, Аҧсны жәлар ирзааигәоуп, ҳмилаҭ интересқәа ирықәшәоит», – иҳәеит Бжьаниа. Ахада иажәақәа рыла, Аҧсны еилыркаауеит ганкымацаралатәи адунеи анеилаҳа аҵабырхаҭа ҿыцқәа раан, Урыстәылатәи Афедерациаҿы аидгыла ҕәҕәа амазаара шаҭаху. Украина аоперациа ҷыда қәҿиарала ианхыркәшахалак, даҽа ҭагылазаашьа ҵабыргк шьақәгылоит, Урыстәыла иаҩызаҵәҟьаны зхы аазырҧшыз рыла иаҧҵахоит Аидгылатә ҳәынҭқарра ацәаара ҿыц».
Аҧсны Ахада далацәажәеит Аҧсны ашҟа абеларус бизнес иаанарҧшуа аинтерес атәгьы. «Аҵыхәтәантәи аамҭазы абеларус бизнес Аҧсны ашҟа азҿлымҳара аанарҧшуа иалагеит, саҧыҩлар сҭахым, уажәы аицәажәарақәа мҩаҧысуеит. Ҳазну аамҭазы абизнесуаа гәыҧҩык Аҧсны иҟоуп», – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Уи иажәақәа рыла, армазеира иаҿуп еицаҳзеиҧшу абеларус-аҧсуа проект. «Ҳара аусура иалаҳаргоит даара аинтерес зҵоу еицаҳзеиҧшу абеларус-аҧсуа економикатә проект, сгәыҕуеит, нас анаҩсан ҳаимадарақәа иаҳа еизааигәахап ҳәа, ҳара ҳабжьы раҳап, ҳарбап, ҳагьеилыркаап ҳәа», – иаҵишьит Бжьаниа.
Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аканал «Россиа» аҟны «Владимир Соловиов ихәылҧаз» ҳәа апрограмма аефир аҿы иҳәеит, Аҧсны шазхиоу Урыстәылеи Белорусиеи Реидгылатә ҳәынҭқарра иахәҭакны аҟалара. Уи иазгәеиҭеит абри аидгылара аусура аҽалархәрала Аҧсны аҧеиҧш шибауа. Инал Арӡынба иажәақәа рыла, Аҧсны ашҟа абелорусцәа ринтерес шьҭыҵуеит, урҭ иазгәарҭоит атәылаҿы акриминогентә ҭагылазаашьа шеиҕьхаз. Иара убас Аҧсны азакәанҧҵареи, Урыстәыла азакәанҧҵареи, Евразиатәи аекономикатә еидгыла астандартқәеи реизааигәатәра иаҿуп, ҷыдала аҳазалхра аганахьала. Ари ҳаҿиаразы иҧсабаратәу мҩоуп, инхарҭәааҵәҟьаны ҳадгылоит Евразиатәи апроцессқәа рырҿиара аҽалархәра, – иҳәеит Арӡынба.