1959-1964 ш.ш. рзы аҵара лҵон Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҟны. Иреиҳау аҵара анхлыркәша 1964-1968 ш.ш. раан Аҟәа рҵаҩыс аус луан. Аха данқәыҧшыз инаркны ажурналистика дазҿлымҳахахьан. Уи агәыблра шьҭылкааит лаб Николаи Константин-иҧа иҟнытә. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәыз Николаи Киут аус иуан амилаҭтә газеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны») аредакциаҿы, аҟәшақәа руак напхгарагьы аиҭон, Аҧсны араионқәа рҟны уи ибзианы дырдыруан, ҳаҭыргьы иқәын. Рыцҳарас иҟалаз, инагӡаны иразҟы ицымныҟәеит, амҩатә машәыр иахҟьаны иҧсҭазаара ҿахҵәеит 52 ш. дшырҭагылаз. Нелли Киут лаб изанааҭ ала, уи изынамыгӡаз иусқәа лара ирыцылҵарц гәҭакыс ишьҭылхуеит. Абасала, 1967 ш. инаркны агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» акультура аҟәша аҟны литературатә усзуҩыс дрыдыркылоит. Араҟа еиуеиҧшым ашықәсқәа раан аус рыцылуан ажурналистикаҿы аҧышәа змаз апублицистцәа, ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа. Уи иабзоураны аҧышәа лырҳаит, аҧсуа интеллигенциа аӡәырҩы дырзааигәахеит, лзанааҭ есааира дагәыланахалон.
1993 ш. нахыс – 2021 ш. рзынӡа Нелли Киут аредакциа аусура ахырхарҭақәа ируакыз ашколтә ҧсҭазаара асектор еиҳабыс дарҭоит. Агазеҭ аҟны, уаанӡеиҧш лассы-лассы илкьыҧхьуан лстатиақәеи, лочеркқәеи, лрепортажқәеи. Аҵара-ааӡара аус иаҵанакуаз акьыҧхь ианлырҧшуан, аихьӡарақәа реиҧш ицәырылгон апроблемақәагьы. Аха, аганахь иаанлыжьуамызт акультуреи алитературеи ирзылкуаз атемақәа. Дышнеи-шнеиуаз алитературатә рҿиамҭақәагьы аҧылҵо далагеит. Аочеркқәа реиҧш илыҩуан аетиудқәа, ажәабжьқәа. Урҭ апериодикатә кьыҧхь ианылон. Иҟалалон аурысшәахь еиҭаганы акьыҧхь анырбозгьы. Лҩымҭа ҿыцк аҧхьаҩцәа рҟынӡа ианналгалак агәахәара ду лнаҭон. Абарҭқәа зегьы ишьақәдырҕәҕәоит Нелли Киут аҧсуа доуҳатә культура аҿиара дшалагылаз, гәык-ҧсыкалагьы амаҵ шазылуаз. Агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» («Аҧсны») 60 ш. ахыҵра инадҳәаланы иланашьан Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Аҳаҭыртә шәҟәы, иара убас зныкымкәа иланаршьахьан Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла апремиа.
Аханатә еиҧш, Нелли Киут алахҿыхра лыцын, гәыҵхак лымазаргьы илынлырҧшуамызт, ауаҩытәыҩса зегьы иреиҳаны ҳазшаз иаҭәеишьаз аҧсҭазаара ахә лшьон, аҵакы еилылкаауан. Убри аҟнытә, лҩызцәа-лықәлацәа, леиҵбацәа, илдыруаз-дыздыруаз лгәыблра рзынлыжьуан, дзыҿцәажәоз аҧсҭазаара ргәалырҧхон. Абас дыҟан ианлаамҭаз иахәҭаз аҵара зауз, аҧсшәеи аурысшәеи еиҧшны, еиҟараны еицназгоз, аҧсуа классикцәа реиҧш, аурыс классикцәа рырҿиамҭақәа инарҵауланы издыруаз, адунеитә литература иаҧхьоз, ахцәажәараангьы зхатә гьама змаз ақалақь ҧҳәызба. Нелли Киут аҧсҭазаара даӡрыжәхьан, абаҩхатәра злаз ажурналистцәа ҿарацәа реизҳара деигәырҕьон. Лаб Николаии лан Вереи рдунеи рыҧсаххьазаргьы рышьҭа аанрыжьит – хҩык рыхшара Нелли, Наҭела, Валери иаҧсаны руаажәлар ирыладыргылеит, иреиҳау аҵара роуит еиуеиҧшым азанааҭқәа рыла. Иаамҭамкәа зыҧсҭазаара ҿахҵәаз аҳақьым изанааҭ змаз Валери иакәзар, Аҧсны еиҧш, Урыстәылагьы анапхгаратә маҵурақәа ныҟәигахьан.
Еиуеиҧшым ашықәсқәа раан Аҟәа иҭыжьын Нелли Киут лажәабжьқәеи лочеркқәеи еидызкыло ашәҟәқәа. Урҭ иреиуоуп: «Ашьоуцәа ҿарацәа», «Шаҟа иссирузеи ари адунеи», «Абзиабара агәеисыбжь», «Ааҧынтәи амотивқәа».
Аҵыхәтәантәи аамҭазынӡагьы уи лзанааҭ дацәхьамҵыцызт, лҩымҭақәа агазеҭ адаҟьақәа ирнылон. Ажурналистика лыҧсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалан, уи ада лхаҿгьы илзаагомызт.
Акыр шықәса инеиҧынкыланы амилаҭтә газеҭ «Аҧсны» аредакциаҿы аус зухьаз Нелли Николаи-иҧҳа Киут лҭынхацәеи, лҩызцәеи, лколлегацәеи реиҧш, даҧхеит амилаҭтә журналистика, инеизакны аҧсуа доуҳатә культура. Наунагӡа лгәалашәара рыцзаауеит уи дыздыруазгьы.
Агазеҭ «Аҧсны» аредакциа аусзуҩцәа