Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Афымцамч иазычҳауам аԥарарҳара

Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагыларазы Ареспубликатә штаб изаамҭанытәу аилатәара мҩаԥигеит.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган ареспубликаҿы  афымцамч ала аиқәыршәара инадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа акыр ишыуадаҩу азгәалҭеит. Убас, ицәырҵыз адефицит ахарҭәааразы аҳәынҭқарра иазоунажьхьеит  335 миллион мааҭ. Зынӡа Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи иаашьҭхо афымцамч азы ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәынмзазы даҽа 600 млн. мааҭ инареиҳаны иԥшаатәуп. Убри аан Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ 2023 шықәса 11 мзы рыла афымцамч ахархәара алаҟәра 330 млн кВт/с. рҟынӡа инаӡеит, урҭ рахьынтә 205 млн кВт/с. изакәанымкәа афымцамч ахархәара аԥырҟәҟәааразы имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа ирылҵшәахеит ҳәа иазгәалҭеит.

Аԥсны амаининг ақәиҭымтәразы ақәҵара аиҳабыра ирыдыркылеит 2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы. 2021 шықәса ԥхынҷкәын 31 рзы ари ақәиҭымтәра иацҵан 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа, анаҩс 2023 шықәса анҵәамҭанӡа. Иара убасҵәҟьа атәылахь акриптовалиута арҳаразы амаругақәа ралагаразгьы аԥкрақәа ирыцҵан.

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы иҟанаҵо адыррақәа рыла, 2016 шықәса инаркны цәыббрамза, 2020 шықәсанӡа ареспубликахь иааган 66 857 цыра амаининг-еиқәыршәагақәа. Убри аан , 2020 шықәса инаркны Аԥснынтә иалганы иган  27 152 цыра акриптовалиута арҳара иазку амаругақәа.

Азинхьчаратә усбарҭақәа рыла 2020 шықәса инаркны ирымхуп, анаҩс аамҭалатәи ашьҭаҵарҭақәа рахь инагоуп  6 415 аппарат, 2023 шықәса, жәабранмза инаркны атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра ала иаарԥшхеит  3 431 аппарат.

Аха, Кристина Озган лажәақәа рыла, уи изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагыларазы иқәыргылоу ахықәкқәа зегьы рынагӡара алнаршеит ҳәа уҳәаратәы иҟам. Акриптовалиута арҳара иазку аиқәыршәагақәеи амаругақәеи рымхра азԥхьагәазҭо афымцамч изакәанымкәа ахархәара аҿагылара иазку азакәан апроект  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахь ашьақәырӷәӷәаразы инагоуп.

Атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа рыԥшаареи, рцәыргареи, рымхреи, иара убас закәаншьаҭада афымцацәаҳәақәа раҿакра аԥырҟәҟәаареи  иазырханы имҩаԥырго аусуразы адырра ҟаиҵеит. Иара Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аҟәшақәа зылҵшәа маҷу русура дақәыӡбаны дцәажәеит. Уи изакәанымкәа амаининг знапалаку рнаҩс, ишьақәгылаз аҭагылазаашьаҿы зхара ыҟоу амаҵурауааи аҭакԥхықәра ишақәыршәахо азы инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Аштаб аилатәара аихшьалақәа ҟаҵо, атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб «Амшынеиқәафымцамч» араионтә ҟәшақәа рнапхгаҩцәа хаҭала ирыду аҭакԥхықәра атәы ҩаԥхьа иргәалаиршәеит, уи  ақалақьи араиони рҟны иҟоу аҭагылазаашьа бзиаӡаны иҭҵааны, изакәанымкәа ишьақәыргылоу атрансформаторқәа реимыхра иадҳәалоу аусура ацҵаразы адҵа ҟаиҵеит.

Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ареспубликахь амаининг азы аппаратқәа раагара аԥхьырҟәҟәаара иазкны аусура арӷәӷәаразы адҵа ҟаҵоуп.

Аусура алҵшәақәа ирылацәажәахоит ҩымчыбжь рышьҭахь.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me