Аԥсшьарамшқәеи аныҳәамшқәеи ахьеиқәшәауа инамаданы, абарҭ аԥсшьарамшқәа ииагахоит:
2023 ш. декабр 31 (амҽыша) ианвар 9 (аҩаша) ахь; ианвар 6 (асабша) ианвар 10 (ахаша) ахь; ианвар 7 (амҽыша) ианвар 11 (аԥшьаша) ахь; ианвар 14 (амҽыша) ианвар 15 (ашәахьа) ахь; маи 5 (амҽыша) маи 6 (ашәахьа) ахь.
Аԥсшьарамшқәеи аныҳәамшқәеи еиҷаҳарала ахрархәара хықәкыс ишьҭыхны аусура мшы ианвар 12 (ахәаша) ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.
Мшаԥныҳәа амҽыша (маи 5) аҽны иахьазгәарҭо аҟнытә, ашәахьа (маи 6) ԥсшьарамшуп.
Аарыхратә мзар инақәыршәаны Аԥсны 2024 шықәса ианвар азы иҟоуп аԥсшьарамшқәа 19.